Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсни Урысҭәылеи ААР реиҳабацәа Шәача аиҿцәажәарақәа мҩаԥыргоит

© Sputnik / Михаил Мокрушин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраГорода России. Сочи
Города России. Сочи - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.12.2021
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынҷкәын 19 – Sputnik. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Шәачаҟа дцеит урыстәылатәи иколлега Сергеи Лаврови иареи реиҿцәажәаразы, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра асаит.
Аиԥылара мҩаԥгахоит ашәахьа ԥхынҷкәын 20 азы.
Аиҿцәажәара аҳәаақәа ирҭагӡаны иазгәаҭоуп Аԥсни Урыстәылеи реизыҟазаашьеи, адәныҟаполитикатәи, ашәарҭадареи ирызку азҵаарақәа.
Sputnik Аахыҵ Уаԥстәыла ишаанацҳуа ала, ԥхынҷкәын 20 азы имҩаԥысуеит Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров Аахыҵ Уаԥстәылатәи иколлега Дмитри Медоеви иареи реиԥылара. Иазгәаҭоуп, Лаврови Медоеви Арӡынбеи реицәажәара шымҩаԥысуа ҩ-ганктәии х-ганктәии аиԥылара аформат ала.
Инал Арӡынба изын ари раԥхьатәи еиԥылароуп Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр иаҳасаб ала Урыстәылатәи адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров иԥылара.
Ажәабжьқәа зегьы
0