Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Sputnik амчыбжь: агоспиталь Аԥснынтә ацара, адепутаттә иммунитет, аҳаиртә баӷәаза аԥеиԥш

© Sputnik / Томас ТхайцукСухумский аэропорт
Сухумский аэропорт - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.12.2021
Анапаҵаҩра
Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны иазнархиеит ԥхынҷкәын 13-19 рзы еиҳа иалкаахаз ахҭысқәа.
Ари амчыбжь азы Апарламент адепутатцәа ирыӡбеит рколлегацәа адепутаттә лакьымсра рхыгара, Аҳәынҭқарра ахада усутә ныҟәарала Афон Ҿыц даҭааит, Урыстәылатәи аковид-госпиталь аусура хыркәшаны ицеит.

Sputnik

Адепутаттә лакьымсра

Ԥхынҷкәын 16 азы Аԥсны апрокурор хада Адгәыр Агрба Жәлар Реизара адепутатцәа Гарри Кокаиеи Алмасхан Арӡынбеи рдепутаттә лакьымсра рхыхрази рганахь ала ашьаус ахацыркрази Апарламент ахь анашьҭымҭа ҟаиҵеит.
Ԥхынҷкәын 17 рзы имҩаԥысыз Аԥсны Апарламент аилатәараҿы Жәлар Реизара адепутатцәа Гарри Кокаиеи Алмасхан Арӡынбеи рдепутаттә лакьымсра рхыхра мап ацәыркит.
Аилатәара иалахәыз 20-ҩык адепутатцәа рҟынтәи Кокаиеи Арӡынбеи рдепутаттә лакьымсра рхымхразы рыбжьы арҭеит 17-ҩык.
Парламент РА - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.12.2021
Аԥсны
Адепутатцәа Алмасхан Арӡынбеи Гарри Кокаиеи рдепутаттә лакьымсра рхыхра мап ацәыркит
"Сгәаанагарала, ари аӡбамҭа азакәаншьаҭа амоуп, аха сара сахьахәаԥшуа ала, ииашаӡам, иара убас иобективым. Избан акәзар, адепутатцәа рганахь мацара акәӡам ашьаус шхацырку, ахара рыдҵоуп амилициа аусзуҩцәагьы, аминистр ихаҭыԥуаагьы. Адепутатцәа рыбжьы арымҭаӡеит. Иахьатәи аамҭазы ахара зыдҵахо зуалԥшьа назыгӡоз амилициа аусзуҩцәа заҵәык ракәхоит", - иҳәеит ари аӡбымҭа ахҳәаа аҭо апрокурор хада.
Агрба иҳәеит рдепутаттә лакьымсра рхыхра мап ахьацәыркыз азгәаҭаны анаҩстәи ашьаусҭҵаарақәа шымҩаԥырго.

Аҳәынҭқарра ахадеи адепутатцәеи реиԥылара

Ԥхынҷкәын 15 азы Аԥсны ахадеи Жәлар реизара адепутатцәеи реиԥылара мҩаԥысит. Аслан Бжьаниа Апарламент адепутатцәа рԥылараан еиҭеиҳәеит Аинвестпрограмма –2023-2025 аганахь ала аекономикатә ҟәша ацхыраараз ишазԥхьагәанаҭо миллиардки 800 миллион мааҭ.
Арҭ аԥарақәа акредитқәа рыпроценттә зыԥҵәақәеи аныхрақәа рхарҭәаарақәеи ирзырхахоит ҳәа иҳәеит иара.
Президент Абхазии Аслан Бжания на встрече с депутатами - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.12.2021
Аԥсны
Бжьаниа аекономикатә ҟәша Аинвестпрограмма аганахь ала ацхыраара аиуеит
Иара убас, Аслан Бжьаниа Жәлар реизара адепутатцәеи иареи алацәажәеит аҳаиртә баӷәаза аартра. Иара иҳәеит, ашықәс нҵәаанӡа аиқәшаҳаҭра анапы шаҵанаҩуа Аҟәатәи аҳаиртә баӷәаза аргыларазы апроекттә институт.
Аҳаиртә баӷәаза – ари зқьыла аусурҭа ҭыԥқәа, акурорттә усхк аҿиара, атәыла аекономика ашьҭыхра ауп иҳәеит иара.
Ԥхынҷкәын 16 азы Аминистрцәа реилазаара АУН "Аԥснытәи авиацәаҳәақәа" аԥҵаразы аекономика аминистрра аҭара иақәшаҳаҭхеит имҩаԥысуаз аилатәараҿы.
Последствия африканской песчаной бури на юге России. - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.12.2021
Аԥсны
Урыстәылатәи аексперт "Аԥснытәи авиацәаҳәақәа" аԥҵара ахәшьара аиҭеит
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Апарламент адепутатцәеи иареи реиԥылараан ауааԥсыра рахь ааԥхьара ҟаиҵеит ԥхынҷкәын 21 азы аоппозициаа имҩаԥырго амитинг рҽаладмырхәырц.

Афонҟа агәаҭаразы

Ԥхынҷкәын 17 азы Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа усутә ныҟәарыла Афон Ҿыц даҭааит. Аслан Бжьаниа ибеит Аинвестпрограммала Афон Ҿыц иргылаз ахәыҷбаҳча "Алашара".
Ахәыҷбаҳча "Алашара" 2017 - 2019 шықәсқәа рзы иргылан Аинвестпрограммала. 2020 шықәса цәыббра 1 азы аусбарҭа аартын, аха 2021 шықәса, лаҵарамзазы иадыркыр акәхеит.
Ааӡаҩцәа ишырҳәоз ала ашҭаҿы амаҭқәа цәырҵуа иалагеит, ахыбра аҩнуҵҟа ишьшьеит, ахыбра аӡы аҵалеит.
Акапиталтә ргылараз аусбарҭа аиҳабы Ҭемыр Агрба иажәақәа рыла, анардадаҩ уажәазы ахыбра аҿы аусурақәа хиркәшоит, аимҟьарақәа ҭадырҭәоит, аҭагылазаашьа аҟазауаа ахылаԥшлоит иҳәеит иара.
Вид на Новый-Афон - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.12.2021
Аԥсны
Ахада даҭааны ибеит Аинвестпрограммала Афон Ҿыц иргылаз ахәыҷбаҳча
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Афон ҿыц аӡымҩангага аиҭашьақәыргылара шымҩаԥысуа гәеиҭеит.
Акапиталтә ргылара аиҳабы Ҭимур Агрба иажәақәа рыла, аихшаратә ҳақәа рырҽеиразы аԥаразоужьра алимит 100 миллиони 664 нызқьмааҭ шыҟоу. Аусурақәа ҩышықәса ҳәа еихшоуп. Сынтәа иазырхоуп 17 миллиони 919 нызқьмааҭ. Иааизакны 15 310 метра аҟынтәи 4600 метра аӡымҩангагатә цәаҳәақәа шьҭаҵоуп.
Ситуация с питьевой водой в Крыму - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.12.2021
Аԥсны
Бжьаниа Афон ҿыц аӡымҩангага аремонт шымҩаԥысуа гәеиҭеит
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Анхәа ақыҭаҿы амҩахәҭаҟны аусурақәа шцо гәеиҭеит.
Аиҭашьақәыргыларазы иазоужьуп 20 миллион мааҭ. Хә-миллионк ахархәара арҭахьеит. Аусурақәа ҩ-хәҭакны имҩаԥысуеит.
Гәдоуҭа араион Анхәа ақыҭа амҩа 30 -70 метра иҳәазеит 2021 шықәса аԥхынра алагамҭаз. Иҳәазаз амҩахәҭа арӷәӷәага ҭыӡқәа дыргылоит, ашьаҟақәа аҵадыргылоит.
Ремонтные работы на участке дороги в селе Анхуа  - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.12.2021
Аԥсны
Ахада Анхәа ақыҭаҿы амҩахәҭа аремонт шцо гәеиҭеит

Ааԥыни алхрақәеи

Аслан Бжьаниа Аусԥҟа инапы аҵеиҩит Апарламент ахь алхрақәа рзы. Уи мҩаԥгахоит хәажәкыра 12, 2022 шықәсазы.
Аԥсны Жәлар Реизара ахь афбатәи алхрақәа мҩаԥысит хәажәкыра 12, 2017 шықәсазы. Жәлар Реизарахь адепутатцәа алырхуеит 5 шықәса ҿҳәарас аҭаны.

Ацхырааҩцәа рцара

Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра амобилтә госпиталь ԥшьымзтәи аусура ашьҭахь Аԥснынтәи ицеит ԥхынҷкәын 16 азы.
Амобилтә госпиталь Аԥсны аҟазаара иалагӡаны иаднакылеит ҩ-нызқь рҟынӡа ауааԥсыра. Стационар ҳасабла аҽыхәышәтәра иахысит 645-ҩык, амбулатор ҳасабла – зқьи хәышә-ҩык.
Агоспиталь аиҳабы Абдулмеджид Магомедов иҳәеит амобилтә госпиталь раԥхьа рыҟазаара аасҭа уажәы еиҳа ишырацәаз ачымазара уадаҩны изхызгоз. Иара убасгьы иазгәеиҭеит, алаҵа ззыҟаҵаз рчымазара еиҳа ишԥсыҽыз.
Сворачивание военного госпиталя в Сухуме  - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.12.2021
Аԥсны
Урыстәылатәи аковид-госпиталь аиҳабы Аԥсны русура аихшьаалақәа ҟаиҵеит

Ишәарҭоу ацҳа

Ааигәа асоциалтә ҳақәа рҿы ирылаҵәеит Гәымсҭатәи ацҳа уашәшәыроуп ҳәа. Ари ихадоу ацҳа еимнадоит Аԥсны мраҭашәаратәи ахәҭеи аҳҭнықалақьи.
Иҟоу ацҳа аиҭашьақәыргылара залшом, аҿыц хҵахаанӡа, Алада Ешыра ала амҩа цҵагьы уашәшәыроуп ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Акапиталтә ргылара аиҳабы Ҭемыр Агрба.
Заанаҵтәи адыррақәа рыла ацҳа ахҵара хацыркхоит 2023 шықәсазы. Аура 280 метра ҟалоит, иахьатәи ацҳа иаҟәыгахоит 70 метра рҟынӡа набжьаны. Аусурақәа рхыркәшара ашьҭахь иахьатәи ацҳа аиҭашьақәыргылараз иаркхоит.
Гумистинский мост  - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.12.2021
Аԥсны
Аԥсны акапиталтә ргылара аусбарҭа Гәымсҭатәи ацҳа аҭагылазаашьа ахҳәаа анаҭеит

Ткуарчал акарантин иҟоуп

Тҟәарчал араион аҿы акарантин рылаҳәоуп ԥхынҷкәын 13 - 20 рҟынӡа. Иахьазы Тҟәарчал аус руеит аԥсҭазаарз ихымԥадатәиу адәқьанқәа, аԥҭекақәа, ачазауад.
Акарантин рылаҳәоуп акоронавирус алаҵәара иахҟьаны. Хәымш рыҩнуҵҟа 120-ҩык рҟынӡа аҿкчымазара рыдбалан.
День рождения города Ткуарчал  - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.12.2021
Аԥсны
Тҟәарчал араион аҟны акарантин рылаҳәоуп

Амаҵзура ҿыц

Ԥхынҷкәын 16 азы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Урыстәылатәи Афедерациаҟны Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчра нагӡеи иҷыдоуи анапынҵақәа змаз ацҳаражәҳәаҩ Игор Ахба имаҵзураҟынтә ихы дақәиҭитәит аҽа усурак дахьиасуазы.
Иара уи аҽны Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба идҵала Игор Мураҭ-иԥа Ахба Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнак ҷыдас дҟаҵоуп евразиатәи аинтеграциа аусхк аҿы.
Кабинет министров  - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.12.2021
Аԥсны
Игор Ахба Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнак ҷыдас дҟаҵоуп

Арекордиаҵәа

2021 шықәсазы Аԥснынтәи Урыстәылаҟа афеихоа аҳәааҭыгара ҩынтәны еиҳахеит убри аан амандаринақәа 2020 шықәсазы аасҭа ҩынтәны еиҵоуп, абри атәы Sputnik иазеиҭалҳәеит аҳазалхраз Аҳәынҭеилакы астатистика аҟәша аиҳабы Асида Кәыҵниаԥҳа.
Аилак адыррақәа рыла уажәазы аҳәаа иахыгоуп 1 851 тонна афеихоа. Ииасыз ашықәс абри аамҭазы - 990 тонна.
Сбор фейхоа в гулрыпшком районе - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.12.2021
Аԥсны
Аԥснынтәи Урыстәылаҟа афеихоа аҳәааҭыгара ҩынтәны еиҳахеит

Амчыбжь ақәҿиарақәа

Аԥсуа режиссиор Наур Гармелиа аԥхьахә "Восхождение" ианашьоуп.
Гармелиа далкаан акатегориа "Акиносценариа" аҿы – зметраж харҭәаау афильм "Арасатә шыӡ" асценариаз. Атекст арежиссиор ихаҭа иҩит.
Аҿар рзы аԥхьахә "Ахалара" ("Восхождение") шьаҭанаркит ауаажәларратә еиҿкаара "Русский ПЕН-центр". 2021 шықәсазы аицлабрахь инашьҭын 140 рзаҳал, аноминациақәа ԥшьба - "Апроза", "Ахәыҷтәии ақәыԥштәии литература", "Акиносценариа", "Апоезиа" рҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0