Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсуа режиссиор Наур Гармелиа аԥхьахә ианашьоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукНаур Гармелия.
Наур Гармелия. - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.12.2021
Анапаҵаҩра
Аҿар рзы аԥхьахә "Восхождение" шьаҭанаркит ауаажәларратә еиҿкаара "Русский ПЕН-центр". 2021 шықәсазы аицлабрахь инашьҭын 140 рзаҳал.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 16 - Sputnik. Аԥсуа режиссиор Наур Гармелиа аԥхьахә "Восхождение" ианашьоуп. Абри атәы Наур Гармелиа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит.
Гармелиа далкаан акатегориа "Акиносценариа" аҿы – зметраж харҭәаау афильм "Арасатә шыӡ" асценариаз. Атекст арежиссиор ихаҭа иҩит.
Аԥснытәи арежиссиор қәыԥш Наур Гармелиа. - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.03.2016
Аԥсуа режиссиор акинофестиваль аԥхьахә ианашьахеит
"Асценариа иҟаҵәҟьаз ахҭыс акәым иаанарԥшуа, еидкылоу хҭысуп. Ари аҭоурых аурыс ҭаацәара ирыхҳәаауп. Хаҵеи ԥҳәыси рхәыҷқәа ҩыџьа рыманы игәыгәҭажьу, уаанӡа ашахта аусзуҩцәа ахьынхоз ашьха еиланхарҭаҿы инхоит. Араса аарыхны аҭирала рхы ныҟәыргоит. Сара Аԥсны сиит. Арасаеизгара аамҭак азы зегь аҿын. Асценариа зҩит 2017 шықәсазы, аха нас атекст еиҭаскит", - иҳәоит Наур Гармелиа.
Аԥхьанатә арежиссиор асценариа атекст Искандер иаԥхьахә аиуразы ишьҭит. Нас иӡбеит "Русский ПЕН-центр" ауснагӡатә иҽалаирхәырц.
Наур Гармелиа гәҭакыс имоуп ихатә сценариала афильм аҭыхра.
"Агәҭакқәа сымоуп. Афильм аҭыхразы ихадоу актиортә еилазаароуп", - ҳәа иҳәоит иара.
Аҿар рзы аԥхьахә "Ахалара" шьаҭанаркит ауаажәларратә еиҿкаара "Русский ПЕН-центр". 2021 шықәсазы аицлабрахь инашьҭын 140 рзаҳал, аноминациақәа ԥшьба - "Апроза", "Ахәыҷтәии ақәыԥштәии литература", "Акиносценариа", "Апоезиа" рҿы. Алауреатцәа зегьы 150-150 нызқьмааҭ ранашьахоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0