Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Адыгатәыла уаанӡатәи ахада Ҳазрет Совмен Аԥсныҟа даҽа 50 миллион мааҭ ааишьҭит

© Sputnik / Виталий Тимкив / Амедиаҵәахырҭахь аиасраКонверт с российскими рублями.
Конверт с российскими рублями. - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.12.2021
Анапаҵаҩра
Амеценат Ҳазрет Совмен хынтәны Аԥсны афинанстә цхыраара аиҭоит.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 27 - Sputnik. Адыгатәыла уаанӡатәи ахада, анаплакҩы, амеценат Ҳазрет Совмен Аԥсныҟа даҽа 50 миллион мааҭ ааишьҭит, абри атәы аанацҳауеит Атәыла ахада Аслан Бжьаниа ипресс-маҵзура.
Иазгәаҭоуп, амеценат иааишьҭыз аԥарақәа ихатә харџьуп. Иара ацхыраара аҟаҵара азыиӡбеит Аслан Бжьаниеи иареи ҭелла ианеицәажәа ашьҭахь.
Атәыла ахада ҭабуп ҳәа иеиҳәеит иҟаиҵаз ацхырааразы.
"Ҳаҭыр ҳазшәықәуп, пату ҳзақәуп аԥсуа жәлар рахь иаашәырԥшо агәцыракразы", - иҳәеит ахада.
Бжьаниеи Совмени апандемиа инадҳәаланы ареспубликаҿы иҟоу аҭагылазаашьа иалацәажәеит, иара убас Ашықәс ҿыц аныҳәа еидырныҳәалеит.
Ҳазрет Совмен изныкымкәа Аԥсны афинанс цхыраара аиҭахьеит, уажәаԥхьа иара Аԥсны COVID-19 аԥырҟәҟәаразы еиуеиԥшым аныхтәқәеи рзы ҩынтә иааишьҭхьан 50 миллион мааҭ (иааидкыланы 150 млн мааҭ).
Пожилых жителей Волгограда бесплатно отвозят на вакцинацию от COVID-19 - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.07.2021
Ҳазреҭ Совмен Аԥсныҟа иааишьҭыз аԥара абжак ала COVID аҟынтәи алаҵа аархәоит
Ажәабжьқәа зегьы
0