Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Агәбылра ӷәӷәа иаԥсахаз арҵаҩы, ааӡаҩ: Диана Дбар лгәалашәара иазкны

© Foto / предоставлено Дианой Дбар Диана Дбар
Диана Дбар  - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.01.2022
Анапаҵаҩра
Еицырдыруаз аҵарауаҩ аекономист, Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет афинансқәеи акредити ркафедра адоцент Диана Дбар иахьа лыԥсы ҭаны лыжәлар дрылагылазҭгьы 65 шықәса лхыҵуазаарын.
Наала Гәымԥҳа, Sputnik.
Диана Дбар диит 1957 шықәса ажьырныҳәа 7 азы Тҟәарчал ақалақь аҟны. Тҟәарчалтәи аҩбатәи абжьаратә школ даналга ашьҭахь дҭалоит Ростовтәи ақыҭанхамҩатә институт афинансқәеи акредити рфакультет. Анаҩс дҭалоит Москватәи афинансқәеи акредити ринститут аспирантура. 1979 шықәсазы аусура далагоит Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет аҟны.
"Диана Шамиль-иԥҳаи сареи ҳаибадырит 1980 шықәсазы, Ростов лҵара хыркәшаны данаа. Усҟан аҩбатәи акурс аекономикатә факультет аҟны аҵара сҵон. Зынӡа иқәыԥшыз аԥсуа ԥҳәызба дыԥхашьа-ԥхаҵо раԥхьатәи гәалашәараны схаҿы даанхеит. Ламысла, патула астудентцәа дҳазнеиуан. Аҵара саналга, Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет аҟны аусура салагеит, Диана дышсырҵаҩыз дысҩызахеит, ҳаизааигәахеит, доуҳала даара ибеиаз ԥхәызбан. Дпатриот дуун лбызшәа, лыԥсадгьыл, лгәы рзыбылуан", - ҳәа дылгәалалыршәоит аекономикатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, адоцент Марина Кәыҵниаԥҳа.
Людмила Хибба - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.01.2021
Арҵаҩы, ааӡаҩ, амҩақәҵаҩ: Лиудмила Хьыбба лгәаларшәаразы
Лыҭҵааратә ус инаваргыланы Диана Дбар ауаажәларра-политикатә ус дазҿлымҳан. Аԥсуа жәлар рмилаҭ-хақәиҭратә қәԥара далахәын, Аԥсны Жәлар рфорум "Аидгылара" далан. Уи атәы лгәаларшәо илҳәахьан:
"Еснагь сыжәлар рԥеиԥш, рлахьынҵа сазҿлымҳан. Аԥсны Жәлар рфорум "Аидгылара" анеиҿыркаа аамҭазы Аԥсуаҭҵааратә институт аҟны аус зуан. Усҟан ҳ- Институт жәлар рмилаҭ-хақәиҭратә қәԥара иашьагәыҭны иҟан, избан акәзар, уаҟа аус руан ҳҵарауаа дуқәа. Саргьы исыдыз ауалԥшьа насыгӡон, амитингқәа срылахәын, исыԥшаауан афорум иахәашаз архивтә материалқәа", - ҳәа лҳәахьан Диана Дбар лыԥсы анҭаз.
Диана Шамиль- иԥҳа Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет аҟны лусура инаваргыланы, аус луан Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә Институт аекономикатә ҟәшаҟны. Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахь уаҟа аекономикатә ҟәша адыркит, уи анаҩс лыԥсҭазаара зегьы азылкит астудентҵәа реиҵааӡара. Ауаҩы изааигәаз, астудентцәа гәыблыла ирзыҟаз арҵаҩы еснагь ажәа ԥхала дыргәаладыршәоит лоушьҭымҭацәа.
Презентация книги Эволюция эпической традиции. Шота Салакая - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.11.2021
Аԥсны
Аԥсуа фольклорҭҵаара ауасхыр азышьҭазҵаз: Шоҭа Салаҟаиа игәалашәаразы
"Диана Шамиль- иԥҳа даара дуаҩ қьиан, лгәы ҳзыбылуан астудентцәа. Ахаан лыбжьы ҭыганы, дгәамҵуа ҳмаҳацызт. Акурстә, адипломтә усумҭақәа рыҩраан ацхыраара ҳалҭон, лабжьгарақәа амҩа иаша ҳақәырҵон. Ҳгәы дазааигәахеит, ҳгәалашәараҟны дуаҩы разны, хашҭра лықәымкәан даанхоит", - ҳәа ажәа ԥхала дылгәалалыршәоит лоушьҭымҭа Альбина Ҳалуашьԥҳа.
Аҵарауаҩ лџьабаа ахә шьо, Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет аректор Алеко Гәарамиа арадио "Спутник" аинтервиу аҭо иҳәахьан:
"Ауаажәларратә ԥсҭазаара аҽалархәра амчи алшареи рацәаны иаҭахуп. Диана Дбар илылшаз даараӡа ирацәоуп Нхыҵ-Кавказ ареспубликақәеи ҳареи еиҳа иааигәаны ҳаимадараҟны", - ҳәа азгәеиҭеит Алеко Гәарамиа.
© Фото : из архива Дианы ДбарДиана Дбар
Диана Дбар - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.01.2022
Диана Дбар
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет афинансқәеи акредити ркафедра адоцент Диана Дбар Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра 1992-1993шш. раан Гәдоуҭатәи агоспиталь аҿы аибашьцәа ацхыраара рылҭон, дыҟан донорс. 2003 ш. рзы Аԥсуа ҳәынҭқарратә университет Аҵаратә хеилак абжьгарала Диана Шамиль-иԥҳа Дбар "адоцент" ҳәа ахьыӡ даԥсахеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0