Ҟазахсҭан аиҳабыра ирҳәеит ареспублика араионқәа зегь рыҟны азинлеишәа шышьақәыргылоу

© Sputnik Абзал Калиев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраОбстановка в городах Казахстана на фоне протестов
Обстановка в городах Казахстана на фоне протестов - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.01.2022
Анапаҵаҩра
АИХ рдыррақәа рыла Ҟазахсҭан хнызқьҩык рҟынӡа иаанкылоуп, 26-ҩык бџьарла еибыҭаз ацәгьоуцәа ҭархоуп, даҽа 18-ҩык ацәгьоуцәа ахәрақәа рымоуп.
АҞӘА, ажьырныҳәа 7 - Sputnik. Ҟазахсҭан ареспублика араионқәа зегь рыҟны азинлеишәа шьақәыргылоуп, иаанхаз ацәгьоуцәа рыԥшаара иаҿуп иҳәеит Ҟазахстан ахада иусбарҭа аиҳабы актәи ихаҭыԥуаҩ Даурен Абаев. Абри атәы акьыԥхьоит РИА Новости.

"Уажәы аԥшаарқәа цоит иаанхаз ацәгьоуцәа ргәыԥ аанкыларазы. Атәыла араионқәа зегь рыҟны азинлеишәа шьақәыргылоуп", - ҳәа иҳәеит Абаев ателеканал "Хабар 24" аефир аҟны.

Абаев иазгәеиҭеит, ацәгьоуцәа аиҳараҩык шҭархоу, ишаанкылоу. Иара убас иҳәеит, урҭ рхаҭарақәа ашьақәыргылара ишаҿу, агәаанагарақәа шыҟоу дара аекстремисттә еиҿкаарақәа ирыдҳәалоуп ҳәа.
Абаев иажәақәа рыла, Ҟазахсҭан "ампыҵахалаҩцәа" рус мҩаԥыргон профессионалла, рхатәы еимадара рыман, иара убас рҽазыршәеит ишиашоу аефир ахь ацәырҵра, дара рганахь ала иҟан аснаиперцәа.
"Ацәгьоуцәа ақалақь дырҳәит, даҽа гәыԥк абџьартә дәқьанқәа ирықәлеит", - иҳәеит Ҟазахстан ахада иусбарҭа аиҳабы актәи ихаҭыԥуаҩ ателеканал "Хабар 24" аефир аҟны.
Ҟазахстан ахада Касым-Жомарт Токаев ахәаша атәыла амчратә аусбарҭақәа реиҳабацәа алархәны имҩаԥигаз аилатәараҟны иалацәажәеит ареспубликаҿ иҟоу аҭагылазаашьеи ацәгьоуцәа раанкыларазы аусмҩаԥгатәқәа рызҵаатәқәеи.
Токаев иҳәеит, атеррористҿагылара акциа атәылаҟны ицалоит ацәгьоуцәа зегьы ҭадырхаанӡа.
Уаанӡа Sputnik Ҟазахстан иаанацҳахьан, Ҟазахстан Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра ишрыланаҳәаз аилаҩеиласра алахәылацәа абџьар шьҭазымҵо шҭадырхо азы.
АИХ рдыррақәа рыла, Ҟазахсҭан хнызқьҩык рҟынӡа иаанкылоуп, 26-ҩык бџьарла еибыҭаз ацәгьоуцәа ҭархоуп, даҽа 18-ҩык ацәгьоуцәа ахәрақәа рымоуп.
Обстановка в городах Казахстана на фоне протестов - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.01.2022
Ҟазахсҭан аилаҩынтрақәа ирыхҟьаз аԥхасҭа $92 млн рыхә ҟалеит ҳәа иршьеит
Ҟазахсҭан аҿагыларатә акциақәа ирылагеит ашықәс ҿыц ҳшынҭалаз еиԥш. Мангистаутәи анефҭааглыхратә раион ақалақьқәа Жанаозени Актауи рҟны инхо ауааԥсыра амитингқәа рахь ицәырҵит амашьына абылтәы ҳасабла иҭарҭәо аӡшьартә нефҭтә газ ахә ҩынтә иахьышьҭыҵыз иаҿагыло. Ари аҩыза ахә ашьҭыҵра зыхҟьаз ҳәа Аенергетика аминистрра мзызс иаанагоит ажьырныҳәа 1 инаркны агаз ахәԥса аелектронтә биржатә хәаахәҭырҭақәа рҟны уи аҭахреи шаҟа рыдыргалои еиҿырԥшны ахәԥса шьақәдыргыло иахьалагаз азоуп ҳәа.
Ажьырныҳәа 4 рзы атәыла аиҳабыра аҿагылара аазырԥшуа ауаа ирхаҵгыланы агаз ахәԥса аларҟәра ишазыхиоу шырҳәазгьы, ауаа уи иааннамкылеит, аҿагыларатә акциақәа егьырҭ ақалақьқәа рахьгьы ииасит.
Здание Министерства иностранных дел РФ на Смоленской площади в Москве.  - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.01.2022
Урыстәыла ААР: Ҟазахсҭан ишьақәгылаз аҭагылазаашьа аҳәаанырцәынтәи адгылара аиуит
Ашьыжь ажьырныҳәа 5 рзы Ҟазахсҭан ахада Токаев атәыла аиҳабыра ԥхьатәара ишьҭит ишьақәгылаз аибарххарақәа рзы ахара рыдҵо. Уи адагьы, иара адҵа ҟаиҵеит аӡшьартә гази абылтәи рыхәԥса шықәсыбжак иалагӡаны аҳәынҭқарра иҭышәыннартәаларазы.
Иара убас адырра ҟаиҵеит Ашәарҭадаратә хеилак ахантәаҩыс иара дшыҟалаз, уаанӡа иҟаз атәыла раԥхьатәи ахада Нурсултан Назарбаев ихаҭыԥан, уи адагьы аҭагылазаашьа аҭышәныртәаларазы ажәалагала ҿыцқәа иманы дышцәырҵуа. Токаев аҳәамҭа ҟаиҵеит ишҭахаз, ахәрақәа шроуз амчратә усбарҭақәа русзуҩцәа, убри аҟнытә азинеилагаҩцәа раанкыларазы иџьбараны рхы шымҩаԥыргало иҳәеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0