Ҟазахсҭан аилаҩынтрақәа ирыхҟьаз аԥхасҭа $92 млн рыхә ҟалеит ҳәа иршьеит

© Sputnik / Амедиаҵәахырҭахь аиасраОбстановка в городах Казахстана на фоне протестов
Обстановка в городах Казахстана на фоне протестов - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.01.2022
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ажьырныҳәа 7 - Sputnik. Ҟазахсҭан ауаа рацәа злахәыз аиҿагыларақәа раан атәылаҿы иҟалаз аԥхасҭақәа 40 миллиард тенге (92 миллион доллар) раҟара идыртәеит ҳәа рҳәеит Ҟазахсҭан анаплакыҩцәа рмилаттә палата иҟарҵаз ахҳәааҟны.
"Бжьаратәла азеиԥш ԥхасҭа ахә 40 миллиард тенге иҟоуп. Убри аан арендаҭаҩцәа реиҳараҩык ироуз азарал ахә ашьара макьана иалшом, избанзар рнапдакқәа рахь анеираҵәҟьагьы рылшом", - рҳәеит аҳәамҭаҿы.
Иҟалаз аԥхасҭа еиҳарак анаҩстәи аҟазшьақәа рымоуп: ахыбрақәа адәахьтәи рыԥшрақәа бжьыхуп, аҩнуҵҟа уахьыҩнало ауаҭахқәа еилажьуп, иара убас атехника, амаругақәа, амаҭәахәқәа, аҭаҵәахқәа рӷьычит.
Уи адагьы, Sputnik Ҟазахсҭан ахәаахәҭратә еилазаарақәа рдыррақәа шьаҭас иганы иаанацҳауеит урҭ ироуз аԥхасҭа 79 миллион доллар шдыртәо.

Иҟоу адыррақәа рыла, еимҵәоуп ахәаахәҭратә еилазаара дуқәа рыдәқьанқәа Алма-Ата, Талдыкорган, Уральск, Шымкент ақалақьқәа рҿы.
Здание Министерства иностранных дел РФ на Смоленской площади в Москве.  - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.01.2022
Урыстәыла ААР: Ҟазахсҭан ишьақәгылаз аҭагылазаашьа аҳәаанырцәынтәи адгылара аиуит
Ҟазахсҭан аҿагыларатә акциақәа ирылагеит ашықәс ҿыц ҳшынҭалаз еиԥш. Мангистаутәи анефҭааглыхратә раион ақалақьқәа Жанаозени Актауи рҟны инхо ауааԥсыра амитингқәа рахь ицәырҵит амашьына абылтәы ҳасабла иҭарҭәо аӡшьартә нефҭтә газ ахә ҩынтә иахьышьҭыҵыз иаҿагыло. Ажьырныҳәа 4 рзы атәыла аиҳабыра аҿагылара аазырԥшуа ауаа ирхаҵгыланы агаз ахәԥса аларҟәра ишазыхиоу шырҳәазгьы, ауаа уи иааннамкылеит, аҿагыларатә акциақәа егьырҭ ақалақьқәа рахьгьы ииасит. Алма-Ата, ареспублика ԥыхьатәи аҳҭнықалақь аҿы ажьырныҳәа 4, 5 рзы аҿагылара аазырԥшуази аполициаа еиҿанагалеит, аполициа ахы ианархәеит агази алашарабжьытә рԥжәагақәеи. Ҟазахсҭан зегь аҿы аинтернет аҿыхын, ателеканалқәа русура аанкылан, иалагалан аҭагылазаашьа ҷыда арежим.
Ашьыжь ажьырныҳәа 5 рзы Ҟазахсҭан ахада Токаев атәыла аиҳабыра ԥхьатәара ишьҭит ишьақәгылаз аибарххарақәа рзы ахара рыдҵо. Иара убас адырра ҟаиҵеит Ашәарҭадаратә хеилак ахантәаҩыс иара дшыҟалаз, уаанӡа иҟаз атәыла раԥхьатәи ахада Нурсултан Назарбаев ихаҭыԥан. Ажьырныҳәа 6 ауха Токаев имҩаԥигеит Ашәарҭадаратә хеилак иара инапхгарала ираԥхьатәихаз аилатәара, уи аҟны аҳәамҭа ҟаиҵеит Ҟазахсҭан ишьақәгылаз аҭагылазаашьа "аҳәынҭқарра акзаара ҵызшәаауа" шакәу, адыррагьы ҟаиҵеит ОДКБ ахь аҳәара шыҟаиҵаз "атеррористтә шәарҭара ахыхраҟны ирыцхрааразы".
Ситуация в Казахстане на фоне протестов - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.01.2022
Токаев Аколлективтә шәарҭадаразы аиқәшаҳаҭра аиҿкаараҿы рҩызцәа рыцхыраара даҳәеит
Аколлективтә шәарҭадаразы аиқәшаҳаҭра аиҿкаара аколлективтә шәарҭадаразы ахеилак уи аухаҵәҟьа иаӡбеит Ҟазахсҭанҟа еилахәу аҭынчреиҿкааратә мчрақәа нанашьҭырц. Адырра шыҟарҵаз ала, арҭ архәҭақәа уа иҟазаауеит атәылаҿы аҭагылазаашьа ҭышәынтәалахаанӡа.
Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра акәзар, Ҟазахсҭан ишьақәгылаз аҭагылазаашьа аҳәаанырцәынтәи адгылара зауз мчыла аҳәынҭқарра ашәарҭадареи акзаареи рышьақәҟьара аҽазышәара ауп ауп ҳәа аҳәамҭа ҟанаҵеит.
Отправка российской части миротворческого контингента в Казахстан - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.01.2022
ОДКБ Ҟазахсҭанҟа аҭынчреиҿкааҩцәа рдәықәҵара иалагеит
Ажәабжьқәа зегьы
0