Краснодартәи аҳәаахьчаҩцәа ажьырныҳәамзазы иааныркылеит быжьҩык ашьҭазаара змаз ахаҿқәа

© SputnikКПП Псоу
КПП Псоу - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.01.2022
Анапаҵаҩра
Иаанкылаз афедералтә, жәларбжьаратә, аҳәынҭқаррабжьаратә шьҭазаара рыман.
АҞӘА, ажьырныҳәа 12- Sputnik. Ииасыз аԥсшьарамшқәа рыҩнуҵҟа Краснодартәи аҳәаахьчаҩцәа аҳәынҭқарратә ҳәаа ахысраан иааныркылеит афедералтә, жәларбжьаратә, аҳәынҭқаррабжьаратә шьҭазаара змаз быжьҩык ауаа. Абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
Аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" апаспорттә гәаҭара аан даанкылан афедералтә шьҭазаара змаз аҳәаанырцәуаҩ.
1989 шықәса рзы ииз ахаҿы ишьҭан Ростовтәи аобласт аҿы имҩаԥигаз ақәыларазы.
Ацәгьоуҩы иахәҭоу аусбарҭа даҭоуп анаҩстәи апроцессуалтә уснагӡатәқәа рымҩаԥгаразы.
Ажәабжьқәа зегьы
0