Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны аоперштаб: даҽа 108-ҩык акоронавирус рыдбалоуп

© Sputnik / Алексей Сухоруков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЛечение пациентов с Covid-19 в Тамбовской областной больнице
Лечение пациентов с Covid-19 в Тамбовской областной больнице - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.01.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсны аепидемиа ҵысижьҭеи аҿкчымазара зыхьхьоу ауаа рхыԥхьаӡара 38673-ҩык рҟынӡа инаӡеит, ргәы бзиахахьеит 32289-ҩык ауааԥсыра, рыԥсҭазаара иалҵхьеит 567-ҩык.
АҞӘА, ажьырныҳәа 12- Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 азы атестқәа арҭеит 470-ҩык Аԥсны ауааԥсыра, урҭ рахьтә 108-ҩык аҿкчымазара шрымаз аадырԥшит ҳәа аанацҳауеит ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 83-ҩык, рҭагылазаашьа бааԥсуп 32-ҩык, ибжьаратәуп - 51-ҩык. Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы ирхәшәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 39-ҩык, урҭ рахьтә 18-ҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәшәтәуеит жәаҩык, Гагратәи ахәшәтәырҭаҿы - 19-ҩык, урҭ рахьтә ҩыџьа рҭагылазаашьа уадаҩуп. Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭаҿы жәаҩык ачымазцәа шьҭоуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0