Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Раԥхьатәи апедагогикатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор: Борис Ҭарба инысмҩа

© Foto / из архива семьи Бориса Тарба Борис Тарба
Борис Тарба - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.01.2022
Анапаҵаҩра
Раԥхьатәи аԥсуа апедагогикатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Борис Григори-иԥа Ҭарба диижьҭеи 95 шықәса ҵит.
Борис Ҭарба диит 1927 шықәса ажьырныҳәа 15 азы, Гәдоуҭа араион Бамбора аҳаблан. Бамборатәи абжьаратә школ даналга дҭалеит Аҟәатәи апедагогикатә институт афилологиатә факультет "аурыс бызшәеи алитературеи" рзанааҭ ала.
Бадраҟ Аҩӡба, Sputnik
"Зыԥсҭазааратә нысмҩа даара иҵаулоу Борис Ҭарба дшыхәыҷыз аҭаацәа рныҟәгара ижәҩахыр иқәлеит. Иаб заа диԥхеит, иара ахәыҷқәа дызлареиҳабыз ала иан дналывагылеит. Аҭаацәа ршьапы иқәгыларц, Борис ашкол ааныжьны иҷыдоу акурсқәа дрылган аусура далагоит атрактор арныҟәцаҩыс. Иара исеиҳәахьан, иԥсы ҭанаҵы атрактор арныҟәцаҩыс аус аниуаз иирҳауаз аԥара еиҳаны џьаргьы ишимоуцыз", - ҳәа азгәеиҭеит апедагогикатә аҭҵаарадыррақәа рдоктор Алықьса Касланӡиа.
© Foto / из архива семьи Бориса Тарба Борис Ҭарба
Борис Тарба - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.01.2022
Борис Ҭарба
Аҟәатәи арҵаҩратә институт даналга ашьҭахь Борис Ҭарба аусура далагеит Бамборатәи абжьаратә школ аҟны рҵаҩыс. Борис Ҭарба изанааҭтә ҩаӡара аҳаракыра иабзоураны, араион аҵара аҟәшаҟны иеихьӡараақәа азгәарҭуа иалагеит.

"Иалыркаауа иалагеит иусура шаҟа ҟазарыла дазнеиуаз, аурыс бызшәа дырҵараҿы иқәҿиарақәа. Раԥхьа Гәдоуҭатәи араион жәлар рҵара аҟәша аметодикатә хеилак ахантәаҩыс дҟарҵеит. Ԥыҭрак анаҩс иара дгәарҭоит Аԥсны аҵара аминистрраҿгьы. Дагьиаргоит аминистррахь аурыс бызшәазы аспециалист хадас", - иҳәеит Касланӡиа.

1953 шықәсазы Борис Ҭарба дҭалоит СССР апедагогикатә ҭҵаарадыррақәа Ракадемиа иатәу амилаҭтә школ Москватәи аинститут.
Борис Ҭарба икандидаттә диссертациа анихьча анаҩс, аурыс ҵарауаҩ ду Алексеи Текучева инапхгарала аусура далагеит адоктартә диссертациа ахьчараз. Иара убригь шьахәла иихьчеит", - ҳәа азгәеиҭеит Касланӡиа.
© Foto / из архива семьи Бориса Тарба Борис Тарба
Борис Тарба - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.01.2022
Борис Тарба
Борис Ҭарба Аԥсныҟа даныхынҳә, аусура далагоит Аҟәатәи арҵаҩратә институт аҟны аурыс бызшәа акафедраҟны рҵаҩыс. Аамҭақәак рнаҩс " Апедагогикеи аметодикеи алагарҭатә арҵара" акафедра напхгаҩыс. 1961 инаркны 1967 шықәсанӡа Борис Ҭарба Аԥсны аҵара аминистрс дыҟан. 1967 инаркны 1972 шықәсанӡа Аҟәатәи арҵаҩратә институт аректорс.
"Иара даара иџьабаа рацәоуп аԥсуа школқәа рзын аурыс бызшәазы арҵага шәҟәқәа раԥҵараҿы", - ҳәа иҳәоит Касланӡиа.
Борис ҭарба идунеи иԥсахит 1991 шықәсазы. Иара дравторуп еицырдыруа аҭҵаарадырратә усумҭақәа: "Об особенностях изучения русского языка в абхазских школах" (1960 ш.), "К 100-летию Сухумской абхазской школы" (1964 ш.), "О некоторых проблемных вопросах преподавания русского языка" (1966 ш.), "О культуре речи" (1979 ш.), "О дисциплине и нравственности" (1984 ш.), "Лингво-дидактические основы преподавания русского языка в абхазской школе" (1985 ш.), "Кузница национальных кадров" (1988 ш.).
Ажәабжьқәа зегьы
0