00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
2 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
2 мин
Новости
Главные темы
18:31
3 мин
18:35
2 мин
Ажәабжьқәа
21:01
2 мин
21:35
2 мин
On air
08:00
30 мин
On air
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:06
10 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
10 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны ААИ: ареспубликатә мҩаду аҟны уадаҩра ыҟаӡам

© Sputnik / Томас ТхайцукУВД ГАИ
УВД ГАИ - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.01.2022
Анапаҵаҩра
Асабша Аԥсны асы леит, аҳауагәаҭаҩцәа агәҽанызаара ҟарҵеит ахьшәашәарақәа ирыхҟьаны амҩан аҵаахшәыла шыҟало.
АҞӘА, ажьырныҳәа 16 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Ареспубликатә мҩаду аҟны уадаҩра ыҟаӡам, иҳәеит Sputnik аинтервиу азҭаз Аҳәынҭқарратә автоинспекциа аиҳабы Баҭал Агрба.
"Машәыр ҟамлаӡеит, амҩатә усбарҭақәа рус нарыгӡеит. Ахәылбаҿха аҵаара иалагеит, асы ықәызгоз амашьынақәа ианаамҭаз иааит, иахьшәарҭаз аҭыԥқәа рыҟны аԥсламӡ карԥсеит. Ареспубликатә мҩаду аартуп, аха амашьына аныҟәцаҩцәа агәҽанызаара рымазароуп, амҩатә ԥҟарақәа ирықәныҟәароуп", - иҳәеит иара.
Иааиуа амчыбжь иалагӡаны Аԥсны иахьаҵанакуа ахьшәашәарақәа ҟалоит, ақәабаа-сабаа леир алшоит усҟан амҩақәа рыҟны аҵаахшәыла ҟалоит. Убри аҟнытә амашьына аныҟәцаҩцәа зегьы агәҽанызаара рымазароуп ҳәа азгәеиҭеит Агрба.
Гололед на дороге. - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.01.2022
Аԥсны
Аԥсны АҶА еиҭарҳәеит ареспубликатә мҩаду аҟны иҟоу аҭагылазаашьа
Асабша Аԥсны 2022 ашықәс раԥхьатәи асы леит. Аҳауагәаҭаҩцәа адырра ҟарҵеит ахьшәашәарақәа ирыхҟьаны амҩан аҵаахшәыла шыҟало. Аԥсны ААИ агәҽанызаара ҟарҵахьан амҩан амшәыр ҟамларц азын амашьына аныҟәцаҩцәа рныҟәашәа иагырханы, амҩатә ԥҟарақәа ирықәныҟәарц.
Ажәабжьқәа зегьы
0