Сыла иҟәашкакараӡа: Аԥсны аӡынтәи аԥсабара

Асы иазгәаҟуаз хәыҷи дуи зегьы дәылҵны асеигәыдҵа ихәмарит, ргәырӷьара ҳәаа амамызт.

Аҟәа асы рацәаны иауит уҳәар алшоит, аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы ариаҟара ахьымлеицыз уазхәыцуазар.

Асы иазку апоезиатә цәаҳәақәа аԥырҵахьеит ҳпоетцәа аӡәырҩы.

"Асы леиуеит ԥыҭҳа-ԥыҭҳа,
Ага иқәыԥсоит иара.
Сышҟа ацәқәырԥ ааиуеит иқәҳа,
Нас инықәсуеит аҟәара". Терент Ҷаниа.

"Асы ԥшӡоуп, аха уабылуеит" ззырҳәогьы абри ауми.

Аҟәа ианаалоит "ахамы" шкәакәа, ус ауми?!

Ашәаԥыџьаԥ рыԥшӡара иацҵо иаҿуп асоура.

Аӡынтәи ахьҭақәа Аҟәатәи амаамынааӡарҭаҿы рҽырзырхианы иҟан, урҭ ицәгьамкәа ирхыргоит.

Амаамынааӡарҭаҿы алашара усҟак еиԥҟьом, убри азы амаамынқәа рыҭрақәа еснагь иԥхоуп.

Есышықәса Аҟәатәи Аботаникатә баҳчаҿы ачықьқәа хдырҟәыдаауеит.

Аԥхарра бзиа избо 50 раҟара аҵиаақәа иҷыдоу аш ала иҭарыҳәҳәоит.

Атропикатә ҵиаа абанани аси зеиԥшыҟам сахьоуп.

Аҟәатәи ашьхарагьы уамакала иԥшӡоуп.

Аԥсны амшын аԥшаҳәеи апальмақәеи сыла ихҩаны зыбла иамбац акырӡа ицәыӡит уҳәар алшоит.
