Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аҟәа ахадара аҵараусбарҭақәа рҿы аепидҭагылазаашьазы аҳасабырба ҟанаҵеит

© Foto / Кабинет Министров РААнкваб заслушал информацию об эпидситуации в школах и детсадах Сухума
Анкваб заслушал информацию об эпидситуации в школах и детсадах Сухума - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.01.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсны аепидемиа ҵысижьҭеи аҿкчымазара зыхьхьоу ауаа рхыԥхьаӡара 39383 -ҩык рҟынӡа инаӡеит, ргәы бзиахахьеит 34374 -ҩык ауааԥсыра, рыԥсҭазаара иалҵхьеит 583-ҩык.
АҞӘА, ажьырныҳәа 21 - Sputnik. Аԥыза-министр Александр Анқәаб аҳҭнықалақь аҵаратә усҳәарҭақәа рҿы аепидемиологиатә ҭагылазаашьеи алаҵаҟаҵареи рымҩаԥысшьазы аҳасабырба дазыӡырҩит, уи идыргалеит Аҟәа ахада Беслан Ешбеи, аҳҭнықалақь аҵараз Аусбарҭа аиҳабы Асҭанда Ҭаркьылԥҳаи, аанацҳауеит Аминистрцәа реилазаара асаит.
Ақалақь ахадара адыррала 747-ҩык арҵаҩцәа рҟынтәи акоронавирус рымоуп хәҩык, 206-ҩык ашколқәраҟынӡатәи аусзуҩцәа рҟынтәи хҩык чмазцәоуп. Зынӡа аҵара-ааӡаратә усхк иаҵанакуа рҟынтәи акоронавирус рхыргахьеит 514-ҩык.
Ажьырныҳәа 20 азтәи адыррақәа рыла 27-ҩык ашколхәыҷқәа COVID-19 рымоуп.
Асҭанда Ҭаркьылԥҳа илҳәеит, Аҟәатәи арҵаҩцәа 163-ҩык алаҵа ҟарҵахьеит, ахәыҷбаҳчақәа русзуҩцәа 48-ҩык. Зынӡа Аҟәа алаҵа ҟарҵахьеит 11385-ҩык.
Беслан Ешба иажәақәа рыла, аҳҭнықалақь аҿи ахәшәтәырҭақәеи рҟны иааидкыланы аепидемиологиатә ҭагылазаашьа мариам. Иаартуп COVID-19 азы атесқәа ргарҭатә ҭыԥқәа ԥшьба. ПЦР-ҭҵаара уахысыр алшоит Ареспубликатә хәшәтәырҭаҿи, асанепидемиологиатә маҵзура абаклабораториаҿи, акоммерциатә медцентрқәеи рҿи.
Аԥыза-министр иазгәеиҭеит ақалақь ахадара русура иабзоураны аҭагылазаашьа акыр еиӷьуп егьырҭ арегионқәа рҿы аасҭа. Убри аан Анқәаб иазгәеиҭеит алаҵаҟаҵара еиҳа инарҭбааны ишымҩаԥгалатәу.
Ажәабжьқәа зегьы
0