Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

2022 шықәсазы аимҳәадуҿагыларатә программа абиуџьет быжь млн. мааҭ ыҟоуп

© Foto / пресс-служба Министерство здравоохранения Республики Абхазия Заседание Кабинета министров Абхазии
Заседание Кабинета министров Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.01.2022
Анапаҵаҩра
Ииасыз ашықәс азы 2020 шықәса иаҿырԥшны аимҳәаду зыхьуа рхыԥхьаӡара еиҵахеит.
АҞӘА, ажьырныҳәа 27 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аԥсны аминистрцәа реилазаара аимҳәадуҿагыларатә хықәкылатәи апрограмма анагӡаразы абиуџьет быжь млн. мааҭ шьақәдырӷәӷәеит.
Аиҳабыра реилатәара мҩаԥысит ажьырныҳәа 27 рзы. Апрограмма рыдигалеит Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба.
“Апрограмма иазԥхьагәанаҭоит аимҳәадуҿагыларатә хәшәтәырҭақәа ркадыртә ресурс аныҟәгара, аус зуа ареспубликатә еимҳәадуҿагыларатә хәшәтәырҭа аусура аиқәыршәара, аимҳәаду асоциалтә зыԥхьагәаҭара", - иҳәеит Быҭәба.
Апрограмма аԥаразоужьра мҩаԥгахоит ареспубликатә биуџьет аҟынтәи 7 миллион мааҭ.
Апрограмма абасала еихшоуп:
Аимҳәадуҿагыларазы ахәшәқәа раахәара, урҭ иҟарҵо анырра ахәшәтәразы еиуеиԥшым апрепаратқәа раахәаразы - 3. 700 000 млн мааҭ аԥара,
аҭҵаарақәа рымҩаԥгаразы ареагентқәеи, алобараториаҿы аҭҵаара амҩаԥгаразы аныхратә материалқәеи, иара убас, еиуеиԥшым амедицинаҿы ахархәара змоу аалыҵқәа рзы - 3 300 000 млн мааҭ аԥара.
Апрограмма ахықәкы:
Активла аимҳәаду алаҵәара аарԥшра;
Ауааԥсыра рыбжьара асанитар-рккаратә усура амҩаԥгара;
Аимҳәадуҿагыларатә амбулатортә ҭыԥқәа русура аиӷьтәра;
Ачымазцәа зегь еидызкыло иаку аелектронтә база аԥҵара;
Иааиԥмырҟьаӡакәа ахәшәтәразы зхаҭабзиара ҳараку амедицинатә хәшәқәеи ахҟьаԥҟьақәа рыхәшәтәразы ахәшәқәеи рыла ачымазцәа реиқәыршәара;
Акадырқәа рҟазара аизырҳара, аҿар аусура радгалара.
Аимҳәадуҿагыларазы Аԥсны иҟоуп Ареспубликатә арԥҳачымазаратә хәшәтәырҭа, (ачымазцәа рышьҭаҵарҭа ҟалоит), иара убас амбулаторттә ҭыԥқәа ааба аус руеит Гал, Очамчыра, Тҟәарчал, Гәылрыԥшь, Гәдоуҭа, Гагра, Аҟәа (ҩ-ҭыԥк).
Аԥсны агәабзиарахьчара адыррақәа рыла, 2020 шықәса аимҳәаду рыман 183-ҩык, 2021 шықәсазы - 149-ҩык.
Ажәабжьқәа зегьы
0