Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

700-ҩык инареиҳаны ауаа акоронавирус рыдырбалеит уахыки-ҽнаки рыла Аԥсны

© Sputnik / Константин Михальчевский / Амедиаҵәахырҭахь аиасраРазвертывание мобильного госпиталя для пациентов с COVID-19 в Симферополе
Развертывание мобильного госпиталя для пациентов с COVID-19 в Симферополе - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.01.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсны аепидемиа ҵысижьҭеи аҿкчымазара 42 766-ҩык ирыхьхьеит, ргәы бзиахахьеит 36 150-ҩык ауааԥсыра, рыԥсҭазаара иалҵхьеит 591-ҩык.
АҞӘА, ажьырныҳәа 29 - Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 азы атестқәа арҭеит 1270-ҩык Аԥсны ауааԥсыра, урҭ рахьтә 701-ы аҿкчымазара шрымаз аадырԥшит ҳәа аанацҳауеит ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭаҿы лыԥсҭазаара далҵит 58 шықәса зхыҵуаз ԥҳәыск.

Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 77-ҩык, рҭагылазаашьа бааԥсуп 26-ҩык, ибжьаратәуп - 51-ҩык. Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы ирхәшәтәуеит аҿкчымазара зыхьуа 41-ҩык, урҭ рахьтә 20-ҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәшәтәуеит 11-ҩык, Гагратәи ахәшәтәырҭаҿы - 24-ҩык, урҭ рахьтә аӡәы иҭагылазаашьа уадаҩуп. Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭаҿы ааҩык ачымазцәа шьҭоуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0