Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Иреиӷьӡоу ҳҵеицәа рыгәҭа игылоу: Октаи Чкотуа иҿцәажәара

© Sputnik / Томас ТхайцукОктай Чкотуа
Октай Чкотуа  - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.01.2022
Анапаҵаҩра
Забдуцәа Ҭырқәтәылаҟа амҳаџьырраан иагаз, аха 1990 шықәса рзы аибашьра аламҭаз Аԥсныҟа иааз, ара аҭаацәара аԥызҵаз, 1992-1993 шш. рызтәи Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, ауаажәларратә усзуҩы, аиҭагаҩ Октаи Чкотуа диҿцәажәоит апоет Анатоли Лагәлаа.
- Ҳаԥсуа жәлар рҵеицәа гәҭылсақәа иреиӷьӡақәоу рыӡбахә анаҳҳәо, иаразнак ҳхы-ҳгәаҿы дааиуеит Октаи Чкотуа. Уи сара уаанӡагьы иӡбахә саҳахьан, аха ибзиаӡан дыздырит Ҭырқәтәыла жәамш инархыҳәҳәо Аԥснынтәи уахь ицаз аделегациа ду ҳаланы ҳанеицыз. Ари ауаҩ аԥсуа-ақырҭуа еибашьра иалагаанӡагьы Аԥсны даахьан, Аԥсуа университет аҿы аҵара иҵон… Аха еиҳа еиӷьуп, уи зегьы шыҟалаз иара иҿала иҳаиҳәар!
- Иҭабуп, зегьы раԥхьаӡа, уажәа ԥхақәа рзы... Уи ҳаҭырқәҵароуп, аха сара ус иреиӷьӡақәоу сырхуԥхьаӡаларатәы сыҟанда, уаҳа исхараз... Иахьынӡасылшо ала сыжәлари, сыԥсадгьыли, саԥсуареи срыԥсахарц азы мҩахәасҭак сануп...
Уажәы, узҵаара аҭак ҟасҵозар, сара акреилыскаауа саналага нахыс Аԥсныҟа аара схы-сгәы иҭаскхьан, аха ижәдыруеит усҟан ацара-аарақәа иахьеиԥш имариамызт... Абас, Аԥсны ҳазхьаауа ҳшыҟаз Аҟәеи Адаԥазари ақалақьқәа рхадацәа аиашьара рыбжьаҵаразы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит, наҟ-ааҟ аделегациақәа еиҭанеиааит.
Убри аамҭазы Ҭырқәтәыла инеиз Кандид Ҭарба, абри рнапы зҵарҩыз аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны, Адаԥазар ақалақь аҟны кавказаа рыкәашарақәа назыгӡоз ансамбльк аԥҵаразы ааԥхьара иҭан. Кандид дақәшаҳаҭханы аусура даналага, саргьы сицхраарц сааивагылеит, избанзар усҟан Кавказаа ркультуратә хеидкыла анапхгара салан азы, абраҟа икәашоз 70-ҩык инареиҳаны аҿар ахылаԥшреи ацхыраареи рыҭатәын. Уи адагьы, аҽазыҟаҵарақәа анхырқәшаха ашьҭахьгьы, Аԥсныҟа ааԥхьара ҳаман...
Абас ала, абри ансамбль сацны сааит раԥхьаӡа акәны Аԥсныҟа, ансамбль аҟны ажәытә аԥсуа кәашара анынарыгӡоз амарзакан асырҳәон, насгьы изласылшо ала апрограммагьы мҩаԥызгон, убас акәхеит раԥхьаӡатәи саара, нас Ҭырқәтәылаҟа ҳшыхынҳәыз еиԥш, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟынтә иҳауз ааԥхьара ҳхы иархәаны, даҽазнык Аԥсныҟа амҩа ҳақәлеит, уинахысгьы сынхарҭаҭыԥ Аԥсны акәхеит... Ҳәарада, ари азҵаара иазкны исҳәаша маҷхәума, аха иааркьаҿны абри ала иазсырхап...
- Октаи, уара, аԥсуаа ишырҳәо еиԥш, даара агәаҵәа бзиа зызҭоу, ҳаи анырҳәа, раԥхьа зыԥсадгьыл ахьчараз зҿыназхаз аҵеицәа уреиуоуп. Иаҳзеиҭоуҳәар сҭахын урҭ амш еиқәаҵәақәа уара угәалашәараҿы ишынхаз…
- Сара Аԥсны анхара саналага аамышьҭахь, дук мырҵыкәа, еибашьрак ахықә ҳақәгылараны ҳшыҟаз еилыскааит, иара убри ашықәс амҳаџьырцәа ргәалашәара амш аназгәаҳҭоз астадион аҟны сықәгылараҿгьы абри аӡбахә иаартны исҳәеит.
Уи сықәгылара аамышьҭахь мчыбжьык аҟара ааҵуаны Владислав Арӡынба дсыԥхьан, Ҭырқәтәылаҟа сдәықәиҵеит, дҵас исымаз: Аԥсны хара имгакәа аибашьра иалагоит ҳәа ашәарҭа ӷәӷәа шыҟоу, адиаспораҿгьы абри дырны заанаҵ аҽазыҟаҵара шаҭаху рзеиҭаҳәара акәын. Сара сцан, Адаԥазар ақалақь аҿы ахеидкылақәа рхаҭарнакцәа зегьы злархәны имҩаԥгаз аизара ду аҟны шәаџьҳәаҩык иеиԥш, абри аҩыза ажәабжь рзеиҭаҳәаны Аԥсныҟа схынҳәит, уи нахысгьы аибашьра шаҳԥеиԥшыз здыруан...
Аибашьра аналага аҽны ауниверситет еицҭаз аҿар зегьы аԥсшьарамшқәа рзы Ҭырқәтәыла ҳаҟан, насгьы сара аҵарашықәс хыркәшаны амҩа санықәлоз аҭаацәара салаларц сыӡбан азы, аҭацагьы дсыцын. Аибашьра мышқәак шагыз Владислав Арӡынба напхгара ззиуаз аделегациа Ҭырқәтәыла ианнеи, ауха саргьы ачара сыман... Ишысҳәаз еиԥш, ҳчара мышқәак раамышьҭахь аибашьра шалагаз ала ажәабжь еиқәаҵәа ааҳалаҳаит, ажәлар зегьы ршьапы иқәгылт, аизарақәа рымҩаԥгара, еиуеиԥшым агәыԥқәа реиҿкаара иалагеит, иҟан згәы каҳаз, иҟан згәы ԥжәоз, аха, ԥыҭҩык реиԥш, саргьы агәыӷра ӷәӷәа сыман, дара иаҳхаԥаны иҟаз ақырҭцәа рыла еибашьрада хаала еилгашьа шьҳамамызгьы ибзиаӡаны издыруан...
Октаи Ҷкотуа - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.08.2019
Арадио
Хра лоу ахҭысқәа: Октаи Ҷкотуа ҳџьынџьуаа аибашьраан Аԥсныҟа раара иазкны
Уи амшала сҩызцәеи сареи иаразнак Аԥсныҟа ҳазлааша амҩақәа рыԥшаара ҳашьҭалеит, еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рахь ҳхы ҳархеит, аҵыхәтәан, жәамш ааҵуаны аҳаирплан ала Адлер ҳалбааит, уаантәигьы Шәача еиҿкааз аштаб ацхыраара ҳарҭан, мшынмҩала Гәдоуҭа ҳаӡхыҵит. Уи аамҭа иазкынгьы иҳәатәу даараӡа ирацәоуп, сгәалашәарақәа имаҷымкәа акьыԥхь аҿгьы ианысҵахьеит, уи азы абри ала ихсыркәшап...
- Аибашьра анеилга, уара Ҭырқәтәылаҟа умцаӡеит, уԥсадгьыл гәакьаҿ уаанхеит. Ара аҭаацәара уалалеит, иазгәасҭар сҭахуп, уабхәа Владимир Қапба ҳҩыза гәакьа шиакәыз, Аԥсны еицырдыруаз ажурналист, ашәҟәыҩҩы, агазеҭ "Аԥсны" акыр шықәса редактор хадас дыҟан, уанхәа, Фируза Чамагәуаԥҳа дуаажәларратә усзуҩуп, Аԥсны зыхьӡ-зыԥша даара ибзиан ирдыруа, згәаанагарагьы иазыӡыҩруа уаҩԥсуп. Уԥшәмеи уареи ахшара бзиақәа шәоуит, аусура уалагеит, уимоу, убриаҟара уаҳаҭыр духеит, апату ду уаԥсахеит, Аԥсны Жәлар Реизара адепутатс уалырхит, хәышықәса ужәлар рымаҵ ууит… Убарҭ аамҭақәагьы маҷк иугәалауршәар сҭахуп…
- Гагра анаҳга нахыс иҭаҳарцәыз адгьылқәа рҿы ҳуааԥсыра наҳмырхар иаҳгараны иҟаз ҳиааира наҟ-наҟ еиҭах ашәарҭара ду ишҭагыло сазхәыцуа салагеит, хара имгакәагьы "Аҳәаанхыҵ инхо ҳауаажәлар рырхынҳәразы Аминистрра" ахьӡҵаны, ахҳәаа ҟаҵаны, ахсаала ҭыхны, аурыс бызшәахьгьы иеиҭаганы проектк сырхиан Владислав Арӡынба изызгеит, схықәкы изеиҭасҳәеит, даара дазҿлымҳаны дысзыӡырҩит, изназгаз апапкагьы убасҵәҟьа азҿлымҳарала даԥхьеит, хара имгакәа мызқәак раамышьҭахьгьы "Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы Аҳәынҭқарратә комитет" аԥиҵеит... Уи креилызкаауаз, кырӡа хара ихәыцуаз уаҩын, зегьы ргәаанагара дазыӡырыҩны иреиӷьыз амҩа алихуан...
Ажәак ала, аибашьра анцоз аамҭазы абри акомитет аҟны аусура салагеит, уи аамышьҭахь аиҳабы ихаҭыԥуаҩыс сыҟан, аамҭак азы Аԥсны Ахада иҟны акомиссиа еиҿыркааит, усҟангьы уи акомиссиа напхгара асҭон... Убри аамышьҭахь Аԥсны Жәлар Реизара ашҟа имҩаԥсуаз алхрақәа рҿы аԥсадгьыл ахь ихынҳәыз амҳаџьыр хылҵышьҭрақәа рыбжьара депутатс иалырхыз раԥхьатәи ауаҩ сакәхеит, ари сара сзы аҭакԥхықәра дуӡӡа ацын, иахьынӡасылшозгьы ламысла сыуаажәлар рымаҵ зуит.
Зегь раасҭа сзызгәдуу жьҭаарамза 12, 1999 шықәсазы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахадеи Жәлар Реизара алахәылацәеи ҳаицҿакны иҳадаҳкылаз "Аԥсны аҳәынҭқарратә хьыԥшымразы Акт" снапы ахьаҵаҩу ауп, убри сара сыԥсы ҭанаҵы хьӡи-ԥшеины исԥхьаӡоит...
Оқтаи Ҷкотуа. - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.07.2016
Оқҭаи Ҷкотуа: ҳара ҳажәлары ӷәӷәоуп, ҳаззымиааиуа ус ыҟаӡам
Ҭырқәтәыла ацара ануҳәа, уахь ацара акәым, иҳахҭысыз ауадаҩрақәаҵәҟьа уахь аӡәгьы ирыдсмырҳаит... Ауаҩы ианиашьа ихаҵашьоуп рымҳәои, сыуаажәлар зҭагылоу саргьы салагылоуп сҳәан, исчҳаит, сҭаацәагьы сеилыркааит, исыдгылт, сыԥҳа Мрамза уи аамҭақәа рзы дыԥшқан, убри ахәыҷыҵәҟьа ҳҭагылазаашьа еилкааны лхы мҩаԥылгеит, зныкгьы ҳалмыргәаҟит...
Сабхәеи санхәеигьы, ишышәҳәаз еиԥш, ҳажәлар рыбжьара зегь рыла иҿырԥшыганы иҟан, иахьагьы убас ауп ишыҟоу, раԥсуара, рыуаҩра, рыламыс, рыԥсыцқьара, рдырра, рԥышәа, уаҳа ишәасҳәари... Сара абарҭ ауаа зныкгьы маҳәҵас срыдрымкылаӡеит, еснагь рыҷкәын гәакьак иеиԥш исызныҟәеит, ари сара сзы насыԥ дууп, избанзар абас иҟоу ауаа уанрыднагалалак, ҳәарада, уинахыс ушьҭахьҟа узхьаԥшуам, угәгьы узкажьуам... Нас, ҳҭаацәарақәагьы наҟ-ааҟ даара бзиа еибабеит, аилибакара ӷәӷәа рыбжьалт, кырӡа ихараны ишынхогьы, аибабара бзиа ала ҭаацәак еиԥш ҳҟалеит...
Ижәдыруеит, сабхәеи санхәеи рԥазаҵә аибашьраҿы Аҳбҩықә авертолиот анҭадырха хабарда дыбжьаӡит, уи аамҭазы Ҭырқәтәылагьы ҳаԥҳа Мрамза диит, сара иаразнак ахәыҷы лаагаразы уахь сцеит, аха сан сгәы иҭаз анлаҳа, раԥхьа "Ахаан изураны сыҟам! Ахәыҷы ԥшқа аибашьра амца ахьеилашуа дышԥоуго, уеилагамзар!.." ҳәа атәыла лырбгеит, аха нас, абригьы аибашьра иахәҭакны ишыҟоу, абри аҩыза ахҭыс ҳажәлар агәыӷра дуӡӡа шырнаҭо, рыҷкәынзаҵә дахьҭахаз амшала аԥсҭазаара згәы ахшәаны иҟоу санхәеи сабхәеигьы аԥсҭазаарахь ишархынҳәуа анылзеиҭасҳәа, данымзи, иаразнак сеилылкааит, уаҳагьы сылмырҳәеит... Иара убасҵәҟьа иагьыҟалеит, рыҷкәын ихьаа ӷәӷәа, ахәыҷы ԥшқа лыбзоурала, маҷк иадамзаргьы ирхыргеит... Уи амшала дара Мрамза "ҳаԥсеиқәырхаҩы" ҳәа ларҳәоит, саргьы зны-зынла алаф аалылыхны, "хатәгәыԥхарала аибашьра иааз аԥшқа" ҳәа ласҳәалоит... Излазбо ала, сҭанагалацәеит, ари азҵаарагьы абасала ихсыркәшап...
© Foto / из личного архива Октая Чкотуа Октаи Ҷкотуа
Октаи Ҷкотуа - Sputnik Аҧсны
1/4
Октаи Ҷкотуа
© Foto / из личного архива Октая Чкотуа Октаи Ҷкотуа
Октаи Ҷкотуа - Sputnik Аҧсны
2/4
Октаи Ҷкотуа
© Foto / из личного архива Октая Чкотуа Октаи Ҷкотуа
Октаи Ҷкотуа - Sputnik Аҧсны
3/4
Октаи Ҷкотуа
© Foto / из личного архива Октая Чкотуа Октаи Ҷкотуа
Октаи Ҷкотуа - Sputnik Аҧсны
4/4
Октаи Ҷкотуа
1/4
Октаи Ҷкотуа
2/4
Октаи Ҷкотуа
3/4
Октаи Ҷкотуа
4/4
Октаи Ҷкотуа
- Октаи, уара Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Рассоциациа уалоуп, уеиҭагаҩуп, ҳаԥсуа шәҟәыҩҩцәа рҩымҭақәа рацәаны аҭырқәшәахь еиҭоугахьеит. Уи акраанагоит мшын нырцә иҟоу ҳашьцәеи ҳареи ҳаимадаразы, ҳаигәныҩразы… Абраҟа даара иахәҭоуп ҳәа исыԥхьаӡоит урҭ еиҭоугахьоу ашәҟәқәа рыӡбахә уҳәар, ҳаԥхьаҩцәагьы иҵегь иазҿлымҳахон…
- Раԥхьаӡа Аԥсны санаазгьы, агәыԥ среиҳабушәа сахьыҟаз, насгьы маҷк дара раасҭа аԥсшәа ахьыздыруаз амшала, еснагь реиҭагара сықәшәон, уинахыс ари аус сҟәаҟәа иқәлеит, аибашьра анцозгьы, адокуменҭқәа реиҭагара аума, арахь иаҳзаауаз ажурналистцәа рымҩаԥгара аума, уи аамышьҭахь Ҭырқәтәыла ицоз-иаауаз аделегациақәа аиҭагара рзуроума, уҳәа сшырҿыз исызгәамҭаӡакәа сеиҭагаҩхеит.
Октаи Ҷкотуа: ашәҟәеиҭагара сара иалсымхӡеит, иара салнахит - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.11.2015
Октаи Ҷкотуа: ашәҟәеиҭагара сара иалсымхӡеит, иара салнахит
Нас ашәҟәқәа реиҭагара сыдырҵо иалагеит, раԥхьа сацәшәеит, исзымгәыӷьит, сеиҳа изылшо иҟарҵар ахәҭоуп сҳәеит, аха усгьы аӡәгьы дыҟамшәа анызба, салагагәышьеит... Ари аганахьала Маҳинур Папаԥҳаи, Ҳаири Қәҭарбеи рыда аӡәгьы дыҟаӡамызт, саргьы убарҭ саарывагылеит. Аханатә аахыс ҳдиаспораа рмилаҭ хдырра еиқәзырхаша, Аԥсныҟа ихьазырԥшыша аҩымҭақәа аҭырқәшәахь, адиаспораҿы иҟоу ҳауаажәлар ӡырызгаша аҩымҭақәгьы аԥсшәахь реиҭагара сҽазыскит.
© Foto / из личного архива Октая Чкотуа Октаи Ҷкотуа
Октаи Ҷкотуа - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.01.2022
Октаи Ҷкотуа
Ари сара аӡәгьы исыдимҵаӡеит, хатәгәаԥхарала сшаҿыц саҿуп, амала еиҭазгаз ашәҟәқәа рҭыжьраҿы сџьабааи схықәки еилкааны исыдгылаз, исывагылаз ауаа ҟалеит, убарҭ иреиуоуп сҩыза Омар Маршьани сашьа Сонер Гогәуеи, уи адагьы, Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы Аҳәынҭқарратә еилакы ахада Вадим Ҳаразиа имаҷымкәа ашәҟәқәа рҭыжьраҿы ацхыраара ду ҟаиҵеит, сызҿу аус ахәшьара бзиа аҭаны адгылара сиҭеит, абри ҳаиҿцәажәара схы иархәаны зегьы даҽазнык иҭабуп ҳәа расҳәоит...
Сеиҭагамҭақәа рыӡбахә ҳҳәозар, хаз-хазы еихшьааланы рыхьӡқәа шәзеиҭасҳәап.
Аҭырқәшәаҟынтә аԥсшәахь еиҭазгақәаз:
Кавказ иазку агәалашәарақәа - Мысҭафа Быҭәба
Сыхдырҵәеит, сыхҵәараххеит - Ҳаири Қәҭарба
Ахҵәарах ҭаала дыԥсуеит - Ҳаири Қәҭарба
Ухырҵәазар, асакараҿгьы уархьҭашьуеит- Ҳаири Қәҭарба
Сыхьҭашьуеит - Буқьир Ашәба
Аԥсуа Фуаҭ - Ҳәынҷа Алп Босутер
Чақырџьалы Ефе - Иашьар Қьемал
Амҩа бзиа - Алԥер Бганба
Ианаауртуа - цаԥхак ала – Чупе Ҳасан Оқан Ишьџьан
Макьана иҭыжьым аԥсшәахь еиҭазгаз ашәҟәқәа:
Зхы иақәиҭу Аԥсцәа рлегенда – Ԥсынетхәыч Синем
Даҽа ԥсадгьылк ҳамаӡам – Сельчук Сымсым
Аԥсшәа аҟынтә аҭырқәшәахь еиҭазгақәаз:
Аԥсуа Аԥсны шианаршьаз - Анзор Мықәба
Амцахара аамҭа - Вахтанг Аԥҳазоу
Ҳашьцәа, Ҳаԥсынра - Џьенгьиз Бганба (аиқәыршәаҩ Руслан Гәажәба)
Ахьтәы уасцәа – Мушьни Лашәриа
Семра - Рушьбеи Смыр
Аламыс – Миха Лакрба
Ахьышьҭра мҩала – Владимир Ҳараниа
Амра ашәахәақәа – Саида Жьиԥҳа
Sürgün Şiirleri – (Ахырҵәара иазку ажәеинраалақәа)
Ицәажәо аҭыӡқәа – Саида Жьиба
Нарҭашәа – Геннади Аламиа
Макьана иҭыжьым аҭырқәшәахь еиҭазгаз ашәҟәқәа:
Ахақәиҭратә мҩа - Аполлон Думаа
Адацхьаа – Лиудмила Сергьегьиаԥҳа.
Аурыс бызшәаҟынтә аҭырқәшәахь еиҭазгақәаз:
Не могу забыть - Адиле Аббас-оӷлы
История Абхазии в датах - Ҭемыр Ачыгәба
Легендарный пловец-спасатель Мамед Бадиа - Ҭемыр Ачыгәба
Насгьы:
АҞӘЫРҞАН – аҵакы аԥсышәала еиҭаганы иҭсыжьит.
Аҭырқәа-Аԥсуа, Аԥсуа-Аҭырқәа жәари аиццәажәагеи - аҵарауаҩ Сариа Амҷыԥҳеи сареи ҳаилахәны еиқәҳаршәеит.
© Foto / из личного архива Октая Чкотуа Октаи Ҷкотуа
Октаи Ҷкотуа - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.01.2022
Октаи Ҷкотуа
Абарҭ рыдагьы, Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт Адиалектологиатә лабораториаҟны Омар Беигәаа иҩымҭақәа аус ахьрыдыруло саргьы изласылшо ала срыдгылоуп.
- Иахьа аамҭа даара иуадаҩуп, адунеи зегьы амҽхакра иаҿуп ачымазара бааԥс. Уара даара урызҿлымҳауп мшын нырцә иҟоу ҳашьцәа, ҳаҳәшьцәа. Ари ашәарҭара бааԥс уаҟа иӷәӷәаны аҽаҟьама, иабанӡарауеи урҭ амедицинатә цхыраара?
- Ҳәарада, адуеи зегьы реиԥш Ҭырқәтәылагьы ӷәӷәала ирылаҵәаны иҟоуп ари ачымазараҿкы, амала азакәан аус ахьауа, ауаагьы иахьацныҟәо хымԥада еиҳа имаҷны аԥырхага рнаҭоит, уи адагьы ахәшәтәра процесс зегьы, излазбо ала, Ҭырқәтәыла аҳәынҭқарра хәыда-ԥсада имҩаԥнагоит... Ҳаргьы абра ҳгәеибаҭаны, ҳҳәынҭқарра алшарақәа шмаҷугьы, ҳазхәыцны аҭагылазаашьа ишахәҭоу ала ҳхы мҩаԥаҳгароуп. Аиашазы, ашәарҭа дуӡӡа ҳҭагылоуп, уи азгьы агәҽанызаара ӷәӷәа ҳамазароуп.
- Уара даара аенергиа бзиа улоуп, уахгьы-ҽынгьы лацәааихьшь ҟамҵакәа ҳажәлар акы ирыхәозар сылшара ҳәа аус ууеит акультуратә хәышҭаарақәа рҿы, угәаанагареи, уԥышәеи, ухшыҩи зегьы даара пату ҳазрықәуп. Ҳаԥхьаҩцәа идсырдырыр сҭахуп уажә ааигәа ажурнал "Алашара" ауаажәларратә хеилак ушаларҵаз, Ҭырқәтәылеи мшын нырцәи инхо ҳауаажәлар арҿиара иаҿу, аҟазара злоу урызҿлымҳауп, рыԥсадгьыл ахь ихьоурыԥшуеит. Ажәак ала, аибашьра иалагаанӡагьы, ианалагагьы, иахьагьы ҳажәлар зқәылан иааиуа рыцҳақәа иреиӷьу руаӡәк уара уоуп! Уи ҳара зегьы ҳзы игәадуроуп!
- Иҭабуп ҳәа шәасҳәоит, уи сара акы саԥсоуп, оумак сылшеит ҳәа акәым, шәара шәаԥсуареи шәеилкаареи иабзоуроуп. Саԥсахо Анцәа иҟаиҵааит! Ҳауаажәлар иахьыҟазаалак абзиарақәа рԥеиԥшыз, ҳаргьы ҳажәлари ҳ-Аԥсынреи ԥсыцқьарала рымаҵура Анцәа ҳахьигӡааит!
© Foto / из личного архива Октая Чкотуа Октаи Ҷкотуа
Октаи Ҷкотуа - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.01.2022
Октаи Ҷкотуа
- Иҭабуп ҳаиҿцәажәаразы...
Ажәабжьқәа зегьы
0