Иԥсҭазаара далҵит актиор Леонид Куравлиов

© Sputnik / Евгений БиятовЛеонид Куравлев на юбилее благотворительного фонда поддержки деятелей искусства "Артист" в Москве.
Леонид Куравлев на юбилее благотворительного фонда поддержки деятелей искусства Артист в Москве. - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.01.2022
Анапаҵаҩра
Урыстәылатәи акиноактиор, РСФСР жәлар рартист Леонид Куравлиов деицырдыруеит афильмқәа "Афоня", "Иван Васильевич меняет профессию", "Место встречи изменить нельзя", "Золотой теленок" уҳәа рҿы иихәмаруаз арольқәа рыла.
АҞӘА, ажьырныҳәа 30 - Sputnik. Актиор Леонид Куравлиов иԥсҭазаара далҵит Москва 86 шықәса дшырҭагылаз.
Ироль дуқәа иреиуоуп – амцҳәаҩ Шура Балаганов ироль Михаила Швеицер ифильм "Золотой теленок" аҿы (1968), аӷьыч Жорж Милославски ироль Леонид Гаидаи икинофильм "Иван Васильевич меняет профессию" (1973) аҿы, аӷьыч ироль Станислав Говорухин ителесериал "Место встречи изменить нельзя" (1979) аҿы.
Куравлиов афильмқәа рҿы иҽҭихуан 2015 шықәса рҟынӡа. 90-тәи ашықәсқәа раан дыхәмаруан афильмқәа "Мордашка" (1990), "Сделано в СССР" (1990), акомедиақәа "Как живете, караси?" (1991), "Ширли-мырли" (1995), уҳәа егьырҭгьы. 2000-тәи ашықәсқәа раан иара дыхәмаруан ари амилициеи рнапхгаҩцәа ррольқәа акриминалтә сага "Бригада" (2002), адрама "Европейский конвой" (2003), асериалқәа "Сыщики" (2001-2005), "Улицы разбитых фонарей" (2005-2007) рҿы. Аҵыхәтәантәи ирольқәа иреиуоуп Џьаник Фаизиев ибоевик "Турецкий гамбит" (2005) аҿы амаиор ироль, администрациа ахада Константин Одегов идрама "Наследники" (2008) аҿы, Вадим Соколовски илакә "Книга мастеров" (2009) аҿы аамысҭа ироль, аб Леонти ироль Александр Андраникиан икомедиа "Весь этот джем" (2015) аҿы. Зынӡа Куравлиов акино аҿы дыхәмарит 200 роль инареиҳаны.

Куравлиов ианаршьахьаз аҳамҭақәа иреиуоуп урыстәылатәи акинематограф аҿы иҟазаратә лагалазы акинофестиваль "Виват, кино России" аԥхьахә (1999), 2006 шықәсазы иара ианаршьеит аԥшьа Александр Невски иорден "Аџьабааи Аԥсадгьыли рзы", 2012 шықәса рзы ианаршьеит "Аԥсадгьыл аҿаԥхьа илшамҭақәа рзы" Урыстәыла аорден IV аҩаӡара.
Ажәабжьқәа зегьы
0