Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥснытәи асасааирҭақәа реиҳарак ахәԥсақәа шьҭырхит аԥхынтәи аԥсшьараамҭазы

© Sputnik / Томас Тхайцук / Амедиаҵәахырҭахь аиасраОтдых в Абхазии
Отдых в Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 31.01.2022
Анапаҵаҩра
Иаагәоуҭартә ихалеит еиҳарак аеконом-сегменти VIP-класси иртәу аргыларақәа рыхәԥсақәа.
АҞӘА, ажьырныҳәа 31 – Sputnik. Аԥсны аԥхынтәи аԥсшьара ахә еиҳахоит ҳәа аанацҳауеит Атуроператорцәа рассоциациа асаит. Аԥснытәи асасааирҭақәа реиҳарак ахәԥсақәа шьҭырхит аԥхынтәи аԥсшьараамҭазы. Ажьырныҳәа анҵәамҭазы заанаҵтәи атурқәа рыҭира арбагақәа ииасыз ашықәс иадкыланы бжьаратәла 20% - 100% еиҳахеит.
Курортный сезон. Отдыхающие на пляжах Абхазии.  - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.01.2022
Аԥсны
Аԥсныҟа аԥхынразы атурқәа уажәнатә раахәара иалагахьеит
Асасааирҭақәа аԥхынтәи атурқәа рыхәқәа 20% - 40% ирыцырҵеит ииасыз ашықәс иаҿырԥшны. Ахәқәа рышьҭаҵра зыхҟьогьы абылтәы, афатәаалыҵ, егьырҭ амаҵзурақәа рыхәқәа реизҳара ауп. Хаз игоу асасааирҭақәак 2021 шықәсазтәи ахәқәа нрыжьит ма имаҷӡаны ирыԥсахит. Аиҳарак иаагәоуҭартә ихалеит аеконом-сегменти VIP-класси иртәу ахыбрақәа рыхәԥсақәа.
Аԥсны аԥсшьара еиҳа иалыркаауеит урыстәылатәи атәылауаҩшәҟәы ала атәыла алалара, алаҵақәеи ПЦР-тестқәа рҭахымзаара, "имцҳауа" ахәқәа, асасааирҭа ҿыцқәа раартра инарыдҳәаланы.
Урыстәылатәи аԥсшьарҭатә џьармыкьа Египети егьырҭ ахырхарҭақәеи ахьазыхынҳәыз аԥснытәи асасааирҭақәа рзы заанаҵтәи аҿаҵарақәа ахәқәа рыгдмырхеит. Аҟазауаа ишырҳәо ала заанаҵтәи аҿаҵараан ахәԥсақәа агзырхаз жәабаҟа сасааирҭа роуп. Убри аан иреиҳаӡоу ахәгырхара 15% роуп иҟоу, уигьы зырхынҳәра ҟамло атариф азы.
Аԥарагырхаратә система аламҵәара зыдҳәалоу аклиентцәа радыԥхьалара астратегиа аԥсахроуп. Аргыларақәак зынӡа атуроператорцәа акциақәа рзыҟарымҵо иалагеит, ишиашоу аҭирақәа рахь иахьиасыз азы.
Аԥсны аԥхынтәи аԥсшьара ҿазҵо урыстәылаа реиҳараҩык рҭахрақәа уаанӡатәи аҭахрақәа ишреиԥшу иаанхеит. Еиҳарак агәаҳәара амоуп Гагра, анаҩс – Пицунда.
Алхра арҭоит апансион нагӡа удызгало аҭаацәаратә формат иатәу асасааирҭақәа. Арҭ рҩызцәа аԥсшьаҩцәа 7 - 14 у/ҽ. аԥсшьара аҿарҵоит. Убри аан азхьаԥшра арҭоит аинфраструктуреи ахҳәаа бзиақәеи.
Ажәабжьқәа зегьы
0