Путин иҳәеит ЕАА Урыстәыла ҷыдала хьаас ирымоу азҵаарақәа хырҩа шрырымҭаз

© Sputnik / Михаил Метцель / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПрезидент РФ В. Путин провел совещание с руководством министерства обороны РФ и предприятий ОПК
Президент РФ В. Путин провел совещание с руководством министерства обороны РФ и предприятий ОПК - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.02.2022
Анапаҵаҩра
Урыстәыла ахада агәыӷра ааирԥшуеит Кремли Аҩны шкәакәеи иҟоу ауадаҩрақәа рыӡбышьа мҩак азырыԥшаауеит ҳәа, аха уи зеиԥш мҩахоу макьаназ еилыргам.
АҞӘА, жәабран 2 – Sputnik. Ашәарҭадараз ахәдықәҵарақәа рзы ЕАА аҭак ала иубартә иҟоуп америкатәи аган Урыстәыла ҷыдала хьаас ирымоу азҵаарақәа хырҩа шрырымҭаз иҳәеит Владимир Путин ҳәа аҩуеит РИА Новости.
Венгриа аԥыза-министр Виктор Орбани Путини реицәажәара ашьҭахьтәи апресс-конференциаҿ Урыстәыла ахада иҳәеит Москва ажьырныҳәа 26 азы ЕАА-и НАТО-и рҟынтә иаиуз ажәалагалақәа анализ шрызнауа.
"Уажәнатә еилкаауп Урыстәыла иамоу ашәарақәа хырҩа шрыҭам. Абри атәы аԥыза-министргьы изеиҭасҳәеит. Ҳҭахра хадақәа хԥа рганахьала зхьаԥшра дук ҳамбеит", - иҳәеит Путин.
Кремль ашәарҭадараз ажәалагалақәа иҟанаҵаз ирхадараны иҟоуп НАТО Мрагыларахь аҽамырҭбаара, Урыстәыла аҳәаақәа рааигәара ажәыларатә бџьар дмыргыларц, Европатәи аблок арратә еилазаара 1997 шықәсазтәи аҭагылазаашьа иазыхынҳәырц.
Путин иҳәеит, Алианс СССР аилаҳара ашьҭахь аинфраструктура Мрагылараҟа ишымнахо азы ажәа аиҭеит, аха иахьа НАТО иалахәуп Прибалтика, Польша, Румыниа атәылақәа ҳәа.

"Акы рҳәеит, даҽак ҟарҵеит. Ари иаанаго, ажәлар рҿы ишырҳәо аиԥш "ҳдыршәит, ҳаржьеит" ауп", - иҳәеит иара.

Убри аан иазгәеиҭеит НАТО адокументқәа рҿы "иаарту ашәқәа" рполитика шазгәаҭам.
"Иаарту ашәқәа" рполитика ҳәа рҳәахуеит. Иабаҟоу иара? НАТО аҿы "иаарту ашәқәа" рполитика збахьада? НАТО аԥҵаразы 1949 шықәсазтәи аиқәшаҳаҭра ахәҭаҷ 10 аҿы иахьынӡасгәалашәо ала иануп НАТО алахәылацәа зегь рақәшаҳаҭрала егьырҭ европатәи атәылақәагьы аиҿкаара иаланаҵар ауеит. Иалшоит, аха уи хымԥадатәим", - иҳәеит ахада.
Иара убасгьы далацәажәеит Украина алианс алахәхара иахылҿиаар зылшо ашәарҭарақәа.
Здание МИД России - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.01.2022
Урыстәыла ААР НАТО иаднагалоит Румыниеи Болгариеи рҟынтә ар алнагарц
"Украина адоктриналтә документқәа рҿы иарбоуп Ҟрым архынҳәра амч ахархәарала имҩаԥгахоит ҳәа. Баша иҳәаны акәым, адокумент аҿы иарбаны. Иаҳҳәап, Украина НАТО иалахәылоуп. Бџьарла еиқәных иҟоуп. Иаԥырхагада? Ҟрым арратә операциа иалагоит… Иаанызкылода?" - иҳәеит Путин.
Иара ааԥхьара ҟаиҵеит абри аҩыза ашьаҿақәа иахькылнаго иазхәыцларц.
"НАТО-и ҳареи ҳаибашьуама? Абри аӡәыр дазхәыцхьоума? Ишызбо ала - мап", – иҳәеит Урыстәыла ахада.
Путин иазгәеиҭеит Москва аҽазышәара шауа аҭагылазаашьа аҭышәныртәаларазы, аха уи азы аганқәа зегьы – Урыстәыла, ЕЕ, Украина ршәарҭадара еиҿкаатәуп ҳәа. Иара иажәақәа рыла, Вашингтон Киев ахы ианархәоит Урыстәыла аанкыларазы, украинатәи аган аинтересқәа рыхьчара акәымкәа.
Здание Министерства иностранных дел РФ - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.01.2022
ААР Урыстәылеи Украинеи рыбжьара аибашьра ухахьы иузаамго акоуп ҳәа ирыԥхьаӡоит
Ажәабжьқәа зегьы
0