https://sputnik-abkhazia.info/20220206/asny-mragylarati-akha-araiona-ry-alashara-dyrtsar-akkhoit-1037454907.html
Аԥсны мрагыларатәи ахәҭа араионқәа рҿы алашара дырцәар акәхоит
Аԥсны мрагыларатәи ахәҭа араионқәа рҿы алашара дырцәар акәхоит
Sputnik Аҧсны
Аԥсны афымцамч ахархәара ахьышьҭыҵыз иахҟьаны Џьуартәи аӡеизакырҭаҿы аӡы еиҳа ирацәаны иныҵуа иалагеит, убри азы уи иеиҷаҳатәуп, узхысыр ҟамло аҩаӡараҟынӡа... 06.02.2022, Sputnik Аҧсны
2022-02-06T17:50+0300
2022-02-06T17:50+0300
2022-02-06T18:11+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны афымцалашара арцәара
аԥсны аенергетика апроблемақәа
ауаажәларра
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/04/06/1032163684_0:0:2600:1463_1920x0_80_0_0_5967313a60067963f14924adaf8642d4.jpg
АҞӘА, жәабран 6 - Sputnik. Аԥсны ахәҭак ашәахьа жәабран 7 рзы фымцалашарада ԥшьсааҭк иаанхоит ҳәа адырра ҟанаҵоит "Амшынеиқәафыцамч" Facebook аҿы.Џьуартәи аӡеизакырҭаҿы аӡы ахьылаҟәыз азы, аӡхыҽҽатә станциа "ГЭС-1" аҟынтәи иаауа афымцамч аиҷаҳара ахьаҭаху азы асааҭ 01:00 инаркны 05:00 рҟынӡа идырцәоит аҳауатә цәаҳәақәа "Шьешьелеҭ-1", "Шьешьелеҭ-2", "Аҽгәара".Фымцалашарада иаанхоит Очамчыра, Гәылрыԥшь, Гал, Тҟәарчал араионқәа.Жәабран 3 азтәи арбагақәа рыла Џьуартәи аӡеизакырҭаҿы аӡы аҩаӡара 415, 50 метра иҟоуп, убри аан ишәарҭан ишьоу аҩаӡара 425 метра иҟоуп. Аԥсны афымцамчтә усхк проблема хадақәас иамоуп иақәу аидара ахьдууи аинфраструктура ахьажәуи. Афымцамч ахьазымхо, афымцаҳақәа ахьажәу азы атәылаҿы акриптоԥара арҳаразы амаругақәа русура азин ыҟам, аамҭа-аамҭала алашара арцәара аграфикқәа аларгалалон.Иахьатәи аамҭазы Аԥсны алашара дырцәоит афымцацәаҳәақәа аидара ишакәым ианақәлалак ма аԥхасҭақәа аныҟалалак, аамҭа-аамҭала арцәарақәа рыграфик ҳәа акгьы алагалаӡам.Аԥсны Урыстәылантәи афымцамч аиуеит 2021 шықәса ԥхынҷкәынмза инаркны, уи абзоурала ҳтәыла хы-хәҭак рҟынтәи ҩба лашарала еиқәыршәоуп, егьи ахәҭа - аӡхыҽҽатә станциа "ГЭС-1" аҟынтәи иаиуеит.
https://sputnik-abkhazia.info/20220203/amshyneiafymtsamch-ay-egryges-aagylazaasha-akhaa-areit-1037415182.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/04/06/1032163684_114:0:2422:1731_1920x0_80_0_0_fb5b243ac0d3d47d2d941678a238112a.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны афымцалашара арцәара, аԥсны аенергетика апроблемақәа, ауаажәларра
ажәабжьқәа, аԥсны афымцалашара арцәара, аԥсны аенергетика апроблемақәа, ауаажәларра
Аԥсны мрагыларатәи ахәҭа араионқәа рҿы алашара дырцәар акәхоит
17:50 06.02.2022 (ирҿыцуп: 18:11 06.02.2022) Аԥсны афымцамч ахархәара ахьышьҭыҵыз иахҟьаны Џьуартәи аӡеизакырҭаҿы аӡы еиҳа ирацәаны иныҵуа иалагеит, убри азы уи иеиҷаҳатәуп, узхысыр ҟамло аҩаӡараҟынӡа илеит.
АҞӘА, жәабран 6 - Sputnik. Аԥсны ахәҭак ашәахьа жәабран 7 рзы фымцалашарада ԥшьсааҭк иаанхоит ҳәа адырра ҟанаҵоит "
Амшынеиқәафыцамч" Facebook аҿы.
Џьуартәи аӡеизакырҭаҿы аӡы ахьылаҟәыз азы, аӡхыҽҽатә станциа "ГЭС-1" аҟынтәи иаауа афымцамч аиҷаҳара ахьаҭаху азы асааҭ 01:00 инаркны 05:00 рҟынӡа идырцәоит аҳауатә цәаҳәақәа "Шьешьелеҭ-1", "Шьешьелеҭ-2", "Аҽгәара".
Фымцалашарада иаанхоит Очамчыра, Гәылрыԥшь, Гал, Тҟәарчал араионқәа.
Жәабран 3 азтәи арбагақәа рыла Џьуартәи аӡеизакырҭаҿы аӡы аҩаӡара 415, 50 метра иҟоуп, убри аан ишәарҭан ишьоу аҩаӡара 425 метра иҟоуп.
Аԥсны афымцамчтә усхк проблема хадақәас иамоуп иақәу аидара ахьдууи аинфраструктура ахьажәуи. Афымцамч ахьазымхо, афымцаҳақәа ахьажәу азы атәылаҿы акриптоԥара арҳаразы амаругақәа русура азин ыҟам, аамҭа-аамҭала алашара арцәара аграфикқәа аларгалалон.
Иахьатәи аамҭазы Аԥсны алашара дырцәоит афымцацәаҳәақәа аидара ишакәым ианақәлалак ма аԥхасҭақәа аныҟалалак, аамҭа-аамҭала арцәарақәа рыграфик ҳәа акгьы алагалаӡам.
Аԥсны Урыстәылантәи афымцамч аиуеит 2021 шықәса ԥхынҷкәынмза инаркны, уи абзоурала ҳтәыла хы-хәҭак рҟынтәи ҩба лашарала еиқәыршәоуп, егьи ахәҭа - аӡхыҽҽатә станциа "ГЭС-1" аҟынтәи иаиуеит.