Урыстәылатәи ашәаҩаҵшьыҩцәа Пекин имҩаԥысуа Аолимпиадаҿы ахьтәы медал иаиааит

© Sputnik / Павел Бедняков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраОлимпиада-2022. Лыжные гонки. Мужчины. Эстафета
Олимпиада-2022. Лыжные гонки. Мужчины. Эстафета - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.02.2022
Анапаҵаҩра
Урыстәылатәи аспортсменцәа аҭоурых ҿыц аҿы раԥхьаӡа акәны Аолимпиатә хәмаррақәа рҿы ашәаҩаҵшьратә еиԥхныҩларақәа рҟны ахьтәы медал иаиааиуеит, уаанӡа дара Шәачеи Пхенчхани араӡынқәа ракәын изиааихьаз.
АҞӘА, жәабран 13 - Sputnik. Урыстәыла Аолимпиатә еилакы ашәаҩаҵшьратә еиԥхныҩларақәа рзы ахацәа ркоманда Пекин Аолимпиатә хәмаррақәа рҟны аиааира ргеит 4х10 км иҟаз абжьаӡараҟны ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.
Акоманда иалан Алексеи Червоткин, Александр Большунов, Денис Спицов, Сергеи Устиугов. Изнысран иҟаз амҩа иахысит 1 сааҭки 54 минуҭи 50,7 секунд рыла.
Аицлабрақәа мҩаԥысуан ԥшь-етапкны имҩаԥысуан - актәи ҩ-етапк классикатә стильла, егьырҭ - ахы иақәиҭны. Урыстәылаа рзы Норвегиа акоманда акәын реиҳа ишәарҭаз.
Аҵыхәтәан ари аҩыза аицлабраҟны аурыс команда аиааира агахьан 42 шықәса раԥхьа - 1980 шықәса рзы Леик-Плесид. Урыстәыла иҿыцӡоу аҭоурых аҿы ҩынтә араӡны ргахьан - 2014 шықәса рзы Шәача, 2018 шықәса рзы - Пхенчхан.
Российская спортсменка Камила Валиева выступает на командных соревнованиях по фигурному катанию на зимних Олимпийских играх в Пекине - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.02.2022
Жәларбжьаратәи Аолимпиатә Еилакы урыстәылатәи аҵаақәшьқьрааҩ Валиева илхаранатәуа
Аспортсменцәа риааира абзоурала Урыстәыла уажәшьҭа аԥшьбатәи ахьтәы медал рымоуп. Иацы аҭыԥҳацәа ашәаҩаҵшьратә спортхкы аҟны ахԥатәи ахьтәы медал иаиааит - 4х5 километр иҟоу абжьаӡара 53 минуҭи 41,0 секунди рыла.
Пекин имҩаԥысуа Аолимпиатә хәмаррақәа рҟны актәи ахьтәы медал даиааит аскиатлон аҟны раԥхьа инеиз Александр Большунов. Аҩбатәи ахьтәы медал иаиааит урыстәылатәи аҵаақәшьқьырыҩцәа ркоманда, аха Жәларбжьаратәи аолимпиатә еилакы уи агәрамгара рызцәырнагеит Камила Валиева адопинг лылан ҳәа ицәырыргаз аимак-аиҿак азы.
Олимпиада-2022. Фигурное катание. Командный турнир - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.02.2022
Еилкаахеит Валиева Аолимпиадахь лынашьҭраз CAS аӡбамҭа анрыланаҳәо
Ажәабжьқәа зегьы
0