Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ахсалԥҳа Аԥсны адгьылҵысрақәа рзы: аӡиа Риҵа аҟалара алагьы иубоит, зынӡа ҳшырцәыхьчам

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Ахсалԥҳа Аԥсны адгьылҵысрақәа ирызкны
Анапаҵаҩра
Аԥсны адгьылҵысрақәа аҭыԥ абанӡарымоу, иарбан раионқәоу урҭ еиҳарак иҟалар ахьалшо, урҭ рыҭҵаара абанӡаҳалшо, абри атәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит Аԥсны аекологиатә институт аҭҵаарадырратә усзуҩ, афизика-математикатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Асида Ахсалԥҳа.
Змагнитуда 5,4 балл иҟаз адгьылҵысра ҟалеит Ермантәыла Қырҭтәылеи иареи рҳәааҿы жәабранмза 13 ауха ҳәа аанацҳаит Еиду Америкатәи аштатқәа Ргеологиатә маҵзура.
"Адгьыл аенергиатә процессқәа еиҳарак ашьхатә ҭыԥқәа рҿы иҟалоит. Атектоникатә процесс ауп изыхҟьаз аӡиа Риҵа аҭарчрагьы. Уи иаанагоит Аԥсны адгьылҵысрақәа ҳшырцәыхьчам, аха ишьақәырӷәӷәаны иуҳәар ҟалоит, Аԥсны адгьылҵысрақәа ҟалар ҟалоит мраҭашәара аган, уа иҟан атектоникатә процессқәа ҳзырбоз амаругақәа аибашьра ҟалаанӡа, уи зегьы еилаҳан иҟоуп уажәы. Тҟәарчал ақалақь ишәарҭоу ҭыԥуп ҳа иԥхьаӡоуп. Қырҭтәыла адгьылҵысра аныҟалогьы, амч арахь ианаршәуагьы ыҟоуп. Аха избан Тҟәарчал? Избанзар, уа арацәа ыҟоуп, уи иаанагоит адгьыл ирацәаны арацәа ахьыҵоу уамак иӷәӷәаӡам. Адгьылҵысрақәа есшықәса иҟоуп, аха 3 баллк иреиҳаӡам, уи ауаҩы инырӡом, изеилкааӡом. Ҳамшынгьы, иарку мшынуп ҳәа иԥхьаӡоуп, ацунами ахьыҟало иаарту амшын аҿоуп, убри аҟнытә ҳара ҳахьчоуп ҳәа иԥхьаӡоуп. Мрагыларахь амагнитуда рацәахар, Тҟәарчал, Гал ашьха иаԥну адгьылқәа рҿы маҷк анырра рынаҭар ауеит", - ҳәа еиҭалҳәеит Ахсалԥҳа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0