Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны Ацәыргақәҵатә зал хада аԥкрақәа рышьҭахь аҭааҩцәа рзы иаадыртит

© Sputnik / Томас Тхайцук Названа лучшая картина года в Абхазии
Названа лучшая картина года в Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.02.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсны ауааԥсыра ачымазара рацәыхьчаразы иалагалаз аԥкрақәа инарықәыршәаны 2021 шықәса нанҳәамзаахыс русура аанкылан акультура аусбарҭақәеи аспорттә хыбрақәеи. Ҳазҭоу ашықәс ажьырныҳәа 25 раахыс урҭ русуру еиҭахацыркуп.
АҞӘА, жәабран 14 - Sputnik, Наала Гәымԥҳа. Аԥкрақәа рышьҭахь ацәыргақәҵатә зал хада аҭааҩцәа рзы ҩаԥхьа ашәқәа аанартит жәабран 14 рзы. Акультуратә сезон хацыркхеит 2021 шықәса рзы аицлабра "Иреиӷьу ашықәс аусумҭа" аҟны иалкаахаз аусумҭақәа рыла.
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Арсалиаԥҳа 2022 шықәса рзы ацәаргақәҵатә зал хада аусуразы  - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.02.2022
Арадио
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Арсалиаԥҳа 2022 шықәса рзы ацәыргақәҵатә зал хада аусуразы
"Иазгәаҭатәуп, ацәыргақәҵа аҭааҩцәа ирыдгалоу 2021 шықәсазтәи аҭыхымҭақәа шракәу. Ахәаԥшцәа ианаамҭаз идҳарбартә еиԥш алшара ҳамамызт, аԥкрақәа ирыхҟьаны", - ҳәа агәалҭеит Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа реидгыла ацәыргақәҵатә зал хада аиҳабы, апроектқәа рхылаԥшҩы Ельвира Арсалиаԥҳа.
Аԥсны Акультура аминистрра 2021 шықәсазтәи аԥхьахә "Иреиӷьу ашықәс аусумҭа" анашьара мҩаԥган ԥхынҷкәын 9 рзы. Актәи аҭыԥ иаԥсахеит асахьаҭыхыҩ Виссарион Ҵәыџьба иусумҭа "Анатиурморт". Аҩбатәи аҭыԥ ианашьан Витали Џьениа аусумҭа "Викториа" азы, ахԥатәи – Аԥшьа Ҳагԥҳа "Уахынлатәи ацәажәара" азы.
© Sputnik / Томас Тхайцук

Аԥсны Акультура аминистрра аԥхьахә "Иреиӷьу ашықәс аусумҭа" аҟны ицәыргоу аусумҭа

Аԥсны Акультура аминистрра аԥхьахә "Иреиӷьу ашықәс аусумҭа" аҟны ицәыргоу аусумҭа - Sputnik Аҧсны
1/3

2/3

3/3

Усҟан аепидемиологиатә ҭагылазаашьа ауадаҩреи иҟаз аԥкрақәеи инарыдҳәаланы ацәыргақәҵа иалахәыз аиҿкааҩцәеи, аԥхьақәқәа згаз асахьаҭыхыҩцәеи, ажурналистцәеи заҵәык ракәын.
Иахьа мызқәак рнаҩс иаартыз Ацәыргақәҵатә зал хадаҿы имҩахыҵит аҟазара абзиабаҩцәагьы. Ахәаԥшцәа рыбла рзаҟәымго, азҿлымҳара аарԥшны, ҭынч асахьақәа ирыхәаԥшуан, еиҳа иргәаԥхаз аҭыхымҭақәа ҭырхуан, ргәаанагарақәа еимырдон.
"Аҟазара еснагь бзиа избон, сазҿлымҳан. Ацәыргақәҵатә залқәа лассы-лассы сырҭаалон, даара игәхьааганы сыҟан аиашазы. Ҩаԥхьа азин аныҟала, ишаасаҳаз еиԥш сымҩахыҵит, иӡыргоу аҭыхымҭақәа цәгьала исгәаԥхеит, урҭ рыхәаԥшра агәахәара ду сызцәырнагоит",-ҳәа лҳәоит аҭааҩы Наҭелла Акаба.
Ацәыргақәҵатә хыбра уахьааҩналоз аҿкы чымазара аҽацәыхьчаразы аҭааҩцәа ирыдыргалон асабрадақәа, арзҩыдарақәа.
"Ахәаԥшцәа ргәабзиара аиҷаҳаразыҳәаны ирыдаҳгалоит арзҩыдара, асабрада. Макьаназы иааиуа рхыԥхьаӡара маҷзаргьы, иубаратәы иҟоуп имҩахыҵуа ари амш акыраамҭа ишазыԥшыз", - лҳәоит ацәыргақәҵатә зал хада ахылаԥшҩы Агнесса Лакоба.
Ельвира Арсалиаԥҳа лажәақәа рыла, ацәыргақәҵа еиднакылеит еицырдыруа асахьаҭыхыҩцәа реиԥш, аҿаргьы рҭыхымҭақәа.
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Ҵәыџьбеи Џьниеи аицлабра Иреиӷьу ашықәс аусумҭа иазкны   - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.12.2021
Арадио
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Ҵәыџьбеи Џьниеи аицлабра "Иреиӷьу ашықәс аусумҭа" иазкны
"Аусумҭақәа иалкааны ҳәаак иҭагӡаӡам, араҟа иӡыргоуп ахырҳарҭақәа зегьы рыла: аграфика, аҿыханҵа, аҩычаратә, арԥшӡаратә усумҭақәа, аскульптура уҳәа аганқәа рыла. Иҳадгалан 50 инарзынаԥшуа аҭыхымҭақәа. Ҳазҭоу ашықәсазы ҳгәы иҭоуп инарҭбааны аиубилеитә цәыргақәҵа аиҿкаара", - ҳәа азгәалҭеит Арсалиа.
Ацәыргақәҵа аартызаауеит жәабран 14 - 21 рзы.
Ацәыргақәҵа "Иреиӷьу ашықәс аусумҭа" 2001 шықәса раахыс есышықәса имҩаԥыргоит Акультура аминистрреи Асахьаҭыхыҩцәа реидгылеи.
Ажәабжьқәа зегьы
0