Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Бжьаниа Аԥсны Аиашахаҵаратә уахәама ахада Аб Басариан Аԥлиа дидныҳәалеит

© Sputnik / Томас ТхайцукВозложение цветов в Парке Славы в честь освобождения Сухума
Возложение цветов в Парке Славы в честь освобождения Сухума - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.02.2022
Анапаҵаҩра
Аиереи Басариан Аԥлиа Аԥсны Аиашахаҵаратә уахәама ахадас дыҟоуп 2009 шықәса раахыс.
АҞӘА, жәабран 15 – Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны Аиашахаҵаратә уахәама ахада Аб Басариан Аԥлиа ииубилеи идиныҳәалеит ҳәа аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.

"Гәык-ԥсык ала ишәыдышәкыл шәиубилеитә рыцхә – 75 шықәса азы адныҳәалара. Анцәа имаҵ аура шәыԥсҭазаара зегьы азкра адоуҳа ҳараки ахамегӡара дуи аҭахуп. Ауаа рахь ишәымоу аиҷаҳара, агәыҭбаара, имҩаԥыжәго аныҳәарақәа ҿырԥштәны иҟоуп шәнапы злаку аус гәык ала азыҟазаареи ауаатәыҩса рахь шәыбзиабареи раарԥшра", - ҳәа аҳәоит ахада иҟаиҵаз адныҳәалара.

Бжьаниа иазгәеиҭеит, аб Басариан Аџьынџьтәылатә еибашьраан Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа ириҭоз адгылара, аибашьра ашьҭахь ауахәама аиҭашьақәыргылареи арӷәӷәареи рзы иусура.
"1992-1993 шықәсқәа раантәи Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьраан ажәлар рдоуҳа ашьҭыхразы шәҽазышәарақәеи аибашьра ашьҭахьтәи аамҭақәа рзы аԥсуа уахәама арӷәӷәареи рзы шәылшамҭақәа аҳаҭыр ду иаԥсоуп", - ҳәа иҳәоит ахада.
Бжьаниа аиереи изеиӷьеишьеит ашықәс рацәа, имаҵураҟны Анцәа ицхыраара, аманшәалара, аҭынчра.
Аиереи Басариан Аԥлиа Аԥсны Аиашахаҵаратә уахәама ахадас дыҟоуп 2009 шықәса раахыс. 1997 шықәсазы Аҟәа-Аԥснытәи аепархиа ахеилак анапхгаҩыс далхын.
Ажәабжьқәа зегьы
0