Валиева адопинг-ҭыӡшәа сарааԥсеит цәаныррала ҳәа аҳәамҭа ҟалҵеит

© Sputnik / Григорий Сысоев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраОлимпиада-2022. Фигурное катание. Командный турнир
Олимпиада-2022. Фигурное катание. Командный турнир - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.02.2022
Анапаҵаҩра
Иацы раԥхьаӡа акәны адопинг-ҭыӡшәа ашьҭахь Валиева аҽазыҟаҵарахь днеит.
АҞӘА, жәабран 15 - Sputnik. Урыстәылатәи аҵаақәышьқьрааҩ Камила Валиева раԥхьаӡа акәны ахҳәаа алҭеит Пекин адопинг-гәаҭа иахылҿиаз аҭыӡшәа.
Лара илҳәеит адопинг-ҭыӡшәа сарааԥсеит цәаннырала ҳәа.
"Арҭ амшқәа сара сзы акыр иуадаҩын. Сааԥсеит. Ганкахьала сгәырӷьоит Аолимпиатә хәмаррақәа сахьрылахәу, стәыла ахьӡала сахьықәгыло, аха цәаныррак сымамшәа сааԥсеит. Ус шакәугьы сгәыӷуеит сымчқәа еизганы исылоу зегь аарԥшра сылшап ҳәа" - лҳәеит Валиева Актәи аканал аефир аҿы.
Валиева илҳәеит, CAS аилатәараҿы быжьсааҭк дыштәаз, аԥсшьараамҭа знык ирылаҳәан – 20 минуҭ.
Адопинг-тест амҩаԥгаразы Жәларбжьаратәи амаҵзура (ITA) ахәаша аҳәамҭа ҟанаҵеит Валиева лдопинг-гәаҭа, 2021 шықәса ԥхынҷкәын 25 азы игаз иаанарԥшит лцәа триметазидин шалаз. Урыстәылатәи аҵаақәшьқьрааҩы Камила Валиева Аолимпиатә хәмаррақәа рахь днашьҭызааит ҳәа аӡбеит Аспорттә бжьаҟазаратә ӡбарҭа (CAS), Жәларбжьаратәи Аолимпиатә еилаки (МОК), Жәларбжьаратәи аҵааныҟәаҩцәа Реидгылеи (ISU), Жәларбжьаратәи адопингҿагыларатә маҵзуреи (WADA) ирҳәаз иақәшаҳаҭымхакәа. Иара азин ҟанаҵеит аҵаақәшьқьрааҩы Пекин имҩаԥысуа Аолимпиатә хәмаррақәа лхы рылалырхәырц аӡәаӡәалатәи ақәгылараҟны. Аха Жәларбжьаратәи Аолимпиатә еилакы (МОК) аҳәамҭа ҟанаҵеит Валиева аԥхьахә рыҭарахь данынашьҭха аԥхьахә рыҭаратә усмҩаԥгатә шымҩаԥгамхо.
Олимпиада-2022. Фигурное катание. Женщины. Тренировки - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.02.2022
Аҵаақәшьқьрааҩ Валиева Пекинтәи аолимпиадаҿ хаҭалатәи атурнир ахь днашьҭхоит
Аҳәса рыбжьара аӡәаӡәалатә қәгыларақәа аԥхьатәи рымш мҩаԥысуиет аҩаша.
Урыстәыла Аолимпиатә еилакы ааԥхьара ҟанаҵеит аҭагылазаашьа ныҭкааны иҭҵаазарц, иазгәанаҭеит агәаҭарақәа рыҿҳәарақәа иашамкәа ишымҩаԥгаз. СССР зҽаԥсазтәыз азыҟаҵаҩ Татиана Тарасова, Валиева лыхҭыс ахҳәаа аҭо илҳәеит Аспортә бжьаҟазаратә ӡбарҭа аҭагылазаашьа ииашаны еилнаргеит ҳәа. Лара лажәақәа рыла, аспортсменка хара лымам. Урыстәыла ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ Дмитри Песков иакәзаргьы Валиева Аолимпиадаҿ аиааира лзеиӷьеишьеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0