Выборы в Народное Собрание Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920
Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа-2022
Жәлар Реизарахь алхрақәа мҩаԥгахоит хәажәкыра 12 2022 шықәсазы. Апарламентахь иалххоит 35-ҩык адепутатцәа. АКХ аҟны ашәҟәы иҭарыҩхьеит 123-ҩык акандидатцәа, урҭ рахьынтә 107-ҩык хацәоуп, 16-ҩык аҳәса.

АКХ аҟны Аԥсны Апарламент адепутатрахь акандидатцәа аӡәы ашәҟәы дҭыргеит

© Sputnik / Томас ТхайцукВыборы президента Абхазии. ЦИК
Выборы президента Абхазии. ЦИК - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.02.2022
Анапаҵаҩра
Иааидкыланы ари аамҭазы АКХ аҟны ашәҟәы иҭарыҩхьеит 119-ҩык Апарламент адепутатрахь акандидатцәа зыӡбахә ҳәоу 133-ҩык рахьынтәи.
АҞӘА, жәабран 18 – Sputnik. Аԥсны Алхратә комиссиа хадаҿы ашәҟәы дҭыргеит Дәрыԥшьтәи 16-тәи алхратә ҭыԥ хадала Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент адепутатрахь ицоз акандидат.
"Аԥсны аҳәынҭқарра Жәлар Реизара-Апарламент ахь алхрақәа рзы" Аԥсны Аконституциа азакәан 51 ахәҭаҷ инақәыршәаны , Аԥсны алхратә комиссиа хада аҟны ашәҟәы дҭыгоуп Дәрыԥшьтәи 16-тәи алхратә ҭыԥ хадала Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент адепутатрахь ицоз акандидат Ҷедиа Замир Автондил-иԥа иара иҟаиҵаз аҳәара инақәыршәаны", - ҳәа аҳәоит АКХ иҟанаҵаз аҳәамҭаҿы.
Ҷедиа Алхратә комиссиа хадаҟны акандидат иаҳасабала ашәҟәы дҭаргалеит жәабран 14 азы.
Аԥсны Апарламент ахь Дәрыԥшьтәи 16-тәи алхратә ҭыԥ хадала иқәгылоуп: Ҳалуашь Беслан аԥшьгаратә гәыԥ аҟынтәи, иара убас аполитикатә партиа "Аԥсны" ахьӡ ала Џьугьелиа Асҭамыр. Арҭ аҩыџьагьы ашәҟәы иҭагалоу рсиаҿы иҟоуп. Урҭ зегьы жәбар шәылшоит абра.
Уажәтәи аамҭазы АКХ аҟны ашәҟәы иҭарҩхьеит 119-ҩык Апарламент адепутатрахь акандидатцәа. Ашәҟәҭагалара мҩаԥыслоит хәажәкырамза 2 рҟынӡа. АКХ ахь иахәҭоу ашәҟәқәа зегьы нагатәуп жәабранмза 20 рҟынӡа.
ЦИК Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.02.2022
Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа-2022
АКХ аҿы Аԥсны Апарламент адепутатрахь даҽа 10-ҩык акандидатцәа ҭарҩит
Зынӡа АКХ аҿы иҭаҩуп аԥшьгаратә гәыԥқәа 118, аполитикатә партиақәа хәба, дара рҟынтәи алхрақәа ирылахәуп 15-ҩык.
Жәлар Реизарахь алхрақәа мҩаԥгахоит хәажәкыра 12 2022 шықәсазы. Абыжьбатәи Апарламент ҿыц иааиуа хәышықәса ареспублика азакәанԥҵаратә политика шьақәныргылоит.
Абжьыҭаразы азин имоуп абжьыҭара амш аҽнынӡа 18 шықәса зхыҵхьоу дарбанзаалак Аԥсны атәылауаҩы. Жәлар Реизарахь иалххоит 35-ҩык адепутатцәа. Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа рымҩаԥгаразы атәыла абиуџьет аҟынтәи иазоужьуп 20 миллион мааҭ.
Ажәабжьқәа зегьы
0