Путин аиадертә триада амчқәа рҽазыҟаҵарақәа алаиргеит

© Sputnik / Алексей Никольский / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПрезидент РФ В. Путин провел встречу с членами правительства РФ
Президент РФ В. Путин провел встречу с членами правительства РФ - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.02.2022
Анапаҵаҩра
Астратегиатә нкылара амчрақәа ҳәа иԥхьаӡоуп астратегиатә авиациа, аконтинентбжьаратә баллистикатә ракетақәа, атомтә аӡаҵатә ракетаныҟәгагақәа.
АҞӘА, жәабран 19 — Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин дырҭааит аиадертә триада амчқәа злахәу аҽазыҟаҵарақәа дырҭааит, абри атәы аанацҳауеит РИА Новости, ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ Дмитри Песков иажәақәа шьаҭас иааганы.
Уаанӡа Кремль ахаҭарнак иазгәеиҭахьан арҭ рҩызцәа аҽазыҟаҵарақәа атәыла ахада далахәымкәа рымҩаԥгара шалымшо.
Урыстәылатәи ахада дицны арҭ аҽазыҟаҵарақәа дырхылаԥшуеит Москваҟа аиҿцәажәарақәа рахь иааз Белоруссиа ахада Александр Лукашенко.
Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра адыррақәа рыла, арҭ аҽазыҟаҵарақәа аплан инақәыршәаны имҩаԥысуеит, урҭ раан аконтинентбжьаратә баллистикатәи амҵәыжәҩа змоуи аракетақәа. Аҽазыҟаҵарақәа ирылахәуп Аҳаиртә-космостә мчқәа, Аладатәи арратә округ, Астратегиатә ҵакы змоу аракетатә архәҭақәа, Аҩадатәии Амшынеиқәатәии афлотқәа рыруаа.
Аҽазыҟаҵарақәа хықәкыс ирымоуп арратә напхгара, арбџьармчқәа, аӷбақәеи аракетаныҟәгагақәеи рекипажқәа ахьынӡазыҟаҵоу, иара убас астратегиатә аиадертәи ииадертәми арбџьармчқәа урықәгәыӷыртә иахьынӡаҟоу.
Абри аамҭазы имҩаԥысуеит аурыс-белоруссиатә ҽазыҟаҵарақәа "Союзная решимость-2022". Мраҭашәаратәи апартниорцәа уи азы лахь шрырҭогьы, аҩтәылакгьы арҭ аҿазыҟаҵарақәа ахыхьчаратә ҟазшьа рымоуп рҳәоит. Урҭ анхыркәшахалак жәабран 20 рзы Белоруссиа аҵакыраҿы урыс солдатки даанхом рҳәеит.
Совместные учения России и Белоруссии Союзная решимость-2022 - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.02.2022
Песков: Урыстәыла аҵакыраҿы имҩаԥысуа аҽазыҟаҵарақәа зегьы еилыккоуп
Ажәабжьқәа зегьы
0