70 нызқьҩык Донбасс ауааԥсыра Урыстәылаҟа иахыгоуп

© Sputnik / Максим Богодвид / Амедиаҵәахырҭахь аиасраОтправление беженцев из ДНР и ЛНР в регионы России
Отправление беженцев из ДНР и ЛНР в регионы России - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.02.2022
Анапаҵаҩра
ДЖәРеи ЛЖәРеи жәабран 18 азы Украина аганахь ала ашәарҭара иҟоу азы аҳәса, абыргцәа, ахәыҷқәа Урыстәылаҟа рахыгара иалагеит.
АҞӘА, жәабран 22- Sputnik. Донбасси Лугански ареспубликақәа руааԥсыра 70 нызқьҩык Урыстәылаҟа иахыгоуп ҳәа аанацҳауеит РИА Новости ООН иҟоу Урыстәыла ахаҭарнак Васили Небензиа иажәақәа шьаҭас иҟаҵаны.
Иара иажәақәа рыла, аимак аҽанеибархха ауаа Украинаҟа акәымкәа Урыстәылаҟа оуп рхы ахьдырхаз.
"Арҭ амшқәа рзы 70 000-ҩык инареиҳаны ауааԥсыра рҭыԥ иахыҵит. Урыстәыла урҭ рынхарҭеи рныҟәгареи рзы ауснагӡатәқәа аднакылоит", - ҳәа иҳәеит иара.
ООН Ашәарҭадаратә хеилак аҟны Небензиа иҳәеит аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы аҭынч уааԥсыра шҭахоз, ишазгәаҭаз 1600 хеиҵаҵа ареспубликақәа ралажьра, адиверсиатә гәыԥқәа ацәгьоурақәа шымҩаԥыргоз.
"Иара убасгьы Урыстәыла аҵакыраҿы иҟоу аҳәаахьчаратә ҭыԥқәа иахьрыҵанакуаз ирылахысын", - ҳәа иҳәеит иара.
П/к главы ДНР Д. Пушилина - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.02.2022
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
ДЖәР ахада Пушилин: Урыстәыла ахада аурыс жәлар ракзааразы ргәазыҳәара наигӡеит
Аҵыхәтәантәи амшқәа рзы Донбасс аҭагылазаашьа иаалырҟьаны еибарххеит. Аҭыԥантәи амчрақәа аҭынчуааԥсыра хыԥхьаӡара рацәала Урыстәылаҟа иахыргеит, азеиԥш ҽеидкылара рыларҳәеит украинатәи амчрақәа Донбасс иажәлар ҟалоит ҳәа иҟаз ашәарҭаразы.
Ахҵәацәа аамҭала раангыларҭақәа рҿы ПЦР-тестқәа арҭоит. Уаанӡа Урыстәыла АҶА ахада Александр Чуприан иҳәахьан иаҭаххар Донбасс иахыҵыз алаҵаҟаҵара рзымҩаԥгара ишазыхиоу.
Владимир Путин ашәахьа, Ашәарҭадаратә хеилак аилатәара ашьҭахь Урыстәыла атәылауаа рахь аҳәамҭа ҟаҵо иазгәеиҭеит аамҭа мгакәа Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рсуверинитет азхаҵара ада ԥсыхәа ыҟамкәа ишибо.
Урыстәыла ахада Владимир Путин абри ашьҭахь инапы аҵаҩит Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаҵаразы Аусԥҟа.
Ажәабжьқәа зегьы
0