Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда, ДЖәРи ЛЖәРи иҟарҵаз аҳәарала. Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаиҵеит.

ДЖәР ахада Пушилин: Урыстәыла ахада аурыс жәлар ракзааразы ргәазыҳәара наигӡеит

© Sputnik / Сергей Батурин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраП/к главы ДНР Д. Пушилина
П/к главы ДНР Д. Пушилина - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.02.2022
Анапаҵаҩра
Донецктәи Жәлар рреспублика ахада Денис Пушилин Урыстәыла ахада Владимир Путин ҭабуп ҳәа иеиҳәеит Донецки Лугански разхаҵаразы.
АҞӘА, жәабран 22 - Sputnik. ДЖәР ахада Денис Пушилин Урыстәыла ахада аурыс жәлар ракзааразы ргәазыҳәара наигӡеит, ари ҭоурыхтә иашароуп, "Аиашара шьақәнаргылоит" ҳәа иҳәеит. Абри аҩыза аҳәамҭа ҟаиҵеит Telegram аҿы.
"Урыстәылатәи Афедерациа ахада Владимир Владимир-иԥа Путин иганахь ала Донбасс ареспубликақәа разхаҵара ҳаԥсҭазаараҿы ахааназ аҭыԥ ааннакылоит аиашара аиҭашьақәыргылара иахҭысны. Иахьа иӡбахеит уаҵәтәи ҳԥеиԥш", - ҳәа иҩуеит Пушилин.
Иара игәаанагарала, ареспубликақәа разхаҵара ари ацхыраара аиҳа еиҳауп, "ари аӡбра уаҵәтәи амш уақәнаргәыӷуеит".
" Урыстәыла ахада аурыс жәлар ракзааразы ргәазыҳәара наигӡеит, ари ҭоурыхтә иашароуп. Владимир Путини Урыстәыла зегьи ҭабуп ҳәа раҳҳәоит", - ҳәа иҳәеит ареспублика ахада, иагьазгәеиҭеит ԥхьаҟа аусура ду шырзыԥшу.
Украинские Военные 
 - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.02.2022
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Путин Атәылахьчара аминистрра адҵа аиҭеит ДЖәРи ЛЖәРи рҟны аҭынчра ашьақәгылара иацхраарц
Пушилин Донбасс азхаҵара итәылауаа ирыдиныҳәалеит.
Аҵыхәтәантәи амшқәа рзы Донбасс аҭагылазаашьа иаалырҟьаны еибарххеит. Аҭыԥантәи амчрақәа аҭынчуааԥсыра хыԥхьаӡара рацәала Урыстәылаҟа иахыргеит, азеиԥш ҽеидкылара рыларҳәеит украинатәи амчрақәа Донбасс иажәлар ҟалоит ҳәа иҟаз ашәарҭаразы.
Владимир Путин ашәахьа, Ашәарҭадаратә хеилак аилатәара ашьҭахь Урыстәыла атәылауаа рахь аҳәамҭа ҟаҵо иазгәеиҭеит аамҭа мгакәа Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рсуверинитет азхаҵара ада ԥсыхәа ыҟамкәа ишибо.
Урыстәыла ахада Владимир Путин абри ашьҭахь инапы аҵаҩит Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаҵаразы Аусԥҟа.
Ажәабжьқәа зегьы
0