https://sputnik-abkhazia.info/20220222/aayn-akhaty-naplaktsa-rynti--asua-a-rakhati-amilat-eitslabra-magakhoit--1037724085.html
Ахатә наплакҩцәа иҭрыжьуа аԥсуа ҩқәа реицлабра мҩаԥгахоит ааԥынразы
Ахатә наплакҩцәа иҭрыжьуа аԥсуа ҩқәа реицлабра мҩаԥгахоит ааԥынразы
Sputnik Аҧсны
Аицлабра еицырдыруа аҩыҟаҵаҩ, аҩыҟаҵара ашьаҭаркҩы Николаи Бата-иԥа Ачба ихьӡ ахуп. 22.02.2022, Sputnik Аҧсны
2022-02-22T18:00+0300
2022-02-22T18:00+0300
2022-02-23T17:53+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
акультура
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/02/16/1037716225_0:85:1620:996_1920x0_80_0_0_36f11dc308f0d1de48b72cdc38c544d7.jpg
АҞӘА, жәабран 22 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсуа ҩқәа раԥхьатәи рмилаҭтә еицлабра мҩаԥгахоит 2022 шықәса, ааԥынразы ҳәа иҳәеит анаплакы "Аԥсны аҩқәеи аӡқәеи" адиректор хада Николаи Ачба апресс-конференциаҿ, жәабран 22 азы.Иара иажәақәа рыла аицлабра аҳәаақәа ирҭагӡаны ҩеижәа рҟынӡа уснагӡатә мҩаԥгахоит – афотоцәыргақәҵа, асахьақәа рцәыргақәҵа, аҩыҟаҵаҩцәеи аҩы аҭоурыхдырыҩцәеи рлекциақәа уҳәа."Иазԥхьагәаҭоуп аӡахәаҭрақәа рҭаара. Ауснагӡатә ахь инаԥхьахоит аԥсуаҩыҟаҵаҩцәа зегьы. Аиҿкааратә еилакы аҟны ирыӡбеит ари раԥхьатәи амилаҭтә еицлабра Аԥсны иҟоу азауад дуқәа аладмырхәырц", - ҳәа еиҭеиҳәеит Николаи Ачба.Аицлабрахь инаԥхьахоит аҩы рацәаны иҭазтәуа ракәымкәан зхатә баҳчақәа рыҟны ажь аазрыхуа анхацәа.Аицлабра алахәылацәа зегьы аҳамҭақәа роуеит – европатәи аӡахәахкқәа реиҭаҳатәқәа, аилак алахәылацәа рҟынтәигьы хаз игоу аҳамҭақәа. "Аԥсны аҩқәеи аӡқәеи" аиааира зго анаплакы аҿы аҩҭаҭәара алшара рырҭоит ԥхьаҟа аҭиразы."Агьамабаратә комиссиа еиҿкаауп. Уахь иааԥхьоуп ИАР атәылақәа рҿы еицырдыруа аҩыҟаҵаҩцәа, академик Анатоли Мкан-иԥа Аҩӡбеи аҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор Георги Николаи-иԥа Арпентини. Акомиссиа ацхантәаҩыс дҟалоит Валери Борис-иԥа Аҩӡба", - ҳәа азгәеиҭеит Ачба.Зынӡа акомиссиа иалахәхоит 15-ҩык аҟазауаа."Агьамабаратә комиссиа алахәылацәа заанаҵы ирыздырӡом згьама рбо аҩы зтәу зусҭцәоу", - ҳәа иҳәеит иара.Аҩыҟаҵаҩцәа реицлабра есышықәса имҩаԥгалахоит.Аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, Ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа иазгәеиҭеит аицлабра атрадициатә ҩыҟаҵара ишацхраауа, иҳәеит асовет аамҭақәа раахыс Аԥсны акурортқәеи ақыҭанхамҩатә аалыҵи рыла ахьӡ шрылаҵәаз.Анаплакы "Аԥсны аҩқәеи аӡқәеи" аҩыҟаҵаҩ хада Валери Аҩӡба иҳәеит аицлабра ашьҭахьгьы изҭаху абжьгарақәа шрыҭалахо."Аҩыҟаҵаратә культура рылаҳааӡалоит", - иҳәеит иара.Аҳәынҭстандарҭ анапхгаҩы и.н. Нарсоу Сангәлиа иазгәеиҭеит ауснагӡатә аҵак ду аманы ишишьо.Арзаҳалқәа рыдыркылалоит жәабран 28 инаркны мшаԥы 20 аҟынӡа. Аелектронтә ԥошьҭа: abkhazwine@mail.ru. Аицлабра мҩаԥгахоит мшаԥы 29 азы.
https://sputnik-abkhazia.info/20220218/asuaa-ryaasha-akultura-iazku-atsyrgaa-magakhoit-aa-1037655137.html
https://sputnik-abkhazia.info/20220116/asny-ayaara-iyit-adokumentalt-film-asuaa-rtraditsiat-napazara-iazkny-1037159677.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/02/16/1037716225_90:0:1530:1080_1920x0_80_0_0_6a3d3f8cb8c0abec0d3d339da5da9e4b.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, акультура
Ахатә наплакҩцәа иҭрыжьуа аԥсуа ҩқәа реицлабра мҩаԥгахоит ааԥынразы
18:00 22.02.2022 (ирҿыцуп: 17:53 23.02.2022) Аицлабра еицырдыруа аҩыҟаҵаҩ, аҩыҟаҵара ашьаҭаркҩы Николаи Бата-иԥа Ачба ихьӡ ахуп.
АҞӘА, жәабран 22 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсуа ҩқәа раԥхьатәи рмилаҭтә еицлабра мҩаԥгахоит 2022 шықәса, ааԥынразы ҳәа иҳәеит анаплакы "Аԥсны аҩқәеи аӡқәеи" адиректор хада Николаи Ачба апресс-конференциаҿ, жәабран 22 азы.
"Аицлабра хықәкыс иамоуп аҭыԥантәи аҩыҟаҵаҩцәа адгылара рыҭара, Аԥсны иҭрыжьуа аҩқәа рхаҭабзиара аиӷьтәра. Аицлабра аиҿкааратә еилакы аҿы ҳаилахәыра адагьы иадыԥхьалоуп Ақыҭанхамҩа аминистрра, Аҳәынҭстандарт, Акультура-усутә ҭыԥ "Гума", ахатәхаҿқәа", - ҳәа иҳәеит Ачба.
Иара иажәақәа рыла аицлабра аҳәаақәа ирҭагӡаны ҩеижәа рҟынӡа уснагӡатә мҩаԥгахоит – афотоцәыргақәҵа, асахьақәа рцәыргақәҵа, аҩыҟаҵаҩцәеи аҩы аҭоурыхдырыҩцәеи рлекциақәа уҳәа.
"Иазԥхьагәаҭоуп аӡахәаҭрақәа рҭаара. Ауснагӡатә ахь инаԥхьахоит аԥсуаҩыҟаҵаҩцәа зегьы. Аиҿкааратә еилакы аҟны ирыӡбеит ари раԥхьатәи амилаҭтә еицлабра Аԥсны иҟоу азауад дуқәа аладмырхәырц", - ҳәа еиҭеиҳәеит Николаи Ачба.
Аицлабрахь инаԥхьахоит аҩы рацәаны иҭазтәуа ракәымкәан зхатә баҳчақәа рыҟны ажь аазрыхуа анхацәа.
"Аԥсны аҩы еиӷьны иҟазҵо деилаҳкаап. Аиҿкааратә еилакы аиааира зго ианаршьоит – 150 000 мааҭ инаркны 500 000 мааҭ рҟынӡа еиуеиԥшым аҭыԥқәа рзы. Ҳақәгәыӷуеит гран-при зго дҟалап ҳәа. Уи миллионк рҟынӡа ианашьахоит аҩышкәакәа акәу аҩыҟаԥшь акәу иахьмырԥшыкәа",- ҳәа иҳәеит Ачба.
Аицлабра алахәылацәа зегьы аҳамҭақәа роуеит – европатәи аӡахәахкқәа реиҭаҳатәқәа, аилак алахәылацәа рҟынтәигьы хаз игоу аҳамҭақәа. "Аԥсны аҩқәеи аӡқәеи" аиааира зго анаплакы аҿы аҩҭаҭәара алшара рырҭоит ԥхьаҟа аҭиразы.
"Агьамабаратә комиссиа еиҿкаауп. Уахь иааԥхьоуп ИАР атәылақәа рҿы еицырдыруа аҩыҟаҵаҩцәа, академик Анатоли Мкан-иԥа Аҩӡбеи аҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор Георги Николаи-иԥа Арпентини. Акомиссиа ацхантәаҩыс дҟалоит Валери Борис-иԥа Аҩӡба", - ҳәа азгәеиҭеит Ачба.
Зынӡа акомиссиа иалахәхоит 15-ҩык аҟазауаа.
"Агьамабаратә комиссиа алахәылацәа заанаҵы ирыздырӡом згьама рбо аҩы зтәу зусҭцәоу", - ҳәа иҳәеит иара.
Аҩыҟаҵаҩцәа реицлабра есышықәса имҩаԥгалахоит.
Аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, Ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа иазгәеиҭеит аицлабра атрадициатә ҩыҟаҵара ишацхраауа, иҳәеит асовет аамҭақәа раахыс Аԥсны акурортқәеи ақыҭанхамҩатә аалыҵи рыла ахьӡ шрылаҵәаз.
16 Ажьырныҳәа 2022, 16:25
Анаплакы "Аԥсны аҩқәеи аӡқәеи" аҩыҟаҵаҩ хада Валери Аҩӡба иҳәеит аицлабра ашьҭахьгьы изҭаху абжьгарақәа шрыҭалахо.
"Аҩыҟаҵаратә культура рылаҳааӡалоит", - иҳәеит иара.
Аҳәынҭстандарҭ анапхгаҩы и.н. Нарсоу Сангәлиа иазгәеиҭеит ауснагӡатә аҵак ду аманы ишишьо.
Арзаҳалқәа рыдыркылалоит жәабран 28 инаркны мшаԥы 20 аҟынӡа. Аелектронтә ԥошьҭа:
abkhazwine@mail.ru. Аицлабра мҩаԥгахоит мшаԥы 29 азы.