Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Нестор Лакоба иԥшәмаԥҳәыс лҭоурых еиҭазҳәо раԥхьатәи аспектакль

Анапаҵаҩра
Аспектакль "Сариа" - Нестор Лакоба иԥшәмаԥҳәыс лҭоурых еиҭазҳәо раԥхьатәи қәыргыламҭоуп.
Ақәыргыламҭа "Сариа" асценари автор аҟабарда поетесса, адраматург Зарина Ҟаныҟәа, апиеса аԥсшәахь еиҭалгеит апоетесса Инна Ҳаџьымԥҳа, арежиссиор Мадина Аргәынԥҳа, асценограф асахьаҭыхҩы Нодар Ҵәыџьба. Сариа лроль дыхәмаруеит С. А. Герасимов ихьӡ зху Урыстәылазегьтәи аҳәынҭқарратә акинематографиатә институт (ВГИК) арежиссиортә факультет аушьҭымҭа Амра Наҷҟьебиаԥҳа. Нестор Лакоба ироль наигӡоит Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Даур Арухаа.
1936 шықәса рзы Аԥсны Жәлар ркомиссарцәа рхеилак (Совнарком) ахантәаҩы Нестор Лакоба иаалырҟьаны иԥсҭазаара далҵит, Лавренти Бериеи иареи реимак ашьҭахь. Аҵарауаа аӡәырҩы изларԥхьаӡо ала, Нестор Лакоба ашҳам иҭан дшьын Бериа иҩны уаххьафараан. Аамҭақәак рышьҭахь Лакоба "ажәлар раӷа" ҳәа ахьӡ ихырҵеит. 1937 шықәса рзы дҭаркит иара иԥшәма Сариа. Абахҭаҿы лара аџьамыӷәа цәгьа дҭадыргылеит. Гәымбылџьбарала ддырҳәацәон, лхаҵа ажәлар дышраӷоу дақәшаҳаҭхарц, дчарҳәаҩуп, Сталин ишьразы аусқәа реиҿкаара даҿын ҳәа лдырҳәарц ддыргәаҟуан, аха лара акы дацәымшәакәа уи мап ацәылкуан.
Сариа Лакоба 35 шықәса роуп инылҵыз. Лара лыԥсҭазаара далҵит Қарҭ Орточалтәи абахҭаҿы дахьдыргәаҟуази насгьы илыхьыз ашыӡи ирыхҟьаны.
Аспектакль "Сариа" аԥхьарбара мҩаԥысраны иҟоу С.Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа драматә театр асценаҿы жәабран 24, 25 рзы.
© Sputnik / Томас Тхайцук

Нестор Лакоба иԥшәмаԥҳәыс илызку аспектакль "Сариа" апресс-рбара мҩаԥысит аԥсуа драматә театр асценаҟны.

Нестор Лакоба иԥшәмаԥҳәыс илызку аспектакль "Сариа" апресс-рбара мҩаԥысит аԥсуа драматә театр асценаҟны. - Sputnik Аҧсны
1/12

Нестор Лакоба иԥшәмаԥҳәыс илызку аспектакль "Сариа" апресс-рбара мҩаԥысит аԥсуа драматә театр асценаҟны.

© Томас Тхайцук

Аспектакль "Сариа" - Нестор Лакоба иԥшәмаԥҳәыс лҭоурых еиҭазҳәо раԥхьатәи қәыргыламҭоуп.

Аспектакль "Сариа" - Нестор Лакоба иԥшәмаԥҳәыс лҭоурых еиҭазҳәо раԥхьатәи қәыргыламҭоуп. - Sputnik Аҧсны
2/12

Аспектакль "Сариа" - Нестор Лакоба иԥшәмаԥҳәыс лҭоурых еиҭазҳәо раԥхьатәи қәыргыламҭоуп.

© Томас Тхайцук

Нестор Лакоба даныршь ашьҭахь, Сариа дҭаркуеит.

Нестор Лакоба даныршь ашьҭахь, Сариа дҭаркуеит. - Sputnik Аҧсны
3/12

Нестор Лакоба даныршь ашьҭахь, Сариа дҭаркуеит.

© Томас Тхайцук

Сариа лроль дыхәмаруеит С. А. Герасимов ихьӡ зху Урыстәылазегьтәи аҳәынҭқарратә акинематографиатә институт (ВГИК) арежиссиортә факультет аушьҭымҭа Амра Наҷҟьебиаԥҳа.

Сариа лроль дыхәмаруеит С. А. Герасимов ихьӡ зху Урыстәылазегьтәи аҳәынҭқарратә акинематографиатә институт (ВГИК) арежиссиортә факультет аушьҭымҭа Амра Наҷҟьебиаԥҳа. - Sputnik Аҧсны
4/12

Сариа лроль дыхәмаруеит С. А. Герасимов ихьӡ зху Урыстәылазегьтәи аҳәынҭқарратә акинематографиатә институт (ВГИК) арежиссиортә факультет аушьҭымҭа Амра Наҷҟьебиаԥҳа.

© Томас Тхайцук

Абахҭаҿы лара аџьамыӷәа цәгьа дҭадыргылеит.

Абахҭаҿы лара аџьамыӷәа цәгьа дҭадыргылеит. - Sputnik Аҧсны
5/12

Абахҭаҿы лара аџьамыӷәа цәгьа дҭадыргылеит.

© Томас Тхайцук

Гәымбылџьбарала ддырҳәацәон, лхаҵа ажәлар дышраӷоу дақәшаҳаҭхарц, дчарҳәаҩуп, Сталин ишьразы аусқәа реиҿкаара даҿын ҳәа лдырҳәарц ддыргәаҟуан.

Гәымбылџьбарала ддырҳәацәон, лхаҵа ажәлар дышраӷоу дақәшаҳаҭхарц, дчарҳәаҩуп, Сталин ишьразы аусқәа реиҿкаара даҿын ҳәа лдырҳәарц ддыргәаҟуан. - Sputnik Аҧсны
6/12

Гәымбылџьбарала ддырҳәацәон, лхаҵа ажәлар дышраӷоу дақәшаҳаҭхарц, дчарҳәаҩуп, Сталин ишьразы аусқәа реиҿкаара даҿын ҳәа лдырҳәарц ддыргәаҟуан.

© Томас Тхайцук

Актриса Хьыбла Мықәԥҳа арежиссиор лыгәҭакы ахәаԥшцәа ирзеиҭалҳәон, амҩа иқәылҵон, аҭоурыхтә фактқәа дырзааҭгылон.

Актриса Хьыбла Мықәԥҳа арежиссиор лыгәҭакы ахәаԥшцәа ирзеиҭалҳәон, амҩа иқәылҵон, аҭоурыхтә фактқәа дырзааҭгылон. - Sputnik Аҧсны
7/12

Актриса Хьыбла Мықәԥҳа арежиссиор лыгәҭакы ахәаԥшцәа ирзеиҭалҳәон, амҩа иқәылҵон, аҭоурыхтә фактқәа дырзааҭгылон.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Ақәыргыламҭа "Сариа" асценари лыҩит аҟабарда поетесса, адраматург Зарина Ҟаныҟәа.

Ақәыргыламҭа "Сариа" асценари лыҩит аҟабарда поетесса, адраматург Зарина Ҟаныҟәа. - Sputnik Аҧсны
8/12

Ақәыргыламҭа "Сариа" асценари лыҩит аҟабарда поетесса, адраматург Зарина Ҟаныҟәа.

© Томас Тхайцук

Апиеса лыҩит Сариа лҭаца, Адиле-Аббас-оӷлы лареи анеибадыр ашьҭахь

Апиеса лыҩит Сариа лҭаца, Адиле-Аббас-оӷлы лареи анеибадыр ашьҭахь - Sputnik Аҧсны
9/12

Апиеса лыҩит Сариа лҭаца, Адиле-Аббас-оӷлы лареи анеибадыр ашьҭахь

© Sputnik / Томас Тхайцук

Апиеса аԥсшәахь еиҭалгеит апоетесса Инна Ҳаџьымԥҳа

Апиеса аԥсшәахь еиҭалгеит апоетесса Инна Ҳаџьымԥҳа - Sputnik Аҧсны
10/12

Апиеса аԥсшәахь еиҭалгеит апоетесса Инна Ҳаџьымԥҳа

© Sputnik / Томас Тхайцук

Ақәыргыламҭа арежиссиор- Мадина Аргәынԥҳа.

Ақәыргыламҭа арежиссиор- Мадина Аргәынԥҳа. - Sputnik Аҧсны
11/12

Ақәыргыламҭа арежиссиор- Мадина Аргәынԥҳа.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Аспектакль "Сариа" аԥхьарбара мҩаԥысраны иҟоу С.Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа драматә театр асценаҿы жәабран 24, 25 рзы.

Аспектакль "Сариа" аԥхьарбара мҩаԥысраны иҟоу С.Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа драматә театр асценаҿы жәабран 24, 25 рзы. - Sputnik Аҧсны
12/12

Аспектакль "Сариа" аԥхьарбара мҩаԥысраны иҟоу С.Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа драматә театр асценаҿы жәабран 24, 25 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0