Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Гагра иԥсыҽны изаҳауа ахәыҷқәа рзы аԥқьаҭасраз аҽзыҟаҵарақәа мҩаԥгахоит

© Sputnik / Марианна КубраваТеннисный корт
Теннисный корт   - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.02.2022
Анапаҵаҩра
Акциа аиҿкааҩцәа рхахьы иргоит Гагра акортқәа аԥара рыхшәаареи иахәҭоу маҭәахәла реиқәыршәареи.
АҞӘА, жәабран 25 – Sputnik, Бадри Есиава. Идагәоу ма ибааԥсны изаҳауа ахәыҷқәа рзы аԥқьаҭасра амҩаԥгара азԥхьагәаҭоуп Гагра ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит злымҳа уашәшәыроу рзы аолимпиатә хәмаррақәа рчемпион Полина Смирнова лани, лазыҟаҵаҩ Анна Смирноваи.
"Асурдаолимпиатә еиҿкаара иамоуп ахатәы лозунг – "Аспорт ала аиҟарара". Ҳара ишҳалшо ала ҳҽазаҳшәоит иара арҿиаразы. Ҳара аспорт анаҩсгьы агәыҳалалара ҳнапы алакуп, еиуеиԥшым акциақәа мҩаԥаагоит. Аԥсны ҳаҟанаҵ Полинеи сареи иҳаӡбеит ареспубликаҿ абри аҩыза ауадаҩрақәа змоу ахәыҷқәа ԥшааны аԥқьаҭасра иалаҳархәырц" , - ҳәа лҳәеит Смирнова.
Анна Смирнова агәра лгоит гагратәи акортқәа апроект анагӡаразы еиҳа иманшәалоуп ҳәа. Азыҟаҵарақәа хәыда-ԥсадахоит. Аннеи Полинеи апроект анагӡара иазыхиоуп ахәыҷқәа аӡәы идамзаргьы днеир.
© Foto / предоставлено Анной СмирновойМама и тренер чемпионки сурдлимпийских игр Полины Смирновой Анна Смирнова
Мама и тренер чемпионки сурдлимпийских игр Полины Смирновой Анна Смирнова - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.02.2022
Азыҟаҵаҩ лажәақәа рыла, апроект ахықәкы хада арҭ рҩызцәа ахәыҷқәа аспорт аҿы рҭыԥ ԥшааны аҳәаанырцәтәи аицлабрақәагьы ирылахәхо рыҟаҵара ауп.
Смирнова илҳәеит, Аолимпиатәии апараолимпиатәии хәмаррақәа рҟны ԥшьышықәса рахь знык асурдаолимпиатә еицлабрақәа шымҩаԥырго. Лыԥҳа Полина –асурдаолимпиатә чемпионкоуп. 2017 шықәсазы актәии аҩбатәии аҭыԥқәа лгеит.
Шықәсыки бжаки раԥхьа Аннеи Полинеи Аԥсныҟа ииасит. Ара рҽазыҟарҵоит лаҵарамзазы Бразилиа имҩаԥысраны иҟоу асурдаолимпиатә хәмаррақәа. Аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргоит Гагратәи акортқәа рҿы.
Турнир Российского теннисного тура Золотая Осень. - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.10.2021
Урыстәылатәи аԥкьаҭасратә турнир "Ҭагалан хьыԥшшәыла" Гагра имҩаԥысит
"Иахәҭаны иҟоу аматәахәқәа ҳамоуп. Акортқәа аԥара рыхшәаара ҳхахьы иаагоит. Аӡәыр иҭаххозар, гәыкала иҳарҵоит, иҳарбоит", - лҳәеит лара.
Смирнова агәра лгоит аԥснытәи аҿар аспорт аҿы алшарақәа шрымоу. Ҿырԥштәны дрылацәажәеит Ален Аҩӡбеи Амина Аншԥҳаи.
Лара илҳәеит, раԥхьатәи ашьаҿақәа ҟазҵо аԥқьаҭасҩык ацхыраара шлырҭахьоу. Илҳәеит злымҳа имаҷны иаҳауа ахәыҷқәа разыҟаҵара адагьы дшазыхиоу урҭ анаҩс Урыстәыла аҩнуҵҟа аицлабрақәа рылархәра.
Ажәабжьқәа зегьы
0