Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда, ДЖәРи ЛЖәРи иҟарҵаз аҳәарала. Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаиҵеит.

ЕАА урыстәылатәи аилахәырақәа 13 аус рыцура мап ацәыркит

© Sputnik / Владимир Федоренко / Амедиаҵәахырҭахь аиасраБелый Дом в Вашингтоне
Белый Дом в Вашингтоне - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.02.2022
Анапаҵаҩра
Урыстәылатәи аҳәынҭқарратә еилахәыра дуқәа руалтә хыдҵақәа рыҵаркуеит Америка иҟанаҵаз асанкциа ҿыцқәа.
АҞӘА, жәабран 24 - Sputnik. ЕАА урыстәылатәи аҳәынҭқарратә еилахәыра дуқәеи абанкқәеи рганахь ала аԥараԥсахраз аԥкрақәа аланагалоит.
Уаанӡа ари аҩыза аԥкрақәа алагалан аҳәынҭоблигациақәа рганахь ала, уажәы - "Газпром", "Газпромнефть", "Транснефть", "Ростелеком", "Русгидро", "Алрос", "Совкомфлот", УАМ, Аҵәахбанк, Газпромбанк, Россельхозбанк, Альфа-банк, Москватәи акредитҭаратә банк рганахь ала.
"Арҭ аилахәыра дуқәа 13 урыстәыла аекономиказы аҵак ду рымоуп. Уажәы урҭ рылшарақәа иаалырҟьаны иԥкхоит ЕАА аџьармыкьа ала аԥаралагаларазы", - ҳәа аҳәоит апресс-релиз.
Афинансқәа рминистрра агәаанагарала арҭ аԥкрақәа Кремль ааха арҭоит иахәҭам ахымҩаԥгашьаз, Украина алаларагьы абрахь иналаҵаны.
ЕАА асанкциа ҿыцқәа урыстәылатәи аҳәынҭқарратә еилахәыра дуқәа руалтә хыдҵақәа рыҵаркуеит иҳәеит Џьо Баиден.
Президент РФ В. Путин провел совещание о ситуации в угольной отрасли Кузбасса - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.02.2022
Путин арратә аоперациа ада ԥсыхәа ыҟамызт ҳәа ахиҳәааит
Асанкциақәа алагалоуп Аҵәахбанк, ВТБ, абанк "Открытие", Новикомбанк, Совкомбанк рганахь ала.
ЕАА афинансқәа рминистрра америкатәи афинанстә институтқәа адырра рырҭеит 30 мшы рыҩнуҵҟа Аҵәахбанк акорреспонденттә ԥхьаӡарақәа адыркырц.
Иара убасгьы, аиҭасанкциақәа алагалоуп Патрушев, Сечин, Иванов рганахь алеи Ведиахин, Пучков, Соловев рганахь алеи.
Аекспорттә хылаԥшра рыҭалахоит атәылахьчаратә, аерокосмостә, амшынтә усхкқәа.
Ажәабжьқәа зегьы
0