Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Аҩӡба Гәдоуҭа араион ақыҭақәа рҿы алаҵаҟаҵара иазкны

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Аҩӡба Гәдоуҭа араион ақыҭақәа рҿы алаҵаҟаҵара иазкны
Анапаҵаҩра
Гәдоуҭа араион аҿы алаҵаҟаҵаразы аҭагылазаашьа шхьысҳау атәы рҳәеит араион аилатәараҿы. Арадио Sputnik аефир аҿы араион ахада ихаҭыԥуаҩ Валери Аҩӡба еиҭеиҳәеит избан ақыҭақәа рҿы ауаа мап зацәыркуа, насгьы аҭагылазаашьа аԥсахразы иарбан усқәоу ирыдыркылаз.
"Ақыҭа ахадацәа зегьы адырра рымоуп, хә-ҩык иадымхаргьы алаҵаҟаҵаразы агәаҳәара рымазар, ақалақь ахь раагара аҭахым, қыҭацыԥхьаӡа амашьына аҳақьым дацны ашьҭра ҳақәшаҳаҭуп. Мчыла, бџьарла рнагара азин ҳамам, аха ианычмазҩхалак ацхыраара ҳашәҭ ҳәа аҳәара ҟарҵоит. Лыхны ақыҭамацара аҟынтә 800-ҩык чмазаҩхахьеит, 46-ҩык заҵәык роуп алаҵа ҟазҵахьоу. Ҳара анапхгаҩцәа ҳхала ҳалагап ҳҳәеит, уаҳа ҳаздыруам ауаа алаҵаҟаҵара ишадаҳаԥхьалаша", - ҳәа еиҭеиҳәеит Аҩӡба.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0