Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

29 шықәса хабарда: Асҭамыр Ажьиба иеибашьратә мҩа

© Foto / из архива семьи Ажьиба Асҭамыр Ажьиба
Асҭамыр Ажьиба - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.03.2022
Анапаҵаҩра
Хәажәкыра 2, 1993 шықәсазы хабарда дыбжьаӡит Очамчыра араион, Лашькьындар (Цхьынҵҟар) ақыҭан ииз, Аӡыҩбжьатәи агәыԥ "Маиҟәаԥ" иалаз 22 шықәса зхыҵуаз аибашьҩы Асҭамыр Виачеслав-иԥа Ажьиба. Арԥыс иҭоурыхи лашькьындараа рыԥсадгьыл ишазықәԥози атәы Саида Жьиԥҳа ланҵамҭаҿы.
1990 шықәсқәа ралагамҭазы, Лашькьындар (Цхьынҵҟар) ақыҭан зықьҩык рҟынӡа ауаа ашәҟәы иҭагалан, дара реиҳараҩыкгьы аԥсуаа ракәын. Араҟа инхоз ажәлақәа иреиуан Қорсаиа, Бжьаниа, Басариа, Ашба, Ажьиба, Барганџьиа, Гьергаиа, Мерцхәлаа, Какалиа, Соф-оӷлы, Папасқьыр, Ашьхаруа, Шьакаиа, Горзолиа, Рацба, Габелиа, Гадлиа, Ҵәыџьба, Кәакәасқьыр, Бебиа, Агрба, Шармаҭ уҳәа.
Аԥсны Аџьынџьтәылатәи аибашьра ианалага, лашькьындараа аӡәк еиԥш рыԥсадгьыл ахьчара иазгылеит. Урҭ рыгәҭа дыҟан 22 шықәса зхыҵуаз Асҭамыр Виачеслав-иԥа Ажьибагьы. Асҭамыр Ажьиба абжьаратә школ далганы, Калининград амшынтә флот аҟны аррамаҵура дахысны, "Арра-мшынтә флот аҿы зус бзиаӡаны иназыгӡаз" ҳәа адырга иоуны даахьан. Аамҭак Кындыӷтәи ачаифабрикаҿы аус аниу ашьҭахь, Аҟәа Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистррахь дрыдыркылоит. Асержант ичын ихырҵоит.
© Foto / из архива семьи Ажьиба Асҭамыр Ажьиба иашьцәеи иареи
Асҭамыр Ажьиба иашьцәеи иареи - Sputnik Аҧсны
1/4
Асҭамыр Ажьиба иашьцәеи иареи
© Foto / из архива семьи Ажьиба Асҭамыр Ажьиба иашьцәеи иареи
Асҭамыр Ажьиба иашьцәеи иареи  - Sputnik Аҧсны
2/4
Асҭамыр Ажьиба иашьцәеи иареи
© Foto / из архива семьи Ажьиба Асҭамыр Ажьиба аррамаҵура данахысуаз
Асҭамыр Ажьиба аррамаҵура данахысуаз - Sputnik Аҧсны
3/4
Асҭамыр Ажьиба аррамаҵура данахысуаз
© Foto / из архива семьи Ажьиба

Асҭамыр Ажьиба ишәҟәқәа

Асҭамыр Ажьиба ишәҟәқәа - Sputnik Аҧсны
4/4

Асҭамыр Ажьиба ишәҟәқәа

1/4
Асҭамыр Ажьиба иашьцәеи иареи
2/4
Асҭамыр Ажьиба иашьцәеи иареи
3/4
Асҭамыр Ажьиба аррамаҵура данахысуаз
4/4

Асҭамыр Ажьиба ишәҟәқәа

Асҭамыр Волгоград амилициатә Академиа аҭалара иҽазыҟаиҵоны еиԥш, Аԥсны аӷа дақәлоит.
"Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ианалага, Асҭамыр дахәҭакхоит Дада Муцба командаҟаҵаҩс дызмаз Аӡыҩбжьатәи агәыԥ "Маиҟәаԥ". Уи дацны иара далахәын Кәачара, Аҭара, Лабра ақыҭақәа рҭарцәразы имҩаԥгаз ажәыларақәа, убас Ажьырныҳәатәи (Ианвартәи) ажәылара. Аоперациақәа руак аан, ампыҵахалаҩцәа иреиуаз абџьар шимаз итҟәара илшазаап. Уи атәы нас иҩызцәа иаҳзеиҭарҳәеит", - игәалашәоит аибашьҩы иашьа Ҭемыр Ажьиба.
© Foto / из архива семьи АжьибаАсҭамыр иашьа ́Ҭимыр Ажьиба
Асҭамыр иашьа ́Ҭимыр Ажьиба - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.03.2022
Асҭамыр иашьа ́Ҭимыр Ажьиба
Лабра ақыҭа аԥсуа еибашьцәа рнапахьы ианаарга, хара имгакәа аӷацәа ҩаԥхьа иқәылеит, анаҩс ҳаруаа шьҭахьҟа ихьаҵыр акәхеит. Хәажәкыра 2, 1992 шықәсазы Кәачареи Лабреи ақыҭақәа рҳәааҟны Асҭамыр ԥшыхәра дышцоз атҟәара дақәшәеит. Ҩымш рышьҭахь Очамчыра амилициа ахыбраҟны арԥыс дыргәаҟуа иҿахәы шиҿырхуаз, уаҟа егьи акамераҟны иҭакыз Жора Қәычбериа иаҳаит. Абырг ианизымчҳа, "дазусҭада ишәыргәаҟуа" ҳәа дҵааит. Игәыла ҷкәын шиакәыз анеиликаа, "ицынхәрас сара сышәшьы" ҳәа раиҳәазаап. Аха излеилкаахаз ала, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра алагамҭаз, атәыла Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрс иҟаз Гиви Ламинаӡе данамырхуаз, урҭ акциақәа ирылахәыз Асҭамыр Ажьиба изышәарацоижьҭеи акрааҵуазаарын. Иԥсы шҭаз итҟәарагьы убри акәын ҵаҵӷәыс иамаз.
"Асҭамыр иӡбахә ала аҵыхәтәантәи ажәабжь Жора Қәычбериа иҟынтә ауп ишаҳдыруа. Уи ашьҭахь дҭадырхазар акәхап, аха анышә дахьамадоу иахьа уажәраанӡа еилкаам", - иҳәоит аиашьа.
Асҭамыр иаб Виачеслави иан Нелли Карчааԥҳаи фҩык ахшара рааӡеит, хәҩык аԥацәеи аԥҳаи. Аԥсадгьыл ашәарҭара ианҭагыла, ахшара иреиҳабыз Асҭамыр инаҩс аӷа иҿагылеит иеиҵбацәагьы, 20 шықәса зхыҵуаз Адгәыри, 18 ирықәыз Ҭемыри, 14 шықәса ирҭагылаз Аслани. Аб иакәзар, атыл дацхраауан, ахәцәа амцашыра иалигон.
© Foto / из архива семьи Ажьиба

Асҭамыр иан Нелли Карчааԥҳаи

Асҭамыр иан Нелли Карчааԥҳаи - Sputnik Аҧсны
1/2

Асҭамыр иан Нелли Карчааԥҳаи

© Foto / из архива семьи Ажьиба

Асҭамыр иаб Виачеслав Ажьиба

Асҭамыр иаб Виачеслав Ажьиба - Sputnik Аҧсны
2/2

Асҭамыр иаб Виачеслав Ажьиба

1/2

Асҭамыр иан Нелли Карчааԥҳаи

2/2

Асҭамыр иаб Виачеслав Ажьиба

"Цхьынҵҟар ҳабду иашьа Шьоҭа Ажьиба иашҭа ақырҭцәа атанк ала иҭалеит. Абырги, саби, сашьа Аслани, ҳгәыла хаҵа Пата Қорсаиеи ашкол ахыбрахь инаганы рҿахәы рҿырхуа иалагеит. Убасҟан Аслан даарылганы, аӷацәа ртанк дақәыртәаны ақырҭуа журналист Нонна Гангаӡе акамерала дҭылхит. Ашьҭахь Қырҭтәылатәи ажәабжьқәа рҿы, "аԥсуаа рхәыҷқәа ҳрылакьысӡом" ҳәа арепортаж ҟалҵеит. Анцәа имчала, еицқәаз рыԥсы ҭаны иоурыжьит. Уи ашьҭахь ауп 14 шықәса зхыҵуаз Аслан ҳаб дицны аруаа ахьтәаз дҭыҵуа даналага. Аиҳабацәа абџьар ахархәашьа анырҿиҵаа, уаҳа аҩны даанымгылаӡеит", - еиҭеиҳәоит Ҭемыр.
© Foto / из архива семьи Ажьиба Асҭамыр Ажьиба
Асҭамыр Ажьиба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.03.2022
Асҭамыр Ажьиба
Ҭемыр Ажьиба ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа иргәаҟны иршьыз иқыҭауаа рыӡбахә ҳәо дигәалашәеит Аԥҭа Ашба. Ахаҵа игәылацәа хәыҷқәа Аслан Ажьибеи Денис Барганџьиеи дрыцны дышнеиуаз, аӷацәа аарыхҭыгәлеит, аҷкәынцәа "уаала" ҳәа ишиҳәозгьы, имуӡакәа раԥхьа даагылеит. "Ари адгьыл зтәыда" ҳәа иқәымчуа ианалага, "ҳара иаҳтәуп, аиааирагьы ҳгоит" ҳәа раҭеикит. Зыԥсы ԥижәаз ақырҭцәа, агыгшәыгқәа иаарҩызахан, ихы инаркны ишьапаҟнынӡа ахымца дадыргеит. Аԥҭа иԥацәа Геннадии, Сергеи, Романи, Едики ракәзаргьы, рыԥсадгьыл азы рхы иамеигӡакәа еибашьуан. Геннади дҭахоит, "Аԥсны Афырхаҵа" ҳәа ахьӡгьы ихҵахоит.
Ҭемыр Ажьиба - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.03.2017
Аибашьра иаӡрыжәаз ақәыԥшра
"Ҳгәыла ҷкәын Ҭемраз Гадлиа хабарда дыбжьаӡит, акзаҵәык иаҳдыруа, атанк дацраҳәаны дшыргоз ауп. Даур Горзолиеи сашьа Адгәыри еибааӡахьан. Аибашьраан рыҩџьагьы аҭабиа ишҭатәаз, Адгәыр фатәык ааигоит ҳәа данца, Даур ахы иқәшәаны дҭахоит. 14 шықәса зхыҵуаз Руслан Ес-оӷлыи Оҭар Мерцхәлааи тҟәаны, аҵәҵәыра (кислота) рықәҭәаны ирбылуеит. Апатриот ду Шьақра Гьергаиа дыргәаҟны дыршьит. Иара бааԥсыла игәаӷ рыман. Аибашьра аԥхьаҟа, Очамчыра ақалақь иахагылаз ақырҭуа бираҟ ахыхны "абри ауп шәара шәтәыҵәҟьа" ҳәа раҳәаны, аҽага хишьхьан. Цхьынҵҟараа аӷацәа аџьамыӷәа ишҭадыргылозгьы, ргәы меиҭаскәа аҵыхәтәанынӡа рџьынџь рыхьчон", - иқыҭауаа рыӡбахә дазааҭгылоит аибашьра аветеран Ҭемыр Ажьиба.
Аишьцәа Ажьиаа рахьтә Адамыр захьӡыз аибашьра аамҭазы Камчатка ар анапаҵаҟа иҟаз амшынныҟәаратә ҵараиурҭа дҭан. Мызла аӡы ихын азы иҵара ныжьны Аԥсныҟа даартә еиԥш изыҟамлеит. Лашькьындар, Ажьиаа рыҩны аԥсуа нхамҩақәа акыр реиԥш аӷацәа иқәцышәаа иргеит. Аԥсны ахы ианақәиҭха, дара Гәдоуҭа араион, Хыԥсҭа ақыҭахь нхара иааит, рыиашьара рыцхыраарала араҟа рынхара еиҿыркааит. Аамҭа хьанҭақәа ирхырҟьаны, Адгәыри Аслани рашьа Адамыр иахь Камчаткаҟа ицеит. Ҭемыр дынхоит Дранда, раҳәшьазаҵә Гәында Аҟәа дыҟоуп. Аҭаацәара ду раб Виачеслав уамак ҵуам идунеи иԥсахижьҭеи, ан лхала аҩнду дазынхеит.
© Foto / из архива семьи АжьибаНелли Карчаап,ҳаи лып,ҳа Гәында Ажьип,ҳаи
Нелли Карчаап,ҳаи лып,ҳа Гәында Ажьип,ҳаи - Sputnik Аҧсны
1/4
Нелли Карчаап,ҳаи лып,ҳа Гәында Ажьип,ҳаи
© Foto / из архива семьи Ажьиба Аслан Ажьиба
Аслан Ажьиба - Sputnik Аҧсны
2/4
Аслан Ажьиба
© Foto / из архива семьи Ажьиба Адгәыр Ажьиба
Адгәыр Ажьиба - Sputnik Аҧсны
3/4
Адгәыр Ажьиба
© Foto / из архива семьи Ажьиба Адамыр Ажьиба
Адамыр Ажьиба - Sputnik Аҧсны
4/4
Адамыр Ажьиба
1/4
Нелли Карчаап,ҳаи лып,ҳа Гәында Ажьип,ҳаи
2/4
Аслан Ажьиба
3/4
Адгәыр Ажьиба
4/4
Адамыр Ажьиба
Излеилкаахаз ала, Камчатка иҟоу аишьцәа ԥшьала Аԥсны рҽадыркыларц ргәиҭоуп. Лассы-лассы агәхьаагара иамҽханакуа ан Нелли Карчааԥҳа лыхшара есыҽны дрымадоуп, лгәы рыладууп 16-ҩык лмаҭацәа. Зажәра шкәакәоу ан, зегь акоуп иҿымцәаауа хьааны лгәаҵа иҭоуп лԥеиҳабы Асҭамыр илахьынҵа. Еиқәырханы илымоу арԥыс ифотосахьақәеи ишколтә тетради даныргәылаԥшуа, лҿаԥхьа иаагылоит исахьаҭыхыҩхарц зҭахыз амилициа маҭәа зшәу Асҭамыр ихаҿсахьа. Уи илакҭа ԥшӡа наӡаӡа ҭаацәаратә ныхачаԥаны иаанхоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0