Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Шьалашьаа Аԥсны 2022-тәи абиуџьет иазкны

Хра злоу ахҭысқәа: Шьалашьаа Аԥсны 2022-тәи абиуџьет иазкны
Анапаҵаҩра
Сынтәатәи аҳәынҭқарратә биуџьет хәшьарас иаиҭо атәы иҳәеит арадио Sputnik аефир аҟны Аԥсны аекономикеи азини ринститут аиҳабы, аекономикатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Заур Шьалашьаа.
Аԥсны Апарламент 2022 шықәсазтәи ареспубликатә биуџьет шьақәнарӷәӷәеит аҵыхәтәантәи аԥхьараҿы жәабран 17 рзы имҩаԥысыз аилатәараан.
Ареспубликатә биуџьет алагалақәа рзеиԥш шәагаа шьақәырӷәӷәан 9 миллиардки 430 миллиони 558 нызқь мааҭи ҳәа, убри ахыԥхьаӡараҿы Урыстәылантәи иааз афинанстә цхыраара: Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара иазоурыжьыз 4 миллиардки 376 миллиони 513 нызқь мааҭ.
Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара ацхрааразы Аинвестициатә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны абиуџьеттә инвестициақәа рынагӡаразы 1 миллиардки 350 миллион мааҭи.
"Абиуџьет азҵаара апарламент аҟны аимак-аиҿак рацәа ахылҵит, избанзар аԥхьа ианрыдыргала иагызҳәа ирыԥхьаӡаз рацәан. Ашьҭахь аԥсахрақәа алагаланы ирыдыркылеит, уи ҳекономика иахәо аусқәа роуп. Афымца ашьақәыргыларазы иарбамыз аныхтәқәа ацырҵеит, ақыҭанхамҩа маҷк иахьахылаԥшыз ыҟоуп. Аҩныҵаҟа ҳбиуџьет иаларгало азхом, убри аҟынтәи Урыстәылантәи иаауа ацхыраарагьы иахәаԥшуеит, уи 60 процент рҟынӡа артәоит. 2022 шықәсазтәи абиуџьет ҳадаҳкылеит, аха уажәы ҳакәша-мыкәша имҩаԥысуа ахҭысқәа, Урыстәыла иахнаго аамҭа цәгьа уахәаԥшны, ишыҟало атәы аҳәара уадаҩуп, аиаша ҳҳәап иаахтны. Ус шакәугьы абиуџьет ҩныҵҟала аиқәыршәара атәы уахәаԥшуазар, аныхтәқәа ахьцо ҳәа, ачинуааи ахәынҭқарра амахәҭақәа рҟны аус зуа рныҟәгарала, аҭҵаарақәа инарықәыршәаны, актәи аҭыԥ аҿы ҳгылоуп егьырҭ аҳәынҭқаррақәа ирҿырԥшны", - иҳәеит Шьалашьаа.
Иара иазгәеиҭеит ас еиԥш арбагақәа рыла аекономика ашьҭыхра шзалымшо.
Аицәажәара иаҳа инарҭбааны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.
Ажәабжьқәа зегьы
0