Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Гәдоуҭа араион аиҳарак лашарада иаанхеит

© Sputnik / Томас ТхайцукЭлектропровода
Электропровода  - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.03.2022
Анапаҵаҩра
АҞӘА, хәажәкыра 6 - Sputnik. Гәдоуҭа араион ахәҭаак фымцалашарада иаанхеит аҳауатә цәаҳәа "Калдахәара" аҿы иҟалаз аԥхасҭа иахҟьаны, абри атәы аанацҳауеит "Амшынеиқәафымцамч".
Фымцалашарада иҟоуп астанциа маҷқәа "Мысра", "Мысра-а́хага", "Гәдоуҭа-110", "Гәдоуҭа-а́хага", ҳәа азгәаҭоуп адырраҭараҿы.
Аԥсны афымцамч аусхк аҟны иҟоу апроблемақәа рыхҟьоит ақәыӷәӷәара дуқәеи аинфраструктура ахьажәуи. Убри иахҟьаны атәылаҿы иҟалом акриптовалиута арҳаразы аусура. Џьуартәи аӡеизакырҭаҿы аӡы ахьмаҷхаз инамаданы Аԥсны мраҭашәаратәи ахәҭаҿы аԥкрақәа алагалоуп - уахыки-ҽнаки рыла ҩба-ҩаб сааҭ алашара дырцәоит.
Ԥхынҷкәын 21 2021 шықәса инаркны Аԥсны Урыстәылантәи афымца аиуа иалагеит, уи мраҭашәаратәи ахәҭа алашара азынанашьҭуеит, мрагыларатәи ахәҭа - Аӡхыџџатә ГЕС-1 аҟынтәи алашара аиуеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0