Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда, ДЖәРи ЛЖәРи иҟарҵаз аҳәарала. Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаиҵеит.

Мариуполи Волновахеи ҩаԥхьа агуманитартә коридорқәа аадыртуеит

© Sputnik / Иван Родионов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСитуация в Волновахе
Ситуация в Волновахе - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.03.2022
Анапаҵаҩра
Агуманитартә коридорқәеи излалҵуа амаршрутқәеи украинатәи агани урыстәылатәи агани еиқәышаҳаҭны иазгәарҭахьан.
АҞӘА, хәажәкыра 6 - Sputnik. Волновахеи Мариуполи с аҳәамҭа ҟаиҵеит ДЖәР Жәлар рмилициа ахантәаҩы Едуард Басурин ателеканал "Россия 24" аефир аҿы.
"Ашьыжь агуманитартә коридорқәа хәба аадыртуеит Мариуполи Волновахеи. Агәыӷра ҳамоуп украинатә адҵаҟаҵаҩцәа ауааԥсыра реиланхарҭақәа ирылҵыр рылшарц азы амҩақәа аадыртып ҳәа", - иҳәеит Басурин.
Урыстәыла асабша асааҭ 10:00 инаркны аҭынчра арежим шаланагало азы аҳәамҭа ҟанаҵеит, аҭынч уааԥсыра Мариуполи Волновахеи ралҵра алыршаразы. Уи ашьҭахь ДЖәР аҿы ахәамҭа ҟарҵеит Волноваха ауаа ралгара украинатәи амилаҭеилыхыҩцәа шаԥырхагоу, Мариуполь агуманитартә коридор аартра мап шацәыркыз. Мариуполь анапхгара ракәзар, аҭынч уааԥсыра ралгара аус ахыргеит.
Урыстәылатәи ар ажәыларақәа ҩаԥхьа ирылагеит асааҭ 18:00 инаркны украинатәи аган амилаҭеилыхыҩцәа аанкыланы аҭынчра арежим ақәныҟәареи ма уи ацҵареи ахьрылымшаз азы. Аӡәымзарак аӡәгьы агуманитартә коридор ала далымҵит. Аҳәамҭа ҟарҵахьан Мариуполь 200 нызқьҩык алҵуеит ҳәа, Волноваха - 15 нызқьҩык.
Ситуация в Волновахе - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.03.2022
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Амилаҭеилыхыҩцәа Мариуполь аҭынч уааԥсыра ралҵра иаԥырхагоуп ҳәа аҳәамҭа ҟарҵеит ДЖәР аҿы
Ажәабжьқәа зегьы
0