Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда, ДЖәРи ЛЖәРи иҟарҵаз аҳәарала. Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаиҵеит.

Аԥарахсаалагақәа Visa, Mastercard Урыстәыла рыҿҳәара нҵәаанӡа аус рулоит

© Sputnik / Алексей Филиппов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраБанковские карты международных платежных систем VISA и MasterCard.
Банковские карты международных платежных систем VISA и MasterCard. - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.03.2022
Анапаҵаҩра
Амҽыша жәларбжьаратәи асистемақәа Visa, Mastercard аҳәамҭа ҟарҵеит Урыстәыла роперациақәа шааныркыло азы.
АҞӘА, хәажәкыра 7 - Sputnik. Адунеижәларбжьаратәи аԥарахсаалагақәа Visa, Mastercard Урыстәыла рыҿҳәара нҵәаанӡа аус рулоит, анаҩс абанк ахаҭа иҭнажьуеит ахсаалага "Мир", ҳәа аанацҳауеит РИА Новости Амилаҭтә ԥарашәаратә система (НСПК) апресс-маҵзура адыррақәа шьаҭас иҟаҵаны.

"Адунеижәларбжьаратәи аԥарахсаалагақәа Visa, Mastercard урыстәылатәи абанкқәа рыклиентцәа рнапаҿы ирымоу, Урыстәыла аҵакыраҿы аус рулоит. Аклиент хаҭала абанк ахь инеира аҭахӡам арҭ ахсаалагақәа аҽа ԥарашәаратә системак ахь риагаразы", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Аҳәаанырцәтәи аԥарашәаратә системақәа урыстәылатәи ахсаалагақәа рыла афинанстә операциақәа уаанӡеиԥш имҩаԥыргалоит.
Убри аан аҳәаанырцә интернет-дәқьанқәа рҿы урыстәылаа ахәаахәҭра рылшаӡом.
Аҳәаанырцә ицо Урыстәыла Абанк ирабжьнагоит анапынҵа валиута амазаара, иахьрыдыркыло атәылақәа зегьы рҿы ахсаалага "Мир".
Ахсаалага "Мир" апластик аҿтәи аверсиеиԥш ацифратә версиагьы ыҟоуп. NFC шәарақәа рзы аԥарашәаратә маҵзура Mir Pay аус аулоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0