Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҳашыг Аԥснытәи акоманда Урыстәыла Ачемпионат алахәхаразы: макьана ифантазиоуп

Ҳашыг Аԥснытәи акоманда Урыстәыла Ачемпионат алахәхаразы: макьана ифантазиоуп
Анапаҵаҩра
Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Дума адепутат Роман Териушков аҳәамҭа ҟаиҵеит Аԥснытәи акомандақәа Урыстәыла Ачемпионат аҿы ихәмарларцаз алшара шибо атәы. Ажурналист Инал Ҳашыг ари аҳәамҭа ахҳәаа аиҭеит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.
Адунеи аҿы иахьа ахааназ иҟамлац ҟало иалагеит, аха аурыс чемпионат ҳара ҳхы алархәра азҵаара макьана ауадаҩрақәа ацуп ҳәа азгәеиҭеит Ҳашыг аиҿцәажәараан.
"Уи макьана фантазиак аҳасабала исыԥхьаӡоит. Аурыс клубқәеи еизгоу акомандақәеи FIFA, UEFA иалырцеит, аха уи аамҭалоуп. Асезон анынҵәо ашьҭахь иҟало макьана аӡәгьы издырӡом. Даҽа сезонк иаларымҵаргьы, аурыс чемпионат аҿы аԥсуа, белоруссиатәи, уаԥстәылатәи акомандақәа ралалара аҭагылазаашьа макьана избом, избанзар егьырҭ ашьапылампылтә командақәа, иаҳҳәап, азиатәи, Урыстәыла Ачемпионат иалахәхар, анаҩс Адунеитә Чемпионат ахь инармышьҭыр алшоит", - ҳәа иҳәеит Ҳашыг.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0