Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥснытәи амҩақәа рҿы амашәырқәа реиҳарак зыхҟьо атәы рҳәеит

© Sputnik / Томас ТхайцукОсень в Абхазии
Осень в Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.03.2022
Анапаҵаҩра
2021 шықәсазы Аԥсны апрокуратура аусбарҭақәа русура аихшьаалара иазкыз аколлегиа аилатәара мҩаԥысит. Аилатәараҿы ареспублика амҩатә машәырқәагьы ирылацәажәан.
АҞӘА, хәажәкыра 10 - Sputnik. Амҩа-транспорттә хҭысқәа зыхҟьо амашьына аԥсҟы арыжәтә чьбара ыжәны аныҟәцара, амашьына арццакра, амҩатә ԥҟарақәа реилагара ҳәа иҳәеит аколлегиа аилатәараҿы апрокурор хада ихаҭыԥуаҩ Дамир Кәыҵниа. Абри атәы аанацҳауеит "Аԥсныпресс" амаҵзура.

"Амҩатә машәырқәа еиҳарак изыхҟьо атранспорттә хархәагақәа арыжәтә џьбара ыжәны рныҟәцара, амашьына арццакра, амҩатә ԥҟарақәа реилагара ауп", - ҳәа Кәыҵниа иажәақәа аанагоит "Аԥсныпресс".

Иара иажәақәа рыла, 2021 шықәсазы Аԥсны 182 амҩа-транспорттә машәыр ҟалеит, иҭахеит 42-а. 2021 шықәсазы 65 хҭыс рганахьала ашьаусқәа хацыркуп.
Координационное совещание правоохранительных органов - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.12.2021
Аԥсны
Аҳәынҭавтоинспекциа аиҳабы амҩатә машәырқәа рҭагылазаашьа далацәажәеит
2020 шықәсазы 198 мҩатә машәыр ҟалеит, иҭахеит 57-ҩык. Абас ала, амҩатә машәырқәа 16 рыла еиҵахеит 2021 шықәсазы, иҭахазгьы 15-ҩык рыла еиҵан.

Амҩатә машәырқәеи урҭ раан иҭахази рхыԥхьаӡара шеиҵахазгьы, аҭагылазаашьа уадаҩуп.

Апрокурор хада ихаҭыԥуаҩ иазгәеиҭеит амашьына арныҟәцаҩцәа рҟазара шышьҭыхлатәу, атранспорттә хархәагақәа ртехникатә ҭагылазаашьа иахылаԥшлатәуп, амҩақәа ирхылаԥшлатәуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0