Выборы в Народное Собрание Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920
Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа-2022
Жәлар Реизарахь алхрақәа мҩаԥгахоит хәажәкыра 12 2022 шықәсазы. Апарламентахь иалххоит 35-ҩык адепутатцәа. АКХ аҟны ашәҟәы иҭарыҩхьеит 123-ҩык акандидатцәа, урҭ рахьынтә 107-ҩык хацәоуп, 16-ҩык аҳәса.

Аус рацәа ҟаҵоуп: анаԥшҩы Красов Аԥсны имҩаԥысуа алхрақәа ахәшьара риҭеит

© Sputnik / Леон Адлейба Андрей Красов
Андрей Красов - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.03.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент VII ааԥхьарахь алхрақәа мҩаԥысуеит хәажәкыра 12 рзы. Алхрақәа рымҩаԥысшьа иацклаԥшуеит: Урыстәыла, Приднестровие, Лугансктәи Жәлар Рреспублика, Аахыҵ Уаԥстәыла рҟынтәи анаԥшыҩцәа.
АҞӘА, хәажәкыра 12 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аԥсны анапхгара рымчала аус рацәа ҟаҵоуп алхрақәа разырхиаразы ҳәа иҳәеит Белоруссиеи Урыстәылеи Реидгыла Апарламенттә еизара ахаҭарнак, анаԥшҩы Андреи Красов, Sputnik аинтервиу аҭо.
Иара иҳәеит иацы Аԥсны ахадеи, Апарламенти АКХи рхадацәеи дшырԥылаз.

"Гәахарыла иазгәаҳҭоит Аԥсны ахада, Апарламент ахадара, Алхратә комиссиа Хада аусура ду шымҩаԥыргаз. Аус рацәаны иууп, ажәлар ргәы зкыз, иреиӷьу даиааиуеит", - иҳәеит Красов.

Красов иажәақәа рыла, аҳәаанырцәтәи анаԥшыҩцәа ирыгәҭакуп Аҟәеи Гәылрыԥшьи араионқәа рҭаара.
"Афон ҿыц алхырҭатә ҭыԥқәа рахь анеира ҳҭахын, аха аԥсуа парламент аҟынтәи ҳколлегацәа Ешыра асы ахьлеиуа иахҟьаны уахь ҳныҟәарақәа ирҟәаҵит", - иҳәеит иара.
Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа мҩаԥысуеит хәажәкыра 12 рзы 35 алхратә ҭыԥқәа рҿы. Алхратә ҭыԥқәа аартызаауеит асааҭ 8:00 инаркны 20:00 рҟынӡа.
Выборы в Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.03.2022
Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа-2022
Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа рзы абжьыҭара иалагеит
Аԥсны имҩаԥысуа апарламенттә алхрақәа ирылахәуп 123-ҩык акандидатцәа. 107-ҩык хацәоуп, 26-ҩык - ҳәсоуп.
Бжьаратәла, ҭыԥк азы еиндаҭлоит хҩык акандидатцәа, зегьы иреиҵбу 25 ихыҵуеит, зегьы иреиҳабу - 75.
Алхратә ҭыԥ хадақәа хԥа - 5, 10, 14 рҿы аӡәаӡәа ықәгылоуп.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа ибжьы аиҭеит Очамчыра араион Тамшь ақыҭан иҟоу алхратә ҭыԥ аҿы, иара убас Аԥсны Жәлар Реизара аиҳабы Валери Кәарҷиа Аҟәатәи ажәабатәи ашкол аҟны еиҿкаау алхырҭатә ҭыԥ аҟны ибжьы аиҭеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0