Выборы в Народное Собрание Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920
Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа-2022
Жәлар Реизарахь алхрақәа мҩаԥгахоит хәажәкыра 12 2022 шықәсазы. Апарламентахь иалххоит 35-ҩык адепутатцәа. АКХ аҟны ашәҟәы иҭарыҩхьеит 123-ҩык акандидатцәа, урҭ рахьынтә 107-ҩык хацәоуп, 16-ҩык аҳәса.

Урыстәылатәи анаԥшыҩцәа Аԥсны имҩаԥысуа алхрақәа ахәшьара рырҭеит

© Sputnik / Томас Тхайцук Российские наблюдатели
Российские наблюдатели  - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.03.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент ахь имҩаԥысуа алхрақәа ирылахәуп 123-ҩык акандидатцәа – 107-ҩык ахацәеи 16-ҩык аҳәсеи.
АҞӘА, хәажәкыра 12 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Апарламент ахь алхрақәа даара еиҿкаарыла, Аконституциа иақәшәо имҩаԥысуеит ҳәа рҳәеит Урыстәыла Афедерациатә Хеилак ахаҭарнакцәа.

"Иахьа наԥшыҩцәак рыҳасаб ала алхырҭатә ҭыԥқәа ҳарҭан – Афон ҿыц, Аҟәа. Аԥсны Апарламент ахь алхрақәа даара еиҿкаарыла, Аконституциа иақәшәо имҩаԥысуеит. Ауаа агәахәара рыманы инеиуеит", - ҳәа иҳәеит Урыстәыла Афедерациатә Хеилак ахаҭарнак Виктор Бондарев.

Иара инаҵшьны иазгәеиҭеит алхырҭатә ҭыԥқәа рҿы асанитартә нормақәа ишрықәныҟәо.
"Оумашәа иаабеит ҳахьнеиз аҭыԥқәа рҿы аӡәгьы алхыҩцәеи иалырхуеи рганахьала иарбанызаалак ҽыԥныҳәак ахьрымамыз", - ҳәа азгәеиҭеит Бондарев.
Афедерациатә Хеилак атәылахьчареи ашәарҭадареи реилак ахантәаҩы Александр Ракитин иҳәеит аиҿкаара акыр ишьахәны ишыҟоу.
Андрей Красов - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.03.2022
Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа-2022
Аус рацәа ҟаҵоуп: анаԥшҩы Красов Аԥсны имҩаԥысуа алхрақәа ахәшьара риҭеит
"Сылала избеит ауаа ирҭахны ишнеиуа, ртәылауаҩратә уалԥшьа шынарыгӡо", - иҳәеит иара.
Ахеилак жәларбжьаратәи аилак алахәыла Сергеи Цеков иазгәеиҭеит ауаа активла абжьаҭарахь ишнеиуа.
"Сгәанала, Апарламент ахь алхрақәа еиндаҭдлара бзиала имҩаԥысуеит, уи иалҵшәахоит иара аилазаашьагьы", - иҳәеит иара.
Аԥсны имҩаԥысуа апарламенттә алхрақәа ирылахәуп 123-ҩык акандидатцәа. 107-ҩык хацәоуп, 26-ҩык - ҳәсоуп.
Бжьаратәла, ҭыԥк азы еиндаҭлоит хҩык акандидатцәа, зегьы иреиҵбу 25 ихыҵуеит, зегьы иреиҳабу - 75.
Выборы в Народное Собрание Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.03.2022
Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа-2022
Аԥсны АКХ ахантәаҩы Апарламент ахь абжьыҭаразы ауаа рааишьа шыҟоу иҳәеит
Алхрақәа заанаҵтәи рылҵшәақәа рылаҳәаразы абрифинг мҩаԥгахоит хәажәкыра 13, асааҭ 12:00 рзы АКХ апресс-центр аҿы.
Асиа иануп 130 нызқьҩык алхыҩцәа. Алхратә ҭыԥ хадақәа хԥа - 5, 10, 14 рҿы аӡәаӡәа ықәгылоуп.
Даиааит ҳәа дыԥхьаӡоуп 50% + 1 бжьы зауз акандидат. Ариаҟара бжьы иқәгылаз акандидатцәа рҟынтәи аӡәгьы имоузар, аҩбатәи атур мҩаԥгахоит. Алхрақәа шьақәгылеит ҳәа иазыԥхьаӡоуп абжьыҭиҩцәа рааира 25% артәазар.
Ажәабжьқәа зегьы
0