Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Абзагә Ҵәыџьба Урыстәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа апресс-маӡаныҟәгаҩыс дҟаҵоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукАбзагу Цвижба
Абзагу Цвижба - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.03.2022
Анапаҵаҩра
Абзагә Ҵәыџьба 2020 шықәсазы аиндаҭлара "Аԥсны агәадура" аҟны иаиааиз ахәҩык дыруаӡәкуп.
АҞӘА, хәажәкыра 16 – Sputnik. 2020 шықәсазы аиндаҭлара "Аԥсны агәадура" аҟны иаиааиз ахәҩык ируаӡәку Абзагә Ҵәыџьба Урыстәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа апресс-маӡаныҟәгаҩыс дҟаҵоуп ҳәа аанацҳауеит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзура.
Ҵәыџьба аҵара иҵоит жәлар рынхамҩеи аҳәынҭмаҵзуреи рзы Урыстәылатәи Академиа аспирантураҿ.
Адипломатиатә Хаҭарнакра апресс-маӡаныҟәгаҩ АИХқәа рнырра, ауснагӡатәқәа реиҿкаара, асаит амҩаԥгара уҳәа инапы иануп.
Абзагә Ҵәыџьба 2020 шықәсазы аиндаҭлара "Аԥсны агәадура" аҟны иаиааиз ахәҩык дыруаӡәкуп. Усҟан иара иӡыригеит ихатәы проект - онлаин-рҵага "Аԥсуара" азы. Аԥсны акультура аминистр жәларбжьаратәи аимадарақәа рзы иабжьгаҩыс дыҟан.
Абзагә Ҵәыџьба - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.07.2019
Аԥсуа арратә журналистика аԥеиԥш: аԥсадгьыл аҵеи иаша Абзагә Ҵәыџьба иҭоурых
Ажәабжьқәа зегьы
0