Аԥсуа арратә журналистика аԥеиԥш: аԥсадгьыл аҵеи иаша Абзагә Ҵәыџьба иҭоурых

© Foto / предоставлено Абзагуом ЦвижбаАбзагә Ҵәыџьба
Абзагә Ҵәыџьба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәылатәи Афедерациа Атәылахьчара аминистрра иатәу Арратә Университет Арратә журналистика аҟәша "Аинформациатә еиқәыршәара" акафедра диплом ҟаԥшьыла, алеитенант ичын ихны иалгаз Гагратәи арԥыс Абзагә Ҵәыџьба еиҭеиҳәеит ари азанааҭ алхра игәазырԥхази ԥхьаҟатәи игәҭакқәеи ртәы.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

2014 шықәсазы Гагратәи абжьаратә школ №2 иалгаз, аҭаацәара бзиаӡа ирхылҵыз Абзагә Ҵәыџьба Аԥсны Атәылахьчара аминистрра алшарала дҭалеит Москва иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Атәылахьчара аминистрра иатәу Арратә Университет арратә журналистика аҟәша. Диплом ҟаԥшьыла зҵара хзыркәшаз арратә журналист игәы иҭоуп идыррақәа реизырҳара, иахьа иҽазыҟаиҵоит аспирантура аҭалара.

Абзагә хәышықәса ирылагӡаны аҵараиурҭаҟны ихы бзиаӡаны иааирԥшит. Зегьы еицгәарҭеит ихшыҩ ҵаулеи иааӡара ҳараки.

Уи уамашәа ибатәымзаргьы ҟалап, избанзар иара дызҿыԥшыша диман. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, Леон иорден занашьоу, аполковник ԥхьатәа, иахьа Гагра араион ахада ихаҭыпуаҩыс иҟоу Геннади Ҵәыџьба ҽакала иԥа диааӡарымызт.

"Саныхәыҷыз инаркны бзиа избон ар маҭәа. Саб ишькаԥ аартны срыхәаԥшуан ишәҵатәқәа, имедалқәа. Еснагь сазҿлымҳан ҳтәылаҟны имҩаԥысуаз арратә, аполитикатә, аҭоурыхтә хҭысқәа уҳәа. Убри аҟнытә иныҟәызгон, иахьагьы исымоуп, схатәы азгәаҭарақәа ахьанысҵоз амшынҵа. Аиҳабыратә классқәа рахь саннеи, агәаҳәара соуит Аԥсны Атәылахьчара ахырхарҭаҟны слагала ыҟазарц, иалысхит арратә журналист изанааҭ", - иҳәоит Абзагә.

Абзагә Ҵәыџьба дзылгаз аҵараиурҭаҟны иара иоуп Аԥснынтәи раԥхьаӡа абри азанааҭ зауз. Ҳаԥхьаҟа Урыстәылатәи Афедерациа Атәылахьчара аминистрра иатәу Москва иҟоу Арратә Университет иоунажьуеит даҽа ҩыџьа аԥсуа арратә журналистцәа - Саид Ажьибеи Ерик Гәынбеи.

Абзагә иҵара шықәсқәа ирылагӡаны дахысуан апрактика агазеҭ "Гагрский вестник" аҿы. Раԥхьатәи истатиа иахьӡын "Аԥсны ахьӡ ҳаракызарц". Араҟа астудент иааирԥшит Урыстәыла аҵара ицызҵоз иҩызцәеи иареи иахьынӡарылшоз рыԥсадгьыл ахьӡ шҭыргоз, ишӡырыргоз. Убас ихы ԥишәеит Аԥсны Атәылахьчара аминистрра апресс-маҵзураҟны.

Абзагә Ҵәыџьба иаҳәшьцәа Радицеи Саридеи иареи ишыхәыҷызнатә ашәаҳәареи, акәашареи, жәлар ринструментқәа рарҳәареи ирызҟазоуп. Рҵаҩцәас ирыман Аԥсны Жәлар рартист Оҭар Хәынҵариеи иара убас Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Лев Қьецбеи.

Астуденттә шықәсқәа раан аԥсуа рԥыс аҵараиурҭаҟны еиҿкаахоз акультуратә усхкқәа ихы анрылаирхәуаз, еиуеиԥшым атәылақәа рҟнытә аҵара ицызҵози апрофессорцәеи иршанхахьан ачамгәыри, аԥхьарцеи, аҿарпыни, аҟьаԥҟьаԥи арҳәауа абжьы ссир анырхеиҵоз. Иумҳәарц залшом арҭ жәлар рмузыкатә инструментқәа Абзагә изы инапала ишыҟаиҵаз аҟазара дуӡӡа злоу иаб Геннади Ҵәыџьба.

© Foto / предоставлено Абзагуом ЦвижбаАбзагә Ҵәыџьба иҵарашықәсқәа раан ихы алаирхәуан еиуеиԥшым акультуратә усмҩаԥгатәқәа, ижәлар рдоуҳа ӡырго.
Аԥсуа арратә журналистика аԥеиԥш: аԥсадгьыл аҵеи иаша Абзагә Ҵәыџьба иҭоурых - Sputnik Аҧсны
Абзагә Ҵәыџьба иҵарашықәсқәа раан ихы алаирхәуан еиуеиԥшым акультуратә усмҩаԥгатәқәа, ижәлар рдоуҳа ӡырго.

"Есышықәса "Амилаҭтә культура амш" захьӡу аныҳәа ҳхы алаҳархәуан аԥсуа студентцәа. Уи еиҳагьы ҳаиднакылон, ҳаԥсадгьыл аӡбахә зегьы ираҳанда ҳәа ҳаҟан. Иара убас, Москва еиуеиԥшым ауниверситетқәа рҿы аҵара зҵоз аԥсуа студентцәа акоманда шьақәыргыланы, Кавказ ажәларқәа Урыстәылатәи Рконгресс имҩаԥнагоз арра-спорттә хәмаррақәа ҳрылахәын, изныкымкәа аԥхьахәтә ҭыԥқәагьы аанаҳкылахьан", - еиҭеиҳәоит Абзагә.

© Foto / предоставлено Абзагуом ЦвижбаАбзагә Ҵәыџьба Москва аҵара зҵо иҩызцәа-аԥсуаа рыгәҭа
Аԥсуа арратә журналистика аԥеиԥш: аԥсадгьыл аҵеи иаша Абзагә Ҵәыџьба иҭоурых - Sputnik Аҧсны
Абзагә Ҵәыџьба Москва аҵара зҵо иҩызцәа-аԥсуаа рыгәҭа

Абзагә Ҵәыџьба Аԥсны данацәыхараха, игәаҵаҿы агәхьаагара цәырҵит. Убри иалҵшәахеит аԥсадгьыл ахь ибзиабара зныԥшуа иажәеинраалақәа ҩажәа.

Аԥсуа студент изныкымкәа арҿиаратә еицлабрақәа рҿы иҩымҭақәа ахәшьара ҳаракы роухьан. Аҵыхәтәантәи ашықәс азы, Абзагә аӡбаҩцәа ргәыԥ даланы уажәшьҭа ихала алахәцәа русумҭақәа рыхә ишьон.

Сынтәатәи аушьҭымҭацәа анеиԥырҵуаз, Абзагә иҳәеит аӡәи-аӡәи ажәа шрыбжьарҵаз реиҩызара шыдмырӡуа.

© Foto / предоставлено Абзагуом ЦвижбаАбзагә Ҵәыџьба ирҵаҩцәеи аҵара ицызҵоз аушьҭымҭацәеи рыбжьара
Аԥсуа арратә журналистика аԥеиԥш: аԥсадгьыл аҵеи иаша Абзагә Ҵәыџьба иҭоурых - Sputnik Аҧсны
Абзагә Ҵәыџьба ирҵаҩцәеи аҵара ицызҵоз аушьҭымҭацәеи рыбжьара

"Ҳара аҵара ҳацырҵон аҳәаанырцәтәи атәылақәа рҟнытә астудентцәа рацәаҩӡаны. Хәышықәса рыла дара аԥсуаа ибзианы ҳаилыркааит, ирбеит ауаҩы ҳшизыҟоу. "Мышкызны, ачын дуқәа ҳаур, шәтәыла ахьыԥшымра азхаҳамҵар ҳуӡом" ҳәа ҳарҳәон. Ҳаиҩызара иеиҷаҳауан", - ҳәа агәеиҭоит Абзагә.

Ҳаиҿцәажәара хыркәшуа, "уаԥхьаҟа ухы шԥаубои" ҳәа сзызҵааз арԥыс, "макьана сҵара иацысҵоит, нас аамҭа иаҳнарбап. Аха акаҿы агәра шәсыргоит - сыԥсадгьыл азы схы сшамеигӡо", - ҳәа аҭак ҟаиҵеит аԥсышәала ихәыцуа, убасҵәҟьа иааӡоу, Аԥсны даҵеи лашаны иазгылаз Абзагә Ҵәыџьба.

Ажәабжьқәа зегьы
0