Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Шьалашьаа аекономика ацхрааразы ажәалагалақәа ртәы

Хра злоу ахҭысқәа: Шьалашьаа аекономика ацхрааразы ажәалагалақәа ртәы
Анапаҵаҩра
Азини аекономикеи ринститут аиҳабы, аекономикатә ҭҵаадрадыррақәа рдоктор Заур Шьалашьаа дазааҭгылеит иарбан цхыраароу аԥсуа бизнес азы ихымԥадатәу адунеи аҟны иахьа ишьақәгылаз аекономикатә ҭагылазаашьаҟны.
Аԥыза-министр адҵа ҟаиҵеит абизнес ацхыраара аҭаразы аиҳабыра еиқәдыршәарц ажәалагалақәа. Абри атәы аҳәоит аминистрцәа реилазаара асаит. Атема далацәажәоит азини аекономикеи ринститут аиҳабы аекономикатә ҭҵаадрадыррақәа рдоктор Заур Шьалашьаа.
Раԥхьа иргыланы ацхыраара зҭахыда, иарбан бизнесу иаҳа изныԥшуа ишьақәгылаз ауадаҩрақәа, аекономика иарбан хку анырра зауа, ацхырааразы лшарас иҟоу, ҳекономикаҿы гәыӷырҭас иҳамоу, афатә-ажәтә рыхә ианацло, аинфлиациа, аимадарақәа реиԥҟьара уҳәа – абри аҭагылазаашьа ҳнаплакуаа феида рзалхуама?
Иаҳҳәап, Урыстәыла иҟоуп ус еиԥш агәаанагара, иахьатәи аҭагылазаашьа 1990-тәи ашықәсқәа ианырҿдырԥшуа – усҟангьы иахьагьы ирҳәоит, агәаӷь ахькауршәыз аҽаҩра уоуеит, избанзар ирацәаҩуп Урыстәылантәи ицаз абизнес, урҭ рхаҭыԥан ҳгылароуп ҳәа.
Аицәажәара инарҭбааны хыхь аудиофаил аҟны.
Ажәабжьқәа зегьы
0