Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда, ДЖәРи ЛЖәРи иҟарҵаз аҳәарала. Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаиҵеит.

Путин: урыстәылатәи аруаа Украина аҭынчуааԥсыра реиқәырхаразы ирылшо зегь ҟарҵоит

© Sputnik / Алексей Никольский / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПрезидент РФ В. Путин провел заседание Совета по развитию гражданского общества и правам человека
Президент РФ В. Путин провел заседание Совета по развитию гражданского общества и правам человека - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.03.2022
Анапаҵаҩра
Ахәашаҽны, хәажәкыра 18 рзы, германиатәи аган иҟанаҵаз аҳәарала Урыстәыла ахада Владимир Путини Германиа аканцлер Олаф Шольци ҭелла еицәажәеит.
АҞӘА, хәажәкыра 18 – Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путини Германиа аканцлер Олаф Шольци анеицәажәоз Путин иазгәеиҭеит урыстәылатәи аруаа Украина аҭынчуааԥсыра реиқәырхаразы ирылшо зегь ҟарҵоит ҳәа, абри атәы аанацҳауеит Кремль апресс-маҵзура.
Иазгәаҭоуп, аҩтәылак рхадацәа шеицәажәаз германиатәи аган аҳәарала.

"Украина акәша-мыкәша иҟоу аҭагылазаашьа алацәажәара иацҵоуп... Иазгәаҭоуп, урыстәылатәи Арбџьармчқәа ирылшо зегьы шыҟарҵо аҭынчуааԥсыра ԥырхага рмоурц, уахь иаҵанакуеит агуманитартә мҩақәа раартра. Хәажәкыра 17 рзы имҩаԥгаз агуманитартә операциа иабзоураны Мариуполь иалган 43 нызқьҩык ауааԥсыра", - ҳәа азгәаҭоуп адырраҭараҿы.

Урыстәыла ахада, иара убас, Москвеи Киеви рыбжьара авидеоформат ала имҩаԥгаз аиҿцәажәарақәа ахәшьара аиҭеит.
Президент РФ В. Путин провел заседание Совбеза РФ - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.03.2022
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
"Урыстәыла шыҟоу иаанхарц": Владимир Путин ивидеоконференциа
Иазгәеиҭеит, киевтәи арежим аиҿцәажәарақәа дырххоит, зынагӡара ҟамло ажәалагалақәа ҟаҵо ҳәа.

"Егьа ус иҟазаргьы, урыстәылатәи аган идыру рпринцип знеишьақәа рхы иархәаны амҩақәа рыԥшаара иашьҭоуп", - ҳәа азгәаҭоуп.

Урыстәыла Украина арратә операциа иалагеит жәабран 24 рзы. Ахада Владимир Путин иара иахықәку киевтәи арежим аҟынтәи аашықәса агеноцид иҭагылоу ауааԥсыра рыхьчароуп ҳәа иҳәеит. Уи азы, иажәақәа рыла, "Украина адемилитаризациеи аденацификациеи" мҩаԥгатәуп.
Президент РФ В. Путин провел встречу с членами правительства РФ - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.03.2022
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Путин аоперациа ҷыда Урыстәыла ахыхьчаразы иакзаҵәыкны иҟоуп иҳәеит
Ажәабжьқәа зегьы
0