Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аҭыԥантәи ахаланапхгараҭара аусхк аҟны азакәан аԥсахрақәа аланагалеит Апарламент

© Sputnik / Асмат Цвижба Заседание Парламента РА
Заседание Парламента РА  - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.03.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсахрахь иаҵанакуеит аҭыԥантәи ахадацәа, ахадара аҟәшақәа рнапхгаҩцәа рмаҵзураҿы рыҟазаара аамҭеи урҭ ркандидатурақәа рзы аиқәшаҳаҭрақәеи.
АҞӘА, хәажәкыра 21 – Sputnik. Аԥсны Жәлар Реизара адепутатцәа аҭыԥантәи ахаланапхгараҭара аусхк аҟны азакәанԥҵаратә актқәак рахь аԥсахрақәа аларгалеит.
Аҳәынҭқарра-зинтә политиказ аилак ахантәаҩы Валери Агрба иажәақәа рыла, "Аҭыԥантәи ахаланапхгараҭара аусхк аҟны Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәанԥҵаратә актқәак рахь аԥсахрақәа раларгаларазы" азакәан апроект азырхоуп ари асистемаҿ амаҵзуратә хаҿқәа раҭареи уи азы аиқәшаҳаҭреи рпроцедура аиӷьтәра.
Аԥсахрақәа ирыҵаркуеит ачынуаа ақалақь, араион рнапхгаҩы инапынҵақәа назыгӡо истатус ала рыҿҳәара аԥсахра. Анормақәа инарықәыршәаны, уи хымз еиҳамзароуп.
Аҭыԥантәи ахаланапхгараҭара аусбарҭақәа реинырра аизырҳареи анапхгаҩцәа рҭакԥхықәра аизырҳареи ахықәказы азакәан аҳәаақәа ирҭагӡаны ақалақь, араион рхадарақәа рыҟәшақәа рнапхгаҩцәа ркандидатурақәагьы еиқәшаҳаҭрала ишьақәырӷәӷәалатәуп.
Правительство Абхазии утвердило проект республиканского бюджета на 2022 год - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.03.2022
Аԥсны
Адепутатцәа актәи аԥхьарала Аԥсны Аџьатә Закәанеидкылахь аԥсахрақәа шьақәдырӷәӷәеит
Азакәан апроект иалхын апункт аҭыԥантәи ахаланапхгараҭара аусбарҭақәа ррезервтә фонд аԥҵаразы. Уи азырхан атәылауаа русура аиҿкааразы аматериалтә ҵәахрақәа, ауааԥсыра рхарџьқәа рхарҭәаара, хаҭала абзазаратә зҵаарақәа рыӡбара.
"Аҭыԥантәи ахаланапхгараҭара аусхк аҟны Аԥсны Аҳәынҭқарра закәанԥҵаратә актқәак рахь аԥсахрақәа раларгаларазы" азакәан ахԥатәи аҵыхәтәантәи аԥхьарала ирыдкылоуп.
Заседание Парламента РА  - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.03.2022
Аԥсны
Аԥсны Апарламент Аграждантә закәанеидкыла аԥсахрақәа аланагалеит
Ажәабжьқәа зегьы
0