Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аминистрцәа реилазаара 2021 шықәсазтәи абиуџьетнҭыҵтә фондқәа рбиуџьетқәа шьақәнарӷәӷәеит

© Sputnik / Томас ТхайцукЗаседание
Заседание  - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.03.2022
Анапаҵаҩра
Аминистрцәа реилазаара 2021 шықәсазтәи абиуџьетнҭыҵтә фондқәа – амҩатә, атәанчахәытә, Аџьынџьтәылатә еибашьра аинвалидцәа, ихымԥадатәиу амедицинатә ԥгаԥсатә, аԥсадгьыл ахь ахынҳәра - рбиуџьетқәа шьақәнарӷәӷәеит.
АҞӘА, хәажәкыра 24 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аминистрцәа реилазаара 2021 шықәсазтәи абиуџьетнҭыҵтәи афондқәа рбиуџьетқәа шьақәнарӷәӷәеит хәажәкыра 24 азы имҩаԥысыз аилатәараҟны.
Амҩатә фонд абиуџьет алагалатә хәҭа 117 миллиони 204 нызқьмааҭ рыла инагӡоуп, аныхратә хәҭала– 127 миллиони 198 нызқьмааҭ, ацәынха - 12 миллиони 833 нызқьмааҭ.
Атәанчахәытә фонд абиуџьет алагалатә хәҭа миллиардки 211 миллиони 138 нызқьмааҭ рыла инагӡоуп, аныхратә хәҭала –миллиардки 215 миллиони 907 нызқьмааҭ, ацәынха - 17миллиони 118 нызқьмааҭ.
Кабинет Министров Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.03.2022
Аԥсны
Аминистрцәа реилазаара 2021 шықәсазы ареспубликатә биуџьет анагӡара аднакылеит
Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа рфонд абиуџьет алагалатә хәҭа 142 миллион рыла инагӡоуп, аныхратә хәҭала –140 миллиони 559 нызқьмааҭ, ацәынха – 16 миллиони 429 нызқьмааҭ.
Ихымԥадатәиу амедицинатә ԥгаԥсатә фонд абиуџьет алагалатә хәҭа 43 миллиони 958 нызқьи рыла инагӡоуп, аныхратә хәҭала –41 миллиони 973 нызқьмааҭ, ацәынха – 2 миллионки 739 нызқьмааҭ.
Асоциалтә ԥгаԥса афонд абиуџьет алагалатә хәҭа 119 миллион рыла инагӡоуп, аныхратә хәҭала –111 миллиони 926 нызқьмааҭ, ацәынха – 13 миллиони 775 нызқьмааҭ. Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы афонд абиуџьет алагалатә хәҭа 183 миллиони 506 нызқьмааҭи рыла инагӡоуп, аныхратә хәҭала –151 миллиони 92 нызқьмааҭ, ацәынха – 117 миллиони 92 нызқьмааҭ.
Ажәабжьқәа зегьы
0