Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа хадаҿы акоронавирус змаз ҩыџьа рыԥсҭазаара иалҵит

© Sputnik / Томас ТхайцукГудаутская ЦРБ
Гудаутская ЦРБ - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.03.2022
Анапаҵаҩра
Аепидемиа ҵысижьҭеи Аԥсны аҿкчымазара зыхьхьоу ауаа рхыԥхьаӡара 53 294-ҩык рҟынӡа инаӡеит, ргәы бзиахахьеит 49 322-ҩык ауааԥсыра, рыԥсҭазаара иалҵхьеит 678-ҩык.
АҞӘА, хәажәкыра 24 - Sputnik. Уахыки-ҽнаки рыла Аԥсны ауааԥсыра COVID -19 азы атестқәа арҭеит 123-ҩык, урҭ рахьтә 31-ҩык аҿкчымазара шрымаз аадырԥшит ҳәа аанацҳауеит ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа хадаҿы ҩыџьа рыԥсҭазаара иалҵит, 85 шықәса зхыҵуаз аԥҳәыси ахаҵеи.

Ари аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 25-ҩык, рҭагылазаашьа бааԥсуп хәҩык, ибжьаратәуп 20-ҩык. Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы ирхәшәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 13-ҩык, урҭ рахьтә ԥшьҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәшәтәуеит фҩык, Гагратәи ахәшәтәырҭаҿы - ԥшьҩык, Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭаҿы хәҩык ачымазцәа шьҭоуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0